Арӡынба: агәаҭара ззаҳуз анаплакқәа русура хра аманы иҟам

© Sputnik Томас ТхайцукАдгәыр Арӡынба
Адгәыр Арӡынба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аекономика аминистрра иаҵанакуа анаплакқәа 24 ргәаҭара мҩаԥысит аибашьра ашьҭахь раԥхьаӡа акәны. Агәаҭара ззыруз анаплакқәа зегьы хра рыманы иҟоуп ҳәа узрызҳәом иҳәеит аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба.

АҞӘА, жьҭаара 14 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахылаԥшратә палата Аекономика аминистрра иаҵанакуа анаплакқәа 24 ргәаҭара инарҭбааны имҩаԥнагеит. Абри атәы иҳәеит аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба.

Аекономика аминистрра иаҵанакуа анаплакқәа 24 ргәаҭара мҩаԥысит аибашьра ашьҭахь раԥхьаӡа акәны.

"Аҳәынҭқарратә наплакқәа еиҳа хра рыманы аус руларц азы дара русура активла ҳхы алаҳархәлароуп. Абарҭ ахықәкқәа рзы раԥхьаӡа акәны Аекономика аминистрра аилазаараҟны иаԥҵоуп аҵаҟәша ҿыц – Аҳәынҭқарратә наплакқәа русура акоординациа рзуразы Аусбарҭа. Иара аусзуҩцәа абарҭ азҵаарақәа хылаԥшра рырҭалоит", — иҳәеит Арӡынба.

Аревизиа иаанарԥшит агәаҭара иахысыз анаплакқәа 24 рахьтә акгьы хра аманы аус шамуа ҳәа азгәеиҭеит аминистр.

"Арҭ анаплакқәа зегьы абизнес аганахьала урызнеиуазар, хра рыманы аус руӡом. Азауадқәа "Зариеи" "Аргонавти" аибашьраан ааха ӷәӷәа роуит. Урҭ рҟынтәи ахашәала аиура аӡбахә уҳәартә иҟам, аха иҟоуп, иаҳҳәап ачаӡырҭақәа, шықәсык аҩныҵҟа зԥареикәыршара 15 миллион мааҭ инаӡо, зхашәала цқьа 60 нызқь иҟоу. Араҟа аус бзианы изумури", — иҳәеит Арӡынба.

Ҭаҭарсҭан гәҭакны иамоуп Аҟәатәи ахш зауад арендла агара

Иара ҭабуп ҳәа реиҳәеит ареспублика Ахылаԥшратә палата аусзуҩцәа, хымз инарзынаԥшуа агәаҭарақәа мҩаԥызгоз. Аревизиа аихшьаалақәа рыла аматериалқәа Аҳәынҭмазараз аилак ахь инашьҭхоит, иҟоуп апрокуратурахь инашьҭхогьы, избанзар агәаҭараан иаарԥшын аҳәынҭқарра аԥхасҭа азҭо аҭагылазаашьақәа иҳәеит аминистр.

"Иаҳҳәап, аилак "Аԥснылизинг" аԥҵан анаплакыҩцәа иахәҭаны иҟоу атехника рырҭаларц, раԥхьа иргыланы ақыҭанхамҩаарыхцәа русура армариаразы. Аха ишаадыруа ала аилак аусура шхацыркхаз еиԥш ихыркәшахеит. Иара убри аан аилак иаҭаз амазара – аҭаҭын фабрика аҩбатәи ахыбра – иахьагьы анаплакы анапхгара арендла ирырҭоит", — ҳәа еиҭеиҳәоит Арӡынба.

Астратегиатә хықәкы иаҵанамкуа аҳәынҭеилакқәа ахашәала аармышьҭуазар, азҵаара ықәыргылатәуп урҭ рнапхгара рыԥсахразы, мамзаргьы рхатәтәра аформа аԥсахразы ҳәа азиԥхьаӡоит Арӡынба. Аҳәынҭқарра аус зымуа анаплакқәа рыцхыраара, акредитқәа рыҭара, аинвестициақәа рзынашьҭра аҭахны иҟам ҳәа азиԥхьаӡоит иара.

"Ҳара инақәырӷәӷәаны адҵа ҟаҳҵоит иаарԥшу аилагарақәа зегьы рҭыԥ иқәҵахарц азы. Апрокуратурахь инашьҭу аусқәа рыҭҵааразы адгылара ҟаҳҵоит", — иҳәеит Арӡынба.

Аекономика аминистрра иагәиҭоуп анаплакқәа рнапхгаҩцәа рԥылара, агәаҭарақәа рылкаақәа рылацәажәаразы жьҭаара 14, ахаша.

Ажәабжьқәа зегьы
0