АҞӘА, жьҭаара 14 — Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Аԥсны изызҳауа ашыц ах-хәҭак амцаԥшьхәаҷа иакны иҟоуп. Абри атәы иҳәеит Аекологиеи аԥсабара ахьчареи рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савелии Ҷыҭанаа, Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҟны.
"Аԥсны аҵакырадгьыл иахьаҵанакуа иҟоу 5 гектарк ашыцҭрақәа рҟны ах-хәҭак амцаԥшьхәаҷа иакны иҟоуп", — иҳәеит иара.
Иара иазгәеиҭеит, ашыц ахәышәтәра ҩ-етапк шымҩаԥыргахьоу, ԥхынгәымзеи цәыббрамзеи рзы. Ахәышәтәра актәи акурс ашьҭахь Пицунда-Мысратәии Шәҟәырчатәии аҳәырԥсаррақәа рҟны ашыц ахҿарах ахы цәырнагеит ҳәа. Савели Ҷыҭанаа иажәақәа рыла аҩбатәи акурс ашьҭахь еиҳагьы аҿа ахы унарбо иалагеит.
"Сгәыӷуеит ааԥын аҭагылазаашьа еиҳа еиӷьхап ҳәа", — азгәеиҭеит иара.
Ашыц иақәтәо амцаԥшьхәаҷа Аԥсны иаанагеит 2012 шықәса рзы Шәачатәи аолимпиада аан. Усҟан Урыстәыла Италиа иаанахәеит апаркқәа рзы Китаитәи ашыц шьаҭақәа урҭ ирылан ари амаҵагьы.
Колхидатәи мамзаргьы кавказтәи ашыц — реликттә ҵлажәлоуп. Иара ахьҭақәа ачҳауеит −10 °C рҟынӡа, 600 шықәса ннаҵуеит. Аизҳара ашьшьа-шьшьыҳәоуп ишымҩаԥысуа – шықәсык ала сантиметрақәак иазҳауеит.