Аибашьра амҩақәа Гагратәи аветеранцәа еиҭа ирнысит

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАибашьра амҩақәа Гагратәи аветеранцәа еиҭа ирнысит
Аибашьра амҩақәа Гагратәи аветеранцәа еиҭа ирнысит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагратәи ахәбатәи ахысратә батальон ахԥатәи авзвод аибашьцәа ҩаԥхьа ирҭааит аибашьра аҭыԥқәа.

ГАГРА, абҵара 6 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Гагратәи ахәбатәи ахысратә батальон ахԥатәи авзвод аибашьцәа Аладатәи Ешыреи Шромеи Гәандреи ақыҭақәа рҟны ишьақәдыргылеит аибашьраан ирыцәҭахаз рҩызцәа рбаҟақәа. Мышқәак раԥхьа авзвод алахәцәа ирҭааит арҭ аҭыԥқәа, еиҭа ирнысит аибашьра амҩақәа, иргәаладыршәеит ирывыршьааз рҩызцәа.

Ахәбатәи Гагратәи ахысратә батальон, ахԥатәи авзвод алахәцәа, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра раԥхьатәи амшқәа инаддыркны абџьар шьҭырхит аԥсадгьыл аиқәырхаразы. Авзвод напхгара аиҭон Гена Григолиа. Авзвод шьақәгылан зынӡа иқәыԥшыз, уи ашықәсан ашкол иалгаз аҿар рыла. Акомандаҟаҵаҩ Гена Григолиа иакәзаргьы 33 шықәса ракәын ихыҵуаз, ихаҭыԥуаҩ Вадим Барцыцгьы иара диқәлан.

Ақәыԥшцәа рыԥсҭазаареи ршәаҭадареи рзы аҭакԥхықәра агара даара иуадаҩуп, аха уеизгьы акомандаҟаҵаҩцәа ирылдыршеит реиҵбацәа хылаԥшра рыҭара.

Аха ус егьа иҟазаргьы, аибашьра адәаҟны аӷа ихымца иҭанархо қәрала далнахуам. Гена Григолиа ивзвод аҟнытә иара дналаҵан быжьҩык аибашьцәа аԥсадгьыл рыԥсы ахҭнырҵеит.

Дара ахьҭахаз аҭыԥқәа рҟны рҩызцәа рхатәы мчла рыхьӡқәа рынаунагӡатәразы ишьақәдыргылеит абаҟақәа.

© Sputnik Саида ЖиԥҳаКосиан Артин Ншанович, Аргба Рудик Гугуш-ипԥа
1/4
Косиан Артин Ншанович, Аргба Рудик Гугуш-ипԥа
© Sputnik Саида ЖиԥҳаГриголиа Геннади Аҳмет-иԥа
2/4
Григолиа Геннади Аҳмет-иԥа
© Sputnik Саида ЖиԥҳаАрсҭаа Руслан Сергеи-иԥа
3/4
Арсҭаа Руслан Сергеи-иԥа
© Sputnik Саида ЖиԥҳаАиба Роман Чичико-иԥа
4/4
Аиба Роман Чичико-иԥа
1/4
Косиан Артин Ншанович, Аргба Рудик Гугуш-ипԥа
2/4
Григолиа Геннади Аҳмет-иԥа
3/4
Арсҭаа Руслан Сергеи-иԥа
4/4
Аиба Роман Чичико-иԥа

Гагратәи ахәбатәи ахысратә батальон ахԥатәи авзвод есышықәса ирнысуеит аибашьра амҩақәа, сынтәагьы дара рҽеизганы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит рҩызцәа рбаҟақәа рҿаԥхьа.

Раԥхьаӡа еиазаз мҩахыҵит Аладатәи Ешыра, Аԥсны аҳәынҭқарра раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба анышә дахьамадоу.

Аԥсуа ар ркомандаҟаҵаҩ иҳаҭгәын аҿаԥхьа ихырхәаны, аибашьра аветеранцәа рҿынархеит хәажәкыратәи ажәылараан ирыцәҭахаз аибашьцәа рбаҟахьы. Гәымсҭа аӡиас ахықәан ари ишьаарҵәырахаз ажәылараан наӡаӡа рҩызцәа ирыԥхеит аишьцәа Ӡаԥшьиԥацәа Мирони Раули Амԥар Заури зыжәла шьақәыргылам ачечен жәлар рхаҭарнак Али.

"Хәажәкырамза раԥхьатәи амшқәа рзы, ҳара ҳавзвод аҷаԥшьаразы иаарышьҭит Гәымсҭа аҳәаахьы жәамш ҳәа, анаҩс ҳарԥсахраны иҟан. Араҟа ҳшыҟаз ауп, ажәылара аамҭагьы шааиз, убри аҟнытә аиҭныԥсахлара мап ацәаҳкит. Хәажәкыра 15-16-тәи ажәылара иалахәын ҳавзводгьы. Егьырҭ агәыԥқәеи ҳареи иҳалҳаршеит аӡиас аисра, аха ҳахьгылоу аҭыԥ аҟны аминақәа ыҵан, абраҟоуп ҳҩызцәагьы ахьҭахаз", — иҳәеит аибашьра аветеран Вадим Барцыц.

Хәажәкыратәи ажәылараан аԥсуа ар иацәыӡит 222-ҩык аибашьцәа, 23-ҩык хабарда ибжьаӡит.

Анаҩс аветеранцәа рымҩа дырхеит Гәандра ақыҭа аҳаракырахь. 1993 шықәсазы арҭ аҭыԥқәа рҟны авзвод иацәыӡит ркомандаҟаҵаҩ Гена Григолиеи, 17 шықәса зхыҵуаз арԥыс Руслан Арсҭааи.

