АҞӘА, цәыббра 7 – Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. 1929 шықәса цәыббра 6-8 рзы Аԥсны даҭааит аурыс шәҟәыҩҩы Алексеи Максим-иԥа Пешков (Максим Горьки).
1929 шықәса цәыббра 6 рзы ашәҟәыҩҩы Шәача дааит, уахьынтәи Аԥсны жәлар ркомиссарцәа рхеилак ахантәаҩы Нестор Лакоба дицны Аԥсныҟа рхы дырхеит ҳәа еиҭеиҳәоит Вианор Ԥачлиа ишәҟәы "Аурыс шәҟәыҩҩцәа Аԥсны" аҟны.
Гагра Горьки аԥсшьаҩцәеи ақалақь ауаажәларреи дрыҿцәажәеит, Аҟәаҟа данаауаз амҩан даҭааит Афон Ҿыцтәи асовнхара. Цәыббра 7 рзы Аԥсны ЦИК ахантәаҩы, еицырдыруаз аԥсуа шәҟәыҩҩы Самсон Ҷанбеи агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" аредактор Мушьни Ҳашбеи ицны Аҟәа дааит.
Ашәҟәыҩҩы Ԥачлиа Горькии Нестор Лакобеи, аԥсуа культура аусзуҩцәеи, акомпозитор Константин Ковачи реиԥылара атәы инарҭбааны иҩуеит.
Горьки аинтерес кны Ковач диазҵаауан Аԥсны иусуразы.
"Нас иара дсызҵааит: "Шәара шәхаҭа урҭ ашәақәа шәҳәо?" ҳәа. "Ааи, аанагӡаҩ ибжьы инаркны ашәа сагәыланахароуп. Фанографда ииашаны акы аҭаҩра цәгьоуп" — "Афанограф аҟамзаара уадаҩым дара ашәақәа рхаҭа шәара ишәызҳәозар. Хаҭала урҭ нагӡо шәара ишәылшәыршоит ашәа аҟазшьеи, иара зтәу ажәлар рдоуҳаи иныҭкааны аилкаара", ҳәа еиҭеиҳәоит Ԥачлиа ишәҟәаҟны.
Усҟантәи аамҭақәа рзы Горьки еицырдыруа шәҟәыҩҩны дҟалахьан. Аԥсны иара ҳаҭыр дула дрыдыркылеит. Иареи ицыз иԥеи иҭацеи апитомник аҟны хаҭала имҩақәиҵон амаамынқәа рпитомник аинструктор Смирнов. Цәыббра 8 рзы Горьки Аҟәантәи дандәықәлоз, дахьыԥхьоз асасааирҭа "Риҵа" аҿаԥхьа ажәлар еизаны днаскьаргон ҳәа еиҭеиҳәоит Ԥачлиа.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит Горькии, Лакобеи, Ковачи Аԥсны араионқәа рахьгьы ишцаз. Хаҭала ашәҟәыҩҩы даҭааит Аӡҩыбжьатәи ахәышәтәырҭа ҿыц. Убри аамҭазы уа ииз аԥшқа иҭаацәа Максим ихьӡырҵеит ашәҟәыҩҩы иаҳаҭыр азы.
Очамчыратәи араионтә центр аҟны ашәҟәыҩҩы ицыз иареи уаххьа ҳәа инеиԥхьеит Очамчыратәи араионтә анагӡаратә еилакы ахантәаҩы Дмитри Габуниа.
"Ауаа рацәан. Платон Ԥанцулаиа напхгара зиҭоз ахор инанагӡон аԥсуа ашәа "Шьардаамҭеи" ақырҭуа ашәа "Мравалжамиери" иара убасгьы егьырҭ ашәақәа рацәаны. Инарыгӡеит иара убасгьы аурыс ашәа "Сара сахьыҟазаалакгьы, сахьнанагазаалакгьы" азгәеиҭоит Ԥачлиа.
Аԥснынтәи иара Қырҭтәылаҟа дцеит, уахьынтәи — Италиаҟа ԥсшьара ҳәа.
Иара еиҭеиҳәон Аԥсны дшыҷкәынӡаз бзиа ишибаз, аԥсуа шәҟәыҩҩцәагьы рырҿиара илаԥш шахыз.
Акыр шықәсқәа рышьҭахь иара Аԥсны аҟазара аусзуҩцәа ашәҟәы рзааишьҭит аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә поезиа аҭҵаара нап адыркырц.
1933 шықәса рзы Горьки иҩуан: "Еизыжәгала, ианышәҵала аԥсуа шәақәа, алакәқәа, алегендақәа… уи Аԥсны аҭоурых жәпаҩык иднардыруеит".
Уаанӡа, октиабртәи ареволиуциа ҟалаанӡа, Максим Горьки изныкымкәа Аԥсны даҭаахьан. Раԥхьаӡа акәны дааит 1892 шықәса рзы. Далахәын амҩаду Новороссииск-Баҭым аргылара. Абраҟоуп иахьиҩыз иажәабжьқәа "Калини", "Ауаҩы иира".
1886, 1903 шықәсқәа рызгьы Горьки Аԥсны (Гагра) дыҟан, аха апролетартә шәҟәыҩҩы хымш рыла Аԥсны далыргеит аполициа.