Аекономика аминистр: анаплакқәа реиҳабцәақәак "абзиараз" ҳәа раҳәатәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАекономика аминистрра анапхгареи аминистрра анапаҵаҟа иҟоу аҳәынҭқарратә наплакқәа рнапхгаҩцәеи реиԥылара
Аекономика аминистрра анапхгареи аминистрра анапаҵаҟа иҟоу аҳәынҭқарратә наплакқәа рнапхгаҩцәеи реиԥылара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахаша, жьҭаара 14 рзы имҩаԥысит Ахылаԥшратә палата имҩаԥнагаз агәаҭарақәа рылкаақәа рылацәажәара.

АҞӘА, жьҭаара 14 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Ахаша, жьҭаара 14 рзы имҩаԥысит Аекономика аминистрра анапхгареи аминистрра анапаҵаҟа иҟоу аҳәынҭқарратә наплакқәа рнапхгаҩцәеи реиԥылара. Аганқәа алацәажәеит Ахылаԥшратә палата имҩаԥнагаз агәаҭарақәа реихшьаалақәа.

Агәаҭараан иаарԥшын еиуеиԥшым аилагарақәа ҳәа азгәеиҭеит аҳәынҭқарратә наплакқәа русура акоординациа азуразы Аекономика аминистрраҟны иаԥҵоу Аусбарҭа аиҳабы Гәырам Кәарсантиа. Иара иажәақәа рыла иаарԥшу – аилагарақәа рыхәҭак ауп.

"Афинанс-нхамҩатә усурақәа ҭаҳамҵаацт. Иҭаҳҵаауаз еиҭамҵуа амазарақәеи афонд хадақәеи робиектқәа рзиншьақәыргыларатә документқәа роуп. Гәаҭарак ала иныҭкааны зегь реилкаара ҳзалмыршеит аха ԥхьаҟагьы аус ааураны ҳаҟоуп. Агәра шәсыргоит аҭагылазаашьа инарҵауланы ишеилаҳкаауа. Ацәгьоура аҭыԥ аман иахьыҟоу апрокуратуреи МВД-и рорганқәа адҳаԥхьалоит. Аӡәымзара аӡәы изы хьаҵра ҟаҳҵом", — иҳәеит Кәарсантиа.

Иара иажәақәа рыла, Аекономика аминистрра анапаҵаҟа иҟоу анаплакқәа 24 рҟынтәи рызегьы рҟны "Аунитартә наплакқәа рзы" азакәани Аграждантә кодекси аилагара рымоуп.

"Азакәан инақәыршәаны аунитартә наплакқәа рзинқәа акыр иркьаҿуп, урҭ азин рымоуп Рыԥҟаԥҵәаҟны иарбоу аусхк мацарала аусура. Анаплакқәа робиектқәа арендла ирҭиуан уи азы дареи ҳареи ахәԥса ҳаицаламцәажәакәа", — ҳәа азгәеиҭеит Кәарсантиа.

Адгәыр Арӡынба - Sputnik Аҧсны
Арӡынба: агәаҭара ззаҳуз анаплакқәа русура хра аманы иҟам

Аекономика аминистрра иагәҭакуп иззеиқәымшаҳаҭкәа иҟаз аилаӡарақәа зегьы мап рыцәкра.

"Ҳара зегьы ныҭкааны ҳрыхәаԥшраны ҳаҟоуп. Аилаӡарақәа, аиқәшаҳаҭрақәа зегьы аԥыххоит, ҳара иҿыцу анормақәа аԥаҳҵоит. Зегьы рзы аԥҟаррақәа еиԥшны иҟазароуп. Аобиектқәа арендла рыҭира рылшоит анаплакқәа, зыԥҟаԥҵәаҟны уи азы азин ыҟоу. Аренда ахәԥсагьы "Аҳәынҭқарратә мазара ахԥатәи ахаҿқәа арендла рыҭаразы" аԥҟара иҳәаақәнаҵо иҟазароуп", — инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.

Аекономика аминистрра иазыԥхьагәанаҭоит аминистрра ахатәтәра ареестр иҳәеит иара.

"Аҳәынҭнаплакқәа рхықәкы хадала аус руазар, иара убри аан ауадаҩрақәа рызцәырҵуазар – ҳрыцхраалоит, иаԥаҳҵалоит дара рыҿиаразы ихәарҭоу анорматив-зинтә актқәа. аматериал-техникатә база ыҟаны аменеджмент ахьыҟамгьы адгылара аауеит, аинвесторцәа рыдхалара ахьаҭахугьы ҳәарада, ацхыраара ҟаҳҵоит аха абарҭ зегь рҟынтәи акгьы ахьыҟам анаплакқәа аԥаҳхуеит", — ҳәа ациҵеит иара.

Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба иажәақәа рыла Аекономика аминистрра иҟоу аҭагылазаашьа хымԥада аҭыԥ иқәнаҵараны иҟоуп. Иахәҭаны иахьыҟоу анапхгаҩцәагьы рмаҵзура шьҭарҵар акәхоит.

"Ахылаԥшратә палата актқәа рҟны иарбоу апроблемақәа шықәсыла еиқәылаз роуп. Ҳәарада араҟа аҭыԥ рымоуп аобиективтә мзызқәа реиԥш асубиективтә мзызқәагьы", — иҳәеит аминистр.

Аекономика аминистрра иаҵанакуа анаплакқәа 24 ргәаҭара мҩаԥысит аибашьра ашьҭахь раԥхьаӡа акәны. Агәаҭара ззыруз анаплакқәа зегьы хра рыманы иҟоуп ҳәа узрызҳәом.

Ажәабжьқәа зегьы
0