Апарламент аҟны аратификациа азыруит зус ӡбоу реимдаразы аиқәшаҳаҭра

© Sputnik / Томас ТхайцукАпарламент аилатәара.
Апарламент аилатәара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Ауаажәларра рҟны аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны Аԥсны зус ӡбу ареспублика атәылауаа ршьаус ахгаразы Урыстәылатәи абахҭатә усбарҭақәа рахь ирышьҭуеит ҳәа иҟоу ацәажәарақәа ҵаҵӷәыдоуп", - иҳәеит атәыла Ахада ихаҭарнак Дмитри Шамба.

АҞӘА, абҵара 25 —Sputnik, Роберт Џьапуа. Ахаша, абҵара 25 рзы Аԥсны Жәлар Реизараҟны аратификациа азыруит зус ӡбоу реимдаразы Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аиқәшаҳаҭра.

Жәлар Реизараҟны атәыла Ахада ихаҭарнак Дмитри Шамба иазгәеиҭеит адокумент 2009 шықәса раахыс аус адулара ишаҿыз.

"Аиқәшаҳаҭра иазыԥхьагәанаҭоит ҳәынҭқаррак аҵакырадгьыл аҟны ацәгьа зуз атәылауаа рус анырыӡбалак ашьҭахь ашьаус ахгаразы дара зтәылауаау аҳәынҭқарра иарҭар ауеит. Аиқәшаҳаҭра ахархәара амоуп атәылауаҩ, аҭаразы азыҳәа назышьҭыз, днарышьҭырц азы иаирбаз аҳәынҭқарра датәылауаҩны дыҟазар", — ҳәа азгәеиҭеит Шамба.

Дмитри Шамба иара убасгьы иазгәеиҭеит иара убри аан аҳәынҭқарра азин шамоу зус ӡбоу ауаҩы иҟаиҵаз азыҳәа мап ацәкра, уи ашәарҭадара мамзаргьы ауаажәларратә еиҿкаара иаԥырхаганы ишьазар.

"Абри аан аҳәынҭқарра иҟанаҵаз амапкра иахымцәажәакәа аҭара мап ацәнакыр алшоит", — иҳәеит иара.

Аԥсны Ахада ихаҭарнак инаҵшьны дазааҭгылеит ауаажәларра рҟны аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны Аԥсны зус ӡбу ареспублика атәылауаа ршьаус ахгаразы Урыстәылатәи абахҭатә усбарҭақәа рахь ирышьҭуеит ҳәа иҟоу ацәажәарақәа ҵаҵӷәыдоуп ҳәа.

"Еиҭахгьы иазгәасҭоит абри аиқәшаҳаҭра ишазыԥхьагәанамҭо Аԥсны атәылауаа атәымҳәынҭқарра ршьаус ахыгаразы раҭара. Ари иарбанызаалак еиқәшаҳаҭрак иаҵанакуам, ҳконституциагьы иаҿагылоит", — иҳәеит Дмитри Шамба.

Иара иҟиҵаз аинформациа инақәыршәаны уаанӡа Аԥсны Апрокуратура хадеи Урыстәыла Аиустициа аминистрреи рыбжьара аиқәшаҳаҭрақәа рыла Аԥсны атәылауаа 21-ҩык азыҳәа ҟарҵеит Аԥсны ршьаус рхыргаразы.

Азыҳәақәа фба инарықәыршәаны иҵоуроу аӡбрақәа рыдкылоуп, егьырҭ рыхәаԥшра иаҿуп. Аӡәы Аԥсныҟа даашьҭуп, ара ишьаус ихигаразы. Иара убасгьы Урыстәыла атәылауаа ҩыџьа, Аԥсны зшьаус ахгара иаҿу акомпетенттә органқәа рахь азыҳәақәа нарышьҭит Урыстәылатәи абахҭақәа рахь риагара азҵаара ӡбахарц азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0