Русҭам Минниханов Владислав Арӡынба Имемориал даҭааит

© Sputnik Томас ТхайцукМинниханов Арӡынба имемориал даҭааит
Минниханов Арӡынба имемориал даҭааит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ареспублика Ҭаҭарсҭан ахада Русҭам Минниханов даҭааит Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба анышә дахьамадоу Алада Ешыра игылоу Амемориал.

АҞӘА, жьҭаара 1 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Жьҭаара 1, аԥшьашаҽны, Ареспублика Ҭаҭарсҭан ахада Русҭам Минниханов раԥхьаӡа акәны официалтә визитла Аԥсны даҭааит. Авизит хацыркхеит Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба анышә дахьамадоу Алада Ешыра игылоу Амемориал аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵарала.

Русҭам Минниханов официалтә визитла Аԥсны даҭааит

Ҭаҭарсҭантәи аделегациа иалахәуп 24-ҩык, урҭ рыбжьара иҟоуп: Урыстәыла аҳәынҭқарратә Дума адепутат Фатых Сибагатуллин, Ареспублика Ҭаҭарсҭан Аекономика аминистр Артиом Здунов, Атуризм азы Аилак аиҳабы Сергеи Иванов.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны Минниханови Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи еиԥылараны иҟоуп. Иара убасгьы иазыԥхьагәаҭоуп Минниханови Аԥсны анапхгареи реиԥылара.

Ҭаҭарсҭан Апрезидент хаҭала дырҭаараны дыҟоуп Аҟәатәи ахштә зауади Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭан иҟоу арԥхарҭатә нхамҩаеи.

Апрограммаҟны иара убасгьы иазыԥхьагәаҭоуп Очамчыра араион ахаԥраара, амшынтә баӷәазеи, араион анхамҩатә ҭыԥқәеи иара убасгьы Тҟәарчалтәи азауадқәа "Зариеи" "Аргонавти" рҭаара.

Аԥсны ахада усутә визитла Ҭаҭарсҭан дыҟоуп

Минниханов изы ари авизит раԥхьатәиуп. Уаанӡа, 2015 шықәса ԥхынгәымзазы Рауль Ҳаџьымба хадас дызмаз Аԥснытәи аделегациа Казань официалтә визитла иҟан.

Владислав Арӡынба – Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи Ахада. Аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аԥхьагылаҩ. 1992-1993 шш. рзы ареспублика арратә мчрақәа ркомандаҟаҵаҩ хадас дыҟан. 1994 шықәса рзы Аԥсны Ахадас далхын.

2010 шықәса, хәажәкыра 4 рзы, 65 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит. Анышә дамадоуп иқыҭа гәакьа Ешыра, иҭахаз Гәымсҭатәи афронт аибашьцәа рывараҿ.

Ажәабжьқәа зегьы
0