Марттәи ажәылараан иҭахаз ргәаларшәара Гагра имҩаԥысит

Аибашьцәа рбаҟақәа рымҵан рҩызцәа ишьҭарҵеит ашәҭ шьыҵәрақәа, ирхырҳәааит ажәа ԥхақәа.

"Ҳкомандаҟаҵаҩ Гена Григолиа иқәра шмаҷызгьы, хшыҩла абра ҳзиуан. Еснагь дҳаԥхьагылан, ахымца ҳацәихьчон. Ҳара ҳҭахара дшацәшәоз, иара аиааирамш ҩымчыбжь шагыз дҳаԥхеит", — ҳәа ргәалашәараҿы иааргон алахьеиқәҵаратә мшы авзвод алахәцәа.

Аибашьраан 15-16 шықәса зхыҵуаз, аха зыхшыҩ жәашықәсала ԥхьаҟа ишәхьаз аҿар ирцәыуадаҩхеит рҩыза гәакьа Руслан Арсҭаа иҭахара ахыгара, аибашьҩы атанк дышҭыҵуаз аӷа ихымца иқәшәоит.

Гәандра аҳаракыра ианхалоз аибашьцәа амҩахь иаанҿасуан егьырҭ агәыԥқәа рҟнытә иҭахаз аҵеицәа рбаҟақәа рҿаԥхьагьы. Ус амҩахь ашәҭқәа шьҭаҵан агәыԥ «Ураган-Сатурн» иалаз Артин Косиани Рудик Агрбеи ахьҭахаз аҭыԥ аҟны.

Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аналагоз аламҭалаз, аҭаацәара иалалахьан авзвод алахәцәа, аибашьцәа қәыԥшцәа Руслан Арсҭааи Роман Аибеи. Руслан ахшара димамызт, аха Роман данҭаха ашьҭахь диит иԥа, иара ихьӡырҵеит иаб афырхаҵа иаҳаҭыр азы Роман ҳәа. Гагратәи ахәбатәи ахысратә батальон ахԥатәи авзвод алахәцәа ирыцәҭахаз рҩыза Роман Аиба иԥа Рома дрыцны даҭааит иаб дахьҭахаз Шрома ақыҭа. Аибашьра аветеранцәа арԥыс идырбеит рҩыза дахьҭахаз аҭыԥ, араҟа дара рымчала ишьақәыргылоуп аибашьҩы ибаҟа.

Роман Аиба иԥсы ҭаны илакҭа иҭаԥшуашәа ргәы иабон иҩызцәа, дара раԥхьа дгылан заб иеиԥшыз, уи данҭахоз иқәра иҭагылаз иԥа Рома.

Аибашьцәа еицҿакны Рома изеиҭарҳәон иаб агәымшәареи афырхаҵареи шилаз. Иара иеиԥш иҟаз аҵеицәа ишрыбзоураз аиааирагьы.

"Рома, уара макьана уқәра маҷуп, аха даҽа шықәсқәак рышьҭахь, иҵегь ухшыҩ аншәлак еилукаауеит закәытә фырхаҵароу иааирԥшыз уаб. Агәра уҳаргоит егьа аамҭа ҵыргьы ухы шьҭыхны уилаҽхәартә еиԥш еснагь аҭагылазаашьа ушақәшәо", — ҳәа рҩыза иԥа иарҳәон аибашьцәа.

Шрома ақыҭан ԥхынгәытәи ажәылараан иҭахеит аԥсуа еибашьцәа рацәаҩны. Араҟа иҵыхәтәантәи жәыларахеит Бзыԥҭатәи аибашьцәа гәыԥҩык рзгьы. Дара ахьҭахаз аҭыԥқәа рҿы ирыцеибашьуаз рҩызцәа ишьақәдыргылеит абаҟақәа. Шрома ақыҭа аибашьратә мҩала инеиз ахԥатәи авзвод алахәцәа мҩахыҵит уахьгьы.

Гагратәи ашколхәыҷқәа Нальчикҟа амҩа иқәлеит

Гагратәи ахәбатәи ахысратә батальон ахԥатәи авзвод акомандаҟаҵаҩ Гена Григолиа данҭаха ашьҭахь ихҵан Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы.

Авзвод ркомандаҟаҵаҩ данрыԥха, ԥызас драԥхьагылеит ихаҭыԥуаҩ Вадим Барцыц.

Иара, аибашьра иалахәыз аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьаразы иаԥҵоу акомиссиа ҷыда иалеиҵеит Гагратәи ахәбатәи ахысратә батальон ахԥатәи авзвод алахәцәа аҳамҭақәа ранашьаразы рсиа. Аибашьцәа гәыԥҩык рнапаҿы ирыҭахоит изыԥсахаз аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа.

Аибашьра адәы еиднакылеит ақәра еилых ҟамҵакәа аԥсадгьыл згәы азыбылуаз зегьы. Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра иалиааит зыхьӡқәа наунагӡа аԥсуа жәлар алаҽхәо афырхацәа.

Хнызқьҩык инареиҳаны Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра рыԥсы ахҭнуп, шәҩыла рымаха-рышьаха еибгам.

Зыԥсы ҭаны иҳалагылоу аветеранцәа ракәзаргьы ргәы ԥсит рҩызцәа анҭахоз, аха уи аҩбатәи аԥсҭазаара ахаҵаразы рыбла иаҳарбароуп иззықәԥоз мырӡкәа, ԥхьаҟа еихаҳаны еиҵагылаз абиԥара ишаҳго.


Ажәабжьқәа зегьы
0