Никитченко: џьиԥ-триал азы аиндаҭлара амҩаԥгаразы амҩақәа азырхиоуп

Никитченко: џьиԥ-триал азы аиндаҭлара мҩаԥгахарц амҩақәа азырхиоуп
Никитченко: џьиԥ-триал азы аиндаҭлара мҩаԥгахарц амҩақәа азырхиоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Џьиԥ-триал азы автомашьынатә еиндаҭлара Аҟәа араион иатәу Гәыма ақыҭан имҩаԥысуеит цәыббра 11-12 рзы. Автоеиндаҭларақәа рзы амҩақәа ҩба азырхиоуп.

АҞӘА, цәыббра 9 — Sputnik, Роберт Џьапуа. Аҟәа араион иатәу Гәыма ақыҭан цәыббра 11-12 рзы имҩаԥысраны иҟоу џьиԥ-триал азы иаарту автомобилтә еиндаҭларақәа "Гәыма-2015" рзы амҩақәа азырхиоуп ҳәа ҳкорреспондент изеиҭеиҳәеит автоклуб "Аиааира" алахәыла Сергеи Никитченко.

"Амҩа азыҟаҵара ахыркәшара рацәак агым. Ҳара амашьынақәа заанаҵтәи рныҟәара ԥаҳшәеит. Амҩа 90 процент иазыҟаҵоуп ҳәа иаҳшьоит", — иҳәеит Никитченко.

Сергеи Никитченко иажәақәа рыла аиндаҭларазы иазырхиахоит амҩақәа ҩба. Автоеиндаҭлара еихшоит ҩ-категориакны: 33 диуим змои уи инеиҳауи абарбалқәа зҵоу автомашьынақәа ҳәа. Еицдәықәлалоит аамҭакала амашьынақәа ҩба. Иара иазгәеиҭеит макьаназы алахәылацәа рхыԥхьаӡара иныҭкааны ишдырым.

"Ишаадыруа ала, Урыстәылантәи иаараны иҟоуп аекипажқәа 10, араҟа, аҭыԥантәиқәагьы 20 рҟынӡа ҟалашт. Сгәы иаанагоит аиндаҭлара иалахәхап ҳәа 30 рҟынӡа машьына", — азгәеиҭеит Никитченко.

Арегламент инақәыршәаны аиндаҭларақәа ирылагоит ахәаша, цәыббра 11. Актәи амш азы алахәылацәа рҭаҩра мҩаԥгахоит, аиндаҭларақәагьы аныҳәатә ҟазшьа рыҭаны иаартхоит. Абазатә лагер Каман иҟалоит. Аҩбатәи амш азы (цәыббра 12) Гәыма ақыҭан аиндаҭлара хаҭақәа мҩаԥысуеит. Актәи амашьына асааҭ 10 рзы иҵҟьоит.

Никитченко иазгәеиҭеит аусмҩаԥгатә ишалахәхо Аԥсни Урыстәылеи рҟынтәи авто абзиабаҩцәа.

Џьиԥ-триал азы аиндаҭларақәа раԥхьаӡа акәны Аԥсны имҩаԥысуеит

Автоеиндаҭлара еихшоит ҩ-категориакны: 33 диуим змои уи инеиҳауи абарбалқәа зҵоу автомашьынақәа ҳәа.

Аиндаҭларақәа еиҿыркаауеит автоклуб "Аиааира", абаҩарҵәыреи аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилакы, Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы Аилак, автомобилтә еилазаара "Джиперы Сочи".

Информациатә партниорк иаҳасабала иқәгылоит аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны. Иара аиндаҭларақәа рымҩаԥысшьа атәы еиҭанаҳәалоит.

Џьиԥ-триал аиндаҭларақәа мҩаԥысуеит аԥынгылақәа ахьыҟоу аҭыԥқәа рҟны. Аиндаҭлара иахықәкуп аамҭа маҷ иалагӡаны иазылху амҩа ахысра.

Ажәабжьқәа зегьы
0