Афронт аҟынтәи асаламшәҟәқәа Аԥсны аҭоурых иахәҭакхеит

© Sputnik Наала АвидзбаФронтовые письма Нурбея Килба.
Фронтовые письма Нурбея Килба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нурбеи Кьылба афронт аҟынтәи исаламшәҟәқәа, Лев Кәакәасқьыр иорденқәа, имедалқәа, ифотосахьақәа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи иарҭеит рҭаацәа.

АҞӘА, абҵара 21 – Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Лев Кәакәасқьыр иорденқәа, имедалқәа, ифотосахьақәа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи иарҭеит иҭаацәа.

Лев Григори-иԥа, Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аветеран, ианашьан Аеҵәа Ҟаԥшь аордени Аџьынџьтәылатә еибашьра аорден аҩбатәи аҩаӡареи. Иара иԥшәмаԥҳәыс Клара Харитон-иԥҳа Кьылбеи иԥҳа Наҭелеи амузеи иарҭеит аҭаацәа зыхӡыӡаауа рыҩны иҵәахны ирымаз амедалқәеи, аорденқәеи аибашьра аамҭазтәи афотосахьақәеи.

© SputnikЛев Квеквескири. Венгрия, 1945 год.
Лев Квеквескири. Венгрия, 1945 год. - Sputnik Аҧсны
Лев Квеквескири. Венгрия, 1945 год.

Лев Кәакәасқьыр деибашьуан Аладатәи, Нхыҵ-Кавказтәи, ахԥатәи Украинатәи афронтқәа рҟны. Днаӡеит Румыниа, Венгриа, Чехословакиа, Австриа, Польша, Германиа рҟынӡа. Дыԥшыхәҩын, аԥшыхәратә взводи аротеи ркомандирс дыҟан.

"Аибашьра аилгара мызқәак шагыз саб дырхәит. Аҩны аибашьра аӡбахә ҳаназҵаауаз алацәажәара бзиа ибаӡомызт, ианашьаз аҳамҭақәагьы рацәак дрылацәажәомызт" ҳәа дцәажәоит аибашьҩы иԥҳа.

Аибашьра ашьҭахьи аҵыхәтәантәи имшқәеи рҟынӡа афронтавик аус иуан изанааҭ ала – дҳасабеилыргаҩын. Аҟәа араион агроааглыхратә еидгылаҟны аус иуан. Иҭаацәа зегьы иӡбахә ианалацәажәо иумбарц залшом заҟа аԥхарреи абзиабара рыҵоу урҭ ражәақәа. Урҭ еицазгәарҭоит иҟазшьа ҟәымшәышә, игәыҭбаара.

© SputnikНаграды ветерана ВОВ Льва Квеквескири.
Награды ветерана ВОВ Льва Квеквескири. - Sputnik Аҧсны
Награды ветерана ВОВ Льва Квеквескири.

Амузеи аколлекциа иалалоит иара убасгьы Нурбеи Кьылба афронт аҟынтәи исаламшәҟәқәагьы. Нурбеи, Клара Харитон-иԥҳа Кьылба лашьа иоуп. Аибашьра адәаҟынтәи аибашьрамца афҩы рхышәшәо, иқәыхәхәа Аԥсныҟа иаауан арҭ ашәҟәеицарса хәыҷқәа.

Нурбеи Кьылба аибашьра иалагеит ҳәа шааиаҳазҵәҟьа аԥсадгьыл ахьчараз дгылеит.

"Иара фышықәса рыла сара саасҭа деиҳабын. Сара усҟан жәаҩа шықәса схыҵуан. Аибашьрахь хатәгәаԥхарала дцеит. Даара ҳагәхьааигон.

Исаламшәҟәқәа рацәаны аҩны иҵәахны иҳаман. Ҳауа-ҳҭахы, зегьы дразҵаауан. Шәҟәык аҟны дыззымҵааз аӡә дынхеит ҳәа сыҟам", — илгәалалрышәоит Клара Кьылԥҳа.

Нурбеи Кьылба дҭахоит 1943 шықәса рзы. Иҭаацәа рахь иаарышьҭыз аԥсӡаҟны иарбоуп Смоленсктәи аобласт ақыҭа Левченко ааигәара дҭахеит ҳәа. Аха иахьа уажәраанӡагьы Нурбеи иԥсыжырҭа ахьыҟаҵәҟьоу еилкааны ишьақәыргылам.

Наҭелла Кәакәасқьырԥҳа ишеиҭалҳәо ала аҭаацәа азыхиоуп дара рзы арҭ хәызмаӡам амалқәа амузеи раҭара.

"Ҳара шықәсык ахь ҩынтә, саб имширази Аиааира амшази, иааҭыган ҳрыхәаԥшуан. Саб, Аиааира амш аҩбатәи сымшира ҳәа дашьҭан. Ҭаацәацыԥхьаӡа рабацәа рабдуцәа еибашьуан, аха урҭ зегьы рыӡбахәқәа рацәак ауаа ирылаҵәам. Ҳара иҳаӡбеит амузеи иаҳҭарц афронт аҟәырҷахақәа" — лҳәеит лара.

Амузеи адиректор Аркади Џьапуа иазгәеиҭеит Аԥсны аҭоурых азы асеиԥш иҟоу аҳамҭақәа аҵак ду рыманы ишыҟоу. Иҳәеит агәыӷра шимоу Кәакәасқьыраа рҭаацәа рҿырԥшы иацныҟәар зҭаххо рацәаҩхап ҳәа. Иара игәаанагарала иахьазы еиҳа-еиҳа имаҷхоит асеиԥш иҟоу ареликвиақәа змоу аҭаацәарақәа. Аиҳарак ақыҭақәа рҟны иҟалар алшоит иҳәеит иара.

© SputnikЛев Квеквескири в середине. Вена, 1945 год.
Лев Квеквескири в середине. Вена, 1945 год. - Sputnik Аҧсны
Лев Квеквескири в середине. Вена, 1945 год.

"Иахьа амузеи ахь иааргаз аҳамҭақәа Аԥсны зегьы иахатәуп. Аԥсни аԥсуааи ыҟанаҵы урҭ амузеи аҟны рҭыԥ шааныркылоу идыру акоуп", — ҳәа азгәеиҭеит иара.

Аԥсны атәылауаа рҟынтәи 55 нызқьҩык рҟынӡа Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа иалахәын, урҭ рҟынтәи 17-нызқьҩык рыҩныҟақәа изыхнымҳәит. Ареспублика атәылауаа 22–ҩык Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ду иаԥсахеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0