Акциа "Адунеитә кино аҵх" Аԥсны имҩаԥысуеит

© Sputnik Томас ТхайцукКинопоказ в "Волне".
Кинопоказ в Волне. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Астратегиатә сессиа "Аԥсны акультура: Актуалыртәреи аиқәырхареи" аҳәаақәа ирҭагӡаны цәыббра 9 рзы иалагоит акциа "Адунеитә кино аҵх".

АҞӘА, цәыббра 9 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Астратегиатә сессиа "Аԥсны акультура: Актуалыртәреи аиқәырхареи" аҳәаақәа ирҭагӡаны цәыббра 9 рзы ақалақьуааи Аԥсны асасцәеи ирыдгалахоит акциа "Адунеитә кино аҵх" ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭқарра акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра.

Апрограмма хацыркхоит 2015 шықәса цәыббра 9, асааҭ 19:00 рзы аҳәынҭқарратәи, ауаажәларратәи, ахазхатәи ҭыԥқәа 6 рҟны. Идырбахоит адунеитә зхаҵара зауз 4 инадыркны 6 рҟынӡа фильм.

"Афильмқәа жәпакы ҳхәыҷаахыс иаадыруеит, иҟоуп ҿырҳәала иаҳдыруагьы. Акино иахьазы амассатә ҟазара адагьы ауниверсал бызшәа зманы иҟоу, амилаҭреи аҭыԥи ирхьыԥшым ҟазароуп" ҳәа азгәаҭоуп аминистрра аацҳамҭаҟны.

Акультуратә ҭыԥ "ВОЛНА" аиҿкааҩ Наста Агрба илҳәеит еицырдыруа афильмқәа рнаҩсгьы араҟа иддырбараны ишыҟоу зметраж кьаҿу аԥсуа студентцәа-кинематографистцәа рфильмқәа.

"Ҳара ҳаигәырӷьан ҳалахәуп акультуратә сессиа. Ҳара даара иаҳҭахуп Аԥснытәи аҿар зхаҭара бзиоу акино бзиа ирбаларц, рхатә фильмқәа раԥҵара ргәаҳәо иҟаларц, акино аҟазара аганахьала аҵара роурц. Еицырдыруа афильмқәа рыдагьы идҳарбараны иҟоуп зметраж кьаҿу аԥсуа студентцәа-акиномотаграфистцәа Амра Начҟьабиаԥҳа, Илона Хәарҵкьиаԥҳа, Ҭимур Кәакәасқьыр, Ҭимур Ҭаниа рфильмқәа", — лҳәеит Агрԥҳа.

Кясоу Хагба. - Sputnik Аҧсны
Кьасоу Ҳагба: Аԥсны – аҩбатәи Голливуд ауп

Абри аганахьала ргәаанагара ҳацеиҩыршеит арежиссиорцәа ҿарацәагьы.

"Адунеитә кинемотографиа аҽадхалара ахаангьы имыцхәны ишьамызт. Ҳара ҳзы иара убасгьы Аԥснытәи акинемотографиа зегь азы ари акциа акыр хра аманы иҟоуп. Адунеитә классика уҩызцәа рыгәҭа утәаны ахәаԥшра гәахәара дууп", — ҳәа азгәеиҭеит Дауҭ Логәуа.

Аԥсны иқәынхо ауааԥсыреи асасцәеи ирылшоит арҭ афильмқәа ирыхәаԥшуа раамҭа бзианы ирхыргар: Аҟәа – ажәҩан аҵаҟа иаарту акинотеатр "ВОЛНА", Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы Аилак Ацәыргақәҵатә зал хада, Очамчыратәи аҿар Рцентр "GUENOS", Гәдоуҭа Акультура ахан, Пицундеи ақыҭа Лӡааи рыҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0