Родион Ҳагба: Аԥсны ахақәиҭра амш аҽны сагьхысуан сагьҵәыуон

© Sputnik Анжелика Бения Родион Ҳагба
Родион Ҳагба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Иҭыхым аибашьцәа" апроект иацнаҵоит 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алахәыла Родион Ҳагба иҭоурых.

Анжелика Бениаԥҳа, Sputnik

Асахьаҭыхҩы Руслан Габлиа иҭыхымҭақәа 60 ирныԥшуеит Аԥсны ахьчаҩцәа рҟазшьа, рыҩныҵҟатә ҭагылазаашьа. Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны апроект ҿыц "Иҭыхым аибашьцәа" аҳәаақәа ирҭагӡаны апортал аресурсқәа рҟны ицәыргоуп асахьаҭыхҩы аибашьраантәи иҭыхымҭақәеи уи ифырхацәа ирызку аочеркқәеи.

Аԥсны еицырдыруа аоператә шәаҳәаҩы Родион Ҳагба  иҭаацәеи иареи нхоит Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭан, ашьхара амҵан.

Ирина Кәакәасқьыр - Sputnik Аҧсны
Ирина Кәакәасқьырԥҳа: Руслан иҭихыз ссахьа санахәаԥшуа зегь сызҿыцхоит

Родион ирҿиаратә нысымҩа акыр аинтерес аҵаны иҟоуп. Ашәа иҳәоит ахортә капеллаҟны, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны абар жәашықәса инарықәуп ахапа неигӡоижьҭеи, Пицундатәи ауарӷантә уахәамаҟны аконцертқәа мҩаԥигоит жәохә шықәса инарзынаԥшуа.

Арра аганахьала Радион Ҳагба аррамаҵзура дахысуан Севастополь, мшынуаҩык иаҳасабала, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан абџьар кны иԥсадгьыл ихьчон.

"Аибашьра иалагеит ҳәа шаасаҳазҵәҟьа  сшәақь аашьҭыхны Аҟәаҟа схы насырхеит. Усҟантәи аамҭазы абџьар азы даара ҳмаџьанан. Ауаа инагӡаҵәҟьаны аибашьра иалагеит ҳәа агәрагара рцәыуадаҩын", — иҳәоит Ҳагба.

Иара иажәақәа рыла Гагра ахақәиҭтәраанӡа  атеатр аусзуҩцәа реиҳараҩык Гәдоуҭа агуманитартә цхыраагӡа  аӷбақәа ирықәырхуан.

© ФотоРодион Хагба
Родион Хагба  - Sputnik Аҧсны
Родион Хагба

"Жәаҩык раҟара ҳаҟан. Иуҳәар ауеит Аԥсны зегьы акрырҿаҳҵон ҳәа. Усҟан азы Гәдоуҭа заҵәык акәын аӷбақәа аадгылар ахьалшоз. Гагра анырга ашьҭахь абџьар ҳарҭан, еибашьра ҳцеит».
Асахьаҭыхыҩ Руслан Габлиеи Родион Ҳагбеи аҵара еицырҵон Қарҭ ақалақь аҟны. Руслан – асахьаҭыхратә академиаҟны, Родион – аконсерваториаҟны.

Жанна Гәынџьиа, Ира Папба, Лиалиа Аршба. Гәымсҭа, 1992 ш. - Sputnik Аҧсны
Шәара зқәымыз Лиалиа Арышԥҳа лҭоурых

Аибашьраан рымҩақәа еиԥылеит Аҟәатәи абаталион аԥҵараан. Аамҭақәак рышьҭахь ари абаталион ԥырганы аҿыц аԥырҵеит.

"Аҩада Ешыра ҳгылан. Руслани сареи марттәи ажәылара ҳаицалахәын. Ҳара еснагь ҳаицын", — иҳәоит иара.

Асахьаҭыхыҩцәа, ашәаҳәаҩцәа егьырҭ аҟазара знапы алакыз аибашьраангьы ирылаз рыбаҩ ҷыда рцәымӡырц — асахьаҭыхыҩцәа ирывагылаз рҩызцәа рсахьақәа ҭырхуан, амузыкантцәа, ашәаҳәаҩцәа афронт ацәаҳәахьы инеины аҷкәынцәа ашәа рзырҳәон, ргәы шьҭырхуан.

Родион Ҳагба исахьагьы аамҭа рацәак ақәмырӡкәа иҭыхын. Радион игәалаиршәоит асахьаҭыхҩы заҟа дацԥыҳәаны иус даҿыз.

"Руслан, ҳаршьуеит уаргьы саргьы", — сҳәан, "умшәан, уаргьы саргьы акгьы ҳахьуам» ҳәа аҭак сиҭеит. Ихы ақәырԥсны асахьаҭыхра даҿын. Сгәы самжьозар, асахьаҭыхра даҿнаҵы ҳааигәагьы снариадк ԥжәеит ҳәа сыҟоуп", — иҳәеит Ҳагба.

Ҳапроект афырхаҵа еиҭеиҳәон аибашьра аамҭа иазкыз аҭоурыхқәа.

"Хәадарак аҿы ҳтәан. Лак ҳаман. Сара игәасҭеит ахысра алагара абас хԥаҟа минуҭ шагыз анахь-арахь иҩуа, аҵарра ишалагалоз. Џьара акала ацәа ианыруан. Зны Шромантәи ихысуан, агаубицақәа рыла. Ҳла ахыҵәахырҭа амоуа иқәгьыжьаауан. Руслан асааҭ дахәаԥшуан. Иаарыцқьан х-минуҭк ҵит – аснариадгьы ааигәа џьара икаҳаит. Абас, есыҽны. Аштаб аҟынтәи ахысра иалагеит ҳәа аҭел ианаҳзасуаз "иаадыруеит" ҳәа раҳҳәон", дԥышәырччо игәалаиршәоит Родион.

Ирина Гоцеридзе (нижний ряд, вторая справа). - Sputnik Аҧсны
Ирина Гоцериӡе. Аҟазшьа ҟәымшәышә змаз афырԥҳәызба

Асеиԥш иҟаз ахҭысқәа аибашьраан ирацәан Убас ақьачақьра злаз аҽа хҭыскгьы игәалаиршәоит Родион.

"Аҭабиақәа ҳарҭатәан. Парольс "килька" ҳаман. Иаҳфоз ауп ҳхы иаҳархәозгьы. Ҳкомандир џьара дыҟан, дхынҳәызаап. Илашьцоуп ула аҵәыршы ҭакызар иумбо. Сыԥшын, аӡәы ицәаара збоит. "Уаагыл. Апароль ҳәа" сҳәеит. Иара "иабатәи парольу, са соуп" иҳәоит. Ашә аҟынӡа дааӡеит. "Апароль ҳәа мамзар суеихсуеит", сҳәеит. Аҭагылазаашьа аҽарххоит. Сара ахысра сҽаазсырхионы, иҿы акуа-иашьҭуа "аԥсыӡ, аԥсыӡ" иҳәеит".

Родион Ҳагба иазгәеиҭоит аидгылара шакәу аиааира алзыршаз.

"Зегь ҳаивагылан. Дарбанызаалак аԥсуа зхылаҳәо, абџьар зкыз, ар рымаҭәа зшәыз сара сзы дынцәахәын. Абас ҳаидызкылоз иахьагьы исыздырам. Аӡә ихы егьи ихҭниҵон. Аԥсра ҳаԥылон абџьарда. Владислав Арӡынба дыҟамзар, ҳшыҟалашаз сыздырам. Зыгәра аагоз аӡә еснагь ҳашьҭахь дышгылаз ҳныруан", — иҳәоит Ҳагба.

Аибашьра аамҭақәа дрылацәажәо Родион дигәалаиршәоит бармышьтәи ҷкәынак.

"Ижәла схашҭит, Папаха ҳәа ҳишьҭан. Аварениа оумашәа бзиа ибон. Изхара изыфомызт. Ешыра ҳаҟанаҵы  еснагь изааргон. Ибзиан дысгәалашәоит. Дпулимиотчикн. Аснаипер диҿашәеит. Марттәи ажәылара ашьҭахь исаҳаит дышҭахаз", — иҳәоит иара.
Ҳагба иазгәеиҭоит аибашьра   агәалашәара бааԥсқәа рацәаны ишизыннажьыз.

"Аподвал аҟны ҳацәоуп. Хынҩажәаҟа шықәса зхыҵуаз хаҵак дҩаҵҟьан, деиҵақьы аҵәыуара далагеит. Сҩагылан, снаивсуаны "снумыжьын. Сыԥсы шԥаҭазаауеи уажәшьҭа?!" иҳәоит. Ԥыҭраамҭак ишьарахь дзааиуамызт. Иҽаанаирҭынч, иаҳзеиҭеиҳәеит абри аҩыза ажәабжь: игәыԥ аминақәа ахьыҵаз ҭыԥк аҟны инанагеит. Ерман хаҵак,  мҩахәасҭала шәалызгоит, амала шьаҿак шәсыцрымшәан ҳәа  реиҳәеит. Ана-ара ҳаҷкәынцәа кажьын. Уи аҷкәын ҳбаталион датәын. Ихабжа амамызт. Цхыраара иуҭо ҳәа дыҟамызт. Сыла дыхгылоуп уахгьы-ҽынгьы". Уи ахаҵа иахьагьы дысгәалашәоит", — иҳәоит Ҳагба.

Марттәи ажәылара далацәажәо Родион иҳәоит ажәала ҳәашьа змам ашьаӡа-гәаӡа мацара  игәалашәараҟны ишаанхаз.

Ҳагба далацәажәоит ҳаҳҭнықалақь ахақәиҭтәра амш. "Ҳара ҳтәқәа ахысра ҳәа амитә ҭарҵеит. Сгәы иаанагон иаашар Аҟәа ҳәа акгьы ҟалом ҳәа. Апушкақәа, атанкқәа, БМПқәа – имхысуа иарбаныз. Ушәарын", — иҳәоит иара.

Аҳәааҟны ҳар аннеи Аԥсны ахы-аҵыхәа зегь хысыбжьын иқәыҩуан.

"Убри аҽны Аԥсны зегьы ахысра иаҿын. Сара сагьхысуан, сагьҵәыуон. Сара Егрынӡа сымнаӡеит. Маҷарка ҳаангылеит Руслангьы саргьы", — иҳәоит иара.

Уԥсадгьыл сыхьчоит ҳәа уангылоу угәы иҭоу атәы аҳәара уадаҩуп ажәала. Баша ушыҟам, баша абри адгьыл ушанымлаз уныруеит иҳәеит аҵыхәтәан Ҳагба.

Ажәабжьқәа зегьы
0