Аԥсуа ҳәынҭқарра зеиҿкаау аԥсуа етнос аиқәырхаразоуп

© Sputnik / Михаил Мокрушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСитуация в Абхазии
Ситуация в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik аналитик Нонна Ҭхәазԥҳа ҩаԥхьа аԥсуа бызшәа ахархәара апроблемақәа дрызхьаԥшуа, аҵарауаҩ қәыԥшцәа ари азҵаара аганахьала ирымоу агәаанагарақәа ҳзеиҭалҳәарц азы диҿцәажәеит афилологиатә наукақәа ркандидат Баҭал Шәлымба.

Нонна Ҭхәазԥҳа, Sputnik

Аԥсны аҳәынҭқарратә бызшәа аԥсшәа ахархәараҿы аԥсыҽрақәа иҳамоу акырынтә иалацәажәахьеит, аидеиақәагьы маҷӡам. Аха иахьа уажәраанӡа иара ҳҳәынҭқарраҿы иахәҭоу астатус ааннакылаӡом. Ихадоу ҳзакәан – Аконституциа аҿы ихадаӡоу астатус шамоугьы аԥсҭазаараҿы уи аҩыза астатус амаӡам. Ари даара ииашам акоуп. Ҳҳәынҭқарра ашьаҭақәа ируаку ҳбызшәа ас азныҟәара – уи ашьаҭа аҿаҟәароуп иаанаго.

Виачеслав Чрыгба. Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Виачеслав Чрыгба: аԥсуаа ҳмилаҭтә хаҿра аԥсуа бызшәада иаҳзеиқәырхаӡом

Ари зыхҟьаз амзызқәа рацәоуп. Аха урҭ зегьы рыриашара ауеит, уи ҳара ҳнапоуп изну. Аха ҳара макьана ацәажәара ҳахыҳәҳәан ашьаҿақәа рыҟаҵара ҳаламгацт. Аԥсуа жәлар ракәымкәа даҽа жәларык иртәушәоуп ҳҳәынҭқарра амаҵ шаҳуа. Иаҳҳәо ззеилымкаауа аԥсуаагьы ыҟоуп. Иаҳҳәап, ҳдиаспора ахаҭарнакцәа. Аха урҭ ҳрызхәыцӡом зынӡа. Амала егьырҭ ирзеилымкаар ҳәа ҳшәоит. Ари уаанӡа иҟаз асистема иамаз аидеологиа ацәынхақәа роуп.

Ҳбызшәазы ҳара аидеологиа ҿыц ҳамазароуп. 23 шықәса ҵуеит ҳхазы ҳәынҭқарроуижьҭеи. Аха макьана уи амаҵ ҳәынҭқарратә бызшәала аура ҳзашьымцылеит. Ари еиҳараӡак изыхҟьо Асовет система иалоу зхыԥхьаӡара маҷу ажәларқәа рбызшәа аамҭала иӡуеит, хыԥхьаӡарала еиҳау ажәларқәа рбызшәа аанхоит ҳәа ишьақәгылан иҟаз аидеа ауп. Иеилкаауп, ари аус аҩыза апрограмма зызкыз ажәларқәа ассимилиациа рзура шакәыз. Аха рыцҳарас иҟалаз, ари апрограмма ҳара ҳаҩныҵҟа иахьа уажәраанӡагьы инеирциала аус ауеит. Аха иара аанкылатәуп ҳбызшәеи ҳаԥсуареи еиқәҳархарц ҳҭахызар. Еиҵагылеит аҵара бзиа змоу аҿар рабиԥара. Урҭ рыҩныҵаҟа иҟоуп аԥсуа бызшәа ахархәараҿы иахьа иҳамоу апроблемақәа рзы зхатәы гәаанагара змоу ауаа.

© Фото : Профиль Б. Шулумба на FacebookБаҭал Шәлымба, афилологиатә наукақәа ркандидат
Баҭал Шәлымба, афилологиатә наукақәа ркандидат - Sputnik Аҧсны
Баҭал Шәлымба, афилологиатә наукақәа ркандидат

Ҳара ҳиҿцәажәеит Баҭал Шәлымба, афилологиатә наукақәа ркандидат, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет адекан ихаҭыԥуаҩ.

"Аԥсуа бызшәа ахархәараҿы апроблема ҳамоуп ҳәа сҳәар, имаӡоу акгьы аасыртӡом, избан акәзар уи апроблема акырынтә иалацәажәахьеит, аӡбаразгьы аҽазышәарақәа маҷым, аха ус шакәугьы аҭагылазаашьа макьана уеигәырӷьартә иҟам, уимоу иахьеицәахазгьы ҟалеит. Иаҳҭаху акоуп – еффективла аус зуа амеханизмқәа.

Зураб Хьыбба - Sputnik Аҧсны
Зураб Хьыбба: узламцәажәо абызшәа аҿиара аиуӡом

Раԥхьаӡа иргыланы, ари аус аҟны ацхыраара ҳнаҭоит ҳазлацәажәо апроблема змоу еиуеԥшым аҳәынҭқаррақәа рԥышәа. Аԥсуаа ҳамацара ҳҿы акәӡам ахатәы бызшәа аиқәырхара проблема ахьықәгылоу. Иаҳҳәап, ИУНЕСКО иҭнажьуа адунеижәларбжьаратәи абызшәақәа ратлас уахәаԥшуазар, иахьазы иҟоуп 350 бызшәа 50-ҩык заҵәык ауаа злацәажәо. Ари аҩыза улахь еиқәызҵаша астатистика иаҳнарбоит аусқәа шыҟацәҟьоу.

Абызшәа аҿиара азҵаара аҟны аинтернет иазоужьоу аҭыԥ, инанагӡар иалшо хра злоу афункциақәа урыламцәажәаргьы ауӡом. Иахьазы, адунеи аҿы аинтернет иабызшәа хадақәаны иԥхьаӡоу англызи акитаи бызшәақәа роуп. Ҳара ҳакәзар, еиҳараӡак аинтернет аҟны ҳхы иаҳархәо аурыс бызшәоуп: уи алоуп аинформациа злаҳадаҳкыло, излалаҳарҵәо. Аха, ҳхатәы бызшәа аганахь инхеит. Уи иаҵанакӡом, акы аиқәырхаразы даҽакы ҳагәыҵасроуп ҳәа: аурыс бызшәа иҟалоит абизнес бызшәаны иаанхар, насгьы адунеи ҳҽызламаҳдо бызшәаны иҿиалар. Аха аԥсуа бызшәа ҳәынҭқарратә бызшәоуп, ҳаҩныҵҟа ихадароу бызшәаны иҟазароуп.

Аԥсуа бызшәа аинтернет аҿы ахархәара аизырҳаразы имҩаԥгатәуп аӡыргаратә усқәа. Иаԥҵатәуп аԥсышәала иҟоу аинтерес зҵоу (арлахҿыхратә) апрограммақәа (иахьазы ипопулиартәу апрограммақәа рыла иалагазар ҟалоит, анаҩс аексклиузивқәагьы).

Аԥсышәала ицәажәо асоциалтә каҭақәа раԥҵарагьы аҭахуп, избан акәзар иахьатәи аҿар реиҳараҩык рыԥсҭазаара уи иадҳәалоуп. Ажәакала, аԥсуа бызшәеи аҿари еиҩызцәаны иҟалароуп.

Насгьы, абызшәа иалшароуп иахьатәи аҿар ргәыҵхақәеи, рцәаныррақәеи раарԥшра, убас абызшәа аус аур, ажәа ҿыцқәагьы шьақәгылоит иара аҩныцҟатәи арезервқәа рыла. Убри ауп абызшәа аҿиара захьӡугьы. Иҟалап, ашколхәыҷқәа аҵара зларҵо ашәҟәқәа аиҭарыхәаԥшра рҭахызаргьы: ахәыҷы анбан анааиртуа, XVIII-тәи ашәышықәсахь дамгозароуп. Уи азы иҟоуп аҭоурых. Ари иаҵанакӡом архаизмқәа мап рцәыскуеит ҳәа. Уажәтәи ахәыҷы дызланхо аԥсҭазаара аазырԥшуа, иааикәыршаны иҟоу амаҭәарқәа зныԥшуа асахьақәеи ажәабжьқәеи анызароуп. Хыхь ишысҳәаз еиԥш, абызшәа ахархәара аизырҳаразы, уи иахьатәи аамҭа аҭахрақәа иақәшәо иҟазароуп.

Аԥсуа бызшәа арҿиара афонд иҭнажьыз ашәҟәқәа - Sputnik Аҧсны
Ҩаԥхьа абызшәа апроблемахь: аԥсшәа ахьысҳахара ашьаҭа абаки?

Иманшәалоу аҭагылазаашьақәа аԥҵатәуп аԥсуа бызшәа ԥсыҽны издыруа, мамзар зынӡа иззымдыруа ирҵарц азы. Аҳәынҭқарра ацхыраарала иаарттәуп абызшәа арҵаратә центрқәа, изҭаху ауаҩы хәыда-ԥсада днеины аԥсшәа иҵартә аҭагылазаашьа ыҟазарц. Сара издыруеит жәаҩык инареиҳаны зхатәы бызшәа ԥсыҽны издыруа аԥсуаа, аха Анцәа иџьшьаны, агәаҳәара рымоуп ирҵарц. Аха ара ицәырҵуеит даҽа проблемак, рымацара ирҵарц азы еффективла иҟоу апрограммақәа маҷуп. Абызшәа ззымдыруа авба аиҭара мариоуп, уи зегьы иаҳалшоит, аха изҵарц зҭаху, ихықәкы анагӡаразы иҿаԥхьа ицәыраҳго ҳамоума, шәҟыла-быӷьшәыла иахьынӡахәҭоу деиқәҳаршәеит ҳазҳәару?"

Аԥсуа ҳәынҭқарра зеиҿкаау аԥсуа етнос аиқәырхаразоуп. Ҳара ҳетнос Аԥсны еиқәаҳмырхар, ҽаџьара ишузеиқәмырхо зегьы еицырдыруа акоуп. Ҳетнос аиқәырхара шьаҭас иаиуа аԥсшