АҞӘА, абҵара 25 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҳәынҭқарратә ҳамҭа "Ахьӡ-аԥша" аорденқәа ранашьара ацеремониа Аҟәа имҩаԥысит ахаша, абҵара 25 рзы, атәыла Ахада Иусбарҭаҟны.
Атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба аорден "Ахьӡ-аԥша" рнапаҟны идиркит анаукеи, акультуреи, аҵареи, аспорти, ақыҭанхамҩеи, агәабзиарахьчареи, ауаажәларратә усуреи рҟны аҳәынҭқарратә алкаара зҽаԥсазтәыз Аԥсны ауааԥсыра.
"Шәара дарбанызаалак ҳҳәынҭқарра аҿиара иналкаау алагала азҭаз шәоуп. Дасу шәусуратә ҭыԥ аҟны иҟашәҵо ҳтәыла амч аизырҳароуп изызку. Шәџьабааи шәеихьӡарақәеи иаадырԥшуеит шәпатриотизм иашаҵәҟьа. Аҳәынҭқарратә ҳамҭа "Ахьӡ-аԥша" актәи аҩаӡара занашьоу Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аректор Алеко Алексеи-иԥа Гәарамиа иоуп", — иҳәеит атәыла Ахада.
Иааидкыланы 25 ҳәынҭқарратә ҳамҭа рыҭан, урҭ рҟынтәи 23 – ахԥатәи аҩаӡара иатәын, 1 – аҩбатәи аҩаӡара иатәын, 1 – актәи аҩаӡара иатәын.
Аҳәынҭқарратә ҳамҭа "Ахьӡ-аԥша" актәи аҩаӡара ианашьан Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аректор Алеко Алексеи-иԥа Гәарамиа анаука аусхк аҟны илшамҭақәеи Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иреиҳаӡоу аҵара аҿиареи рҟны ихатәы лагаламҭазы.
"Ҳара иуадаҩыз амҩа ҳанысит. Ҳуниверситет Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан ацәыӡ дуқәа аиуит. Сара гәыкала ишәыдысныҳәалоит иахьа ишәанашьоу аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа", — иҳәеит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аректор Алеко Алексеи-иԥа Гәарамиа.
Атәыла Ахада еизаз зегьы ирыдиныҳәалеит иранашьаз аҳамҭақәа, иазгәеиҭеит ари ахҭыс шымҩаԥысуа Аконституциа амш аламҭалаз. Ирзеиӷьеишьеит аманшәалареи ақәҿиара ҿыцқәеи.