Кәырбан-ныҳәа Аԥсны иазгәарҭоит цәыббра 24 рзы

© Sputnik / Томас ТхайцукСухумская мечеть
Сухумская мечеть - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аԥсылманцәа Иаку рдоуҳатә напхгара ахантәаҩы Салих Кәарацхьелиа иажәақәа рыла, аԥсылманцәа аԥшьаша, цәыббра 24 рзы иазгәарҭоит Кәырбан-Баирам ныҳәа (Ид аль-Адҳа).

АҞӘА, ԥхынгәы 18 — Sputnik. Анжелика Бениаԥҳа. Аԥсны Иаку аԥсылманцәа рдоуҳатә напхгара ахантәаҩы Салих Кәарацхьелиа иажәақәа рыла Аԥснытәи аԥсылманцәа аԥшьаша, цәыббра 24 рзы иазгәарҭоит Кәырбан-Баирам (Ид аль-Адҳа) – аҳаџь ахыркәшара амш.

Кәарацхьелиа иажәақәа рыла, аныҳәа Кәырбан-Баирам азгәарҭоит зуль-хиджа амза а-10-тәи амш аҽны (аԥсылманцәа рымзар ала а-12-тәи амза).

"Кәырбан-Баирам мамзаргьы Ид аль-Адҳа аԥсылманцәа ирныҳәоуп, аҳаџьныҟәара хнаркәшоит. Аҳаџь аԥсылманра ахәбатәи ашьаҭоуп. Кәырбан-Баирам аныҳәа акәзар зуль-хиджа амза а-10-тәи амш (аԥсылманцәа рымзар ала а-12-тәи амза) ауп иаанаго", — иҳәеит Кәарацхьелиа.

Кәырбан-Баирам аныҳәа шымҩаԥырго атәы еиҭаҳәо Кәарацхьелиа иазгәеиҭеит иара ҵакыс иамоу.

500-ҩык инареиҳаны аԥсылманцәа аџьаамахьы анамаз акра инеит

"Кәырбан-ныҳәа аԥсылман ныҳәа дуқәа ҩба ируакуп. Аԥсылманраҿы иҟоуп есышықәсатәи аныҳәа дуқәа ҩбеи, есмчыбжьатәи ныҳәаки – ахәаша. Ахәаша ихнаркәшоит амчыбжь зегьы адинхаҵаҩцәа рыматанеира хыркәшаны аџьаамахьы ахәашатәи аматанеира амҩаԥгаразы рнеира", — иҳәеит иара.

Кәарацхьелиа еиҭеиҳәеит аԥсылманра иамоу ашьаҭақәа хәба ртәы.

"Ураза-Баирам аныҳәа аанеиԥш уажәгьы аурычра ҳаҵан, убри ашьҭахь иазгәаҳҭоит аныҳәа, хыхь иҟоу ҳҽазышәарақәа ибоит ҳәа агәыӷра ҳаманы. Ҳара иҟаҳҵогьы аҳаџь иаҵанакуеит. Ишаадыруеиԥш, аԥсылманра ашьаҭақәа хәба амоуп: Муҳаммед иазхаҵареи иаку анцәа имҵаныҳәареи; есҽнытәи хәынтәтәи аматанеира (анамаз); Рамадан мза (ураза) аан ачгара; арыцҳацәа рзы адинтә баџьи; Меккаҟа аныҟәареи (аҳаџь)", — иҳәеит Кәарацхьелиа.

Иара иазгәеиҭеит зегь зымчу идҵала дарбанызаалак аԥсылман иԥсҭазаараҟны знык акәзаргьы ари аныҟәара мҩаԥигароуп ҳәа.

"Арҭ ақьабызқәа зегьы ҭоурыхуп. Адинхаҵаҩы изы аҵак ду рымоуп. Ауаҩы абри адунеи аҟны иҟазаара даздырхәыцуеит", — иҳәеит Кәарацхьелиа.

Иара иажәақәа рыла, аԥсылманцәа зегьы ирымам аҭагылазаашьа Мекка ацаразы. Аныҳәа Кәырбан-Баирам аҽны Аԥснытәи аԥсылманцәа акәырбан ҟарҵоит.

"Аԥсуа ԥсылманцәа Кәырбан-Баирам аҽны, аныҳәара ашьҭахь акәырбан ҟаҵаны аԥсаҭатәқәа ршьуеит. Традициала ишаԥу еиԥш, афара-чареи агәырӷьареи ауацәеи, аҩызцәеи, агәылацәеи ирыцеиҩыршоит. Убри аан урҭ аҽа динк иаҵанакуазаргьы ауеит. Зегь реиҳа ихадароу амла иакуеи арыцҳацәеи аганахь равамыжьроуп" — иҳәеит иара.

Кәарацхьелиа иажәақәа рыла, аныҳәа аҽны зегь акрырҿарҵоит, еиҳаракгьы ананамгацәа. Аныҳәа аҽны, Аԥсны Иаку аԥсылманцәа рдоуҳатә напхгара ахантәаҩы Салих Кәарацхьелиа иажәақәа рыла, 50 рҟынӡа ԥсаҭатә ршьраны иҟоуп.

"Зны-зынла аԥара нарышьҭуеит, иназышьҭыз ихьӡала аԥсаҭатә ажьы арыцҳацәеи ананамгацәеи ирзыршарц. Ҭырқәтәыла иҟоуп афондқәа абри аус знапы иану. Урҭ арахь, Аԥсныҟагьы иаҳзаарышьҭуеит афатә-ажәтә. Сынтәа 50 рҟынӡа ԥсаҭатә ҳшьраны иҟоуп.

Салих Кәарацхьелиа адырра ҟаиҵеит, цәыббра 24 рзы ахәыҷқәа зегьы рзы апарк "Алакә" аҟны ишеиҿкаахо аныҳәатә программа, ишыҟало хәыда-ԥсада аттракционқәа, изҭаху ирыҭахоит афатә.

Ажәабжьқәа зегьы
0