Леуард Барцыц: ҳара ҳахьынхо адгьылҵысрашәара иаҵанакуеит

© Фото : Екатерина Чеснокова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКавказ. Архивное фото.
Кавказ. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҵакырадгьыл ыҟоуп агеосинсклиналтә зонаҟны, араҟа еиуеиԥшым агеологиатә процессқәа иааиԥмырҟьаӡакәа имҩаԥысуеит; арахь иаҵанакуеит авулканқәа, адгьылҵысрақәа, ашьхеизҳарақәа ҳәа азгәеиҭеит Леуард Барцыц.

АҞӘА, цәыббра 15, Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Аԥсны аҵакырадгьыл ыҟоуп агеосинсклиналтә зонаҟны, араҟа еиуеиԥшым агеологиатә процессқәа иааиԥмырҟьаӡакәа имҩаԥысуеит; арахь иаҵанакуеит авулканқәа, адгьылҵысрақәа, ашьхеизҳарақәа ҳәа ҳкорреспондент илзеиҭеиҳәеит ареспублика агидрометеомаҵзура аиҳабы, Аԥснытәи агеографиатә еилазаара апрезидент Леуард Барцыц.

Ҟрым, Карпаты, Кавказ, Гималаи ахьышьҭоу ацәаҳәала ашьхаеизырҳара зырҿио аплита дуқәа ҩба реихысырҭа ҭыԥуп иҳәеит аҵарауаҩ.

"Ҳара ҳахьынхо адгьылҵысра лассы-лассы иахьыҟало аҭыԥқәа рахь иаҵанакуеит. Уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны имҩаԥысуеит жәаба –жәохә рҟынӡа дгьылҵысра. Урҭ зегьы рымчра ахьдуум инадҳәаланы ҳара иаҳныруам", —  ҳәа азгәеиҭеит Барцыц.

Кавказтәи ашьхақәа иахьатәи рҭагылазаашьа роуит ҩ-миллион шықәса раԥхьа, иааидкыланы дара 65 миллион шықәса рҟынӡа рхыҵуеит ҳәа иазыԥхьаӡоуп. Апланетазы ари қәра дуум ҳәа азгәеиҭеит Барцыц. Агеологиа ишаԥхьаӡо ала Кавказтәи ашьхақәа иҿоу ашьхақәа ирхыԥхьаӡалоуп, макьанагьы рышьақәтәара апроцесс цоит иҳәеит иара.

Леуард Барцыц: адгьылҵысра ашьхарахь еиҳа иуныруан

"Есышықәса ҳашьхақәа 5-6 сантиметра ирызҳауеит, амшын аҟәара акәзар – 10-12 миллиметра илаҟәуеит. Ари рацәоуп. Иуҳәар ауеит Амшын Еиқәа аԥшаҳәа аӡы, аӡааҟәрылара иаҿуп ҳәа. Аплитақәа анеихьысуа ирхылҵуа аенергиа аҽеизнакуеит, нас уи ҳара иаҳныруеит дгьылҵысрала. Кавказ еилашуеит, ара ирацәоуп адгьылаҵатәи аӡыршқәа. Урҭгьы аенергиа иахылҵуеит", — ҳәа азгәеиҭеит Барцыц.

Иҟоуп агәаанагара Ельбрус вулкануп ҳәа, иара ахәылҟьарагьы мышкызны имҩаԥысышт ҳәа, азгәеиҭеит иара.

Аԥсны аҭоурых аҟны зегь иреиҳаз адгьылҵысра ҟалеит 1668 шықәса рзы. Иара аепицентр Даӷьысҭан иҟан. Аҭоурых аҟны уи иарбоуп Шамахантәи адгьылҵысра ҳәа, иҳәеит Барцыц.

"Усҟан, Даӷьысҭан имҩаԥысыз, жә-баллк змаз адгьылҵысра иахҟьаны хышә-нызьҩык рҟынӡа ауаа ҭахеит. Ҳара иҭаҳҵааит Ауадҳаратәи адгьылкаршәрақәа рҟны ашьхатә жәлақәа рԥыҽҽырҭақәа, иагьеилаҳкааит урҭ Шамахантәи адгьылҵысраан ишыҟалаз. Сара исҳәар сылшоит аӡиа Риҵагьы убысҟан шакәу ианыҟалаз", — азгәеиҭеит Барцыц.

Сейсмограф. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Аҟәа 3,5 балл амчхара змаз адгьылҵысра ҟалеит

Иара иажәақәа рыла, иҟоуп ҳаамҭазтәи ахсаала – адгьылҵысрашәарҭақәа ахьыҟоу азонақәа азырбо, ҷыдала анџьныртә ргыларақәа рыпроектқәа шьақәзыргыло рыцхырааразы. Аргылараан иазыԥхьагәаҭатәуп иарбнызаалак аҷыдарақәа, ахыбра иачҳауазароуп жә-баллк иҟоу адгьылҵысра, аха Аԥсны иҟам арҭ азҵаарақәа аус рыдызуло анаука-ҭҵааратә институт мамзаргьы базак ҳәа азгәеиҭеит Барцыц. Убас ала аргылаҩцәа арҭ ихымԥадатәиу адҵақәа ирықәныҟәо, ирықәымныҟәо атәы аҳәара уадаҩуп, ҳәа ациҵеит иара.

Иара убасгьы иҳәеит ҳтәылаҿы асеисмостанциагьы шыҟам.

"Аԥсны асеисмостанциа ахьыҟам џьаушьартә иҟоуп. Ҳара абра ҳанхоит иара убри аамҭаз акгьы ҭаҳҵаауам. Иҳамам иҷыдоу алабораториақәа, адгьыл аҭагылазаашьа ҭызҵаауа ашьақәгылақәа. Атәылаҟны хымԥада акәны ирҿиалатәуп агеографиатә ҭҵаарадырра", — иҳәеит Барцыц.

Атектоникатә плитақәа рынеиҭаҵ-ааиҭаҵра аҭҵаара иалагеижьҭеи рацәак ҵуам. Америкатәи аҟазацәа абри азҵаараҟны зегь раасҭа аԥыжәара рымоуп, аха ус шакәугьы адгьылҵысра аҟалара азыԥхьагәаҭара иахьа уажәраанӡагьы аӡәгьы илшом — иҳәеит иара.

Ажәабжьқәа зегьы
0