Гагратәи ашколхәыҷқәа ҽаҩраҭагалара аныҳәа иаԥылеит

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагратәи 2-тәи ашкол аҵаҩцәа ҽаҩраҭагалара аныҳәа азгәарҭеит
Гагратәи 2-тәи ашкол аҵаҩцәа ҽаҩраҭагалара аныҳәа азгәарҭеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҽаҩраҭагалара иазкыз аныҳәа еиҿкаан Гагратәи абжьаратә школ №4 аҟны.

ГАГРА, жьҭаара 23 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Сынтәа ҩышықәсоуп, Гагратәи аҩбатәи абжьаратә аурыс школ аҟны мҽхакыҭбаала ҽаҩраҭагалара аныҳәа мҩаԥыргоижьҭеи. Ашкол ашҭаҿы аиҵбыратәи аиҳабыратәи аклассқәа рхәыҷқәа аҭаацәа рыцырхрааны идырхиеит аишәақәа. Дара беиан ҭагалантәи ашәырқәеи, ауҭраҭыхқәеи, аԥсуа чысхкқәеи рыла.

"Ҳашкол иҭоу милаҭрацәала ахәыҷқәа ирылаҳааӡоит аԥсуа ҵасқәеи ақьабзқәеи. Иахьа иазгәаҳҭо аныҳәагьы, хымԥада, аԥсуа ҵасқәа ирыдҳәалоуп. Араҟа иааҳарԥшуеит анхаҩы иџьабаа ахә шыҳаракыу, аԥсуа исасдкылара, ачеиџьыка пату ақәҵашьа, аишәаҿы ахымҩаԥгашьа", — иҳәеит ашкол адиректор Гәырам Боџьгәуа.

Ари аусмҩаԥгатә ҭакԥхықәрала иазнеит зегьы. Аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩцәа рнаҩс активла рхы аадырԥшит егьырҭ ашкол арҵаҩцәагьы.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагратәи 2-тәи ашкол аҵаҩцәа ҽаҩраҭагалара аныҳәа азгәарҭеит
1/3
Гагратәи 2-тәи ашкол аҵаҩцәа ҽаҩраҭагалара аныҳәа азгәарҭеит
© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагратәи 2-тәи ашкол аҵаҩцәа ҽаҩраҭагалара аныҳәа азгәарҭеит
2/3
Гагратәи 2-тәи ашкол аҵаҩцәа ҽаҩраҭагалара аныҳәа азгәарҭеит
© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагратәи 2-тәи ашкол аҵаҩцәа ҽаҩраҭагалара аныҳәа азгәарҭеит
3/3
Гагратәи 2-тәи ашкол аҵаҩцәа ҽаҩраҭагалара аныҳәа азгәарҭеит
1/3
Гагратәи 2-тәи ашкол аҵаҩцәа ҽаҩраҭагалара аныҳәа азгәарҭеит
2/3
Гагратәи 2-тәи ашкол аҵаҩцәа ҽаҩраҭагалара аныҳәа азгәарҭеит
3/3
Гагратәи 2-тәи ашкол аҵаҩцәа ҽаҩраҭагалара аныҳәа азгәарҭеит

"Ҵыԥхтәи ашықәс азы зышьаҭа аҳаркыз ақьабз бзиа иацҵо, шықәсырацәала иаагап ҳәа ҳгәыӷуеит. Аныҳәа аԥсуара ацәа аҟәнуп. Араҟа ачеиџьыка анаҩс ицәыргоуп ҳҵасқәеи ҳқьабзқәеи зныԥшуа аныҳәарақәа, иаҳҳәозар Ӡиуауа, аҭаацаагара уҳәа атеатралтә қәгыларақәа жәпакы", — ҳәа азгәалҭеит арҵаҩы Сырма Занҭариаԥҳа.

Гагратәи ашкол аҿы иазгәарҭеит аҵарадырра амши ашкол 45 шықәса ахыҵреи

Гагратәи абжьаратә школ №4 ишурыс школугьы, аԥсуа цәа аҟәнуп. Ашкол адиректори арҵаҩратә еилазаареи рымч еибыҭаны ирылдыршоит еиҵагыло аҿар иахьынхо атәыла акультура рылааӡара, аҵасқәеи ақьабзқәеи рыларҵәара, абзиабара дыркра.

Актәи акласс инаркны ажәеизатәи акласс аҟынӡа аныҳәа иалахәыз ахәыҷқәа рхы бзианы иаадырԥшит. Иқәдыргылаз атеатралтә қәгыларақәа рнаҩс инарыгӡеит аԥсуа кәашарақәа, ирыԥхьеит ажәеинраалақәа.

Агәырӷьаратә усмҩаԥгатә иаҭааз Гагра араион аҵара аҟәша аспециалистцәа ҽаҩраҭагалара аныҳәа ахә ҳаракны иршьеит. Аиҿкааҩцәеи алахәцәеи иҭабуп ҳәа рарҳәеит, абас еиԥш аинтерес аманы, аԥсуа ҵасқәеи ақьабзқәеи аныруа иахьымҩаԥыргаз.

Ажәабжьқәа зегьы
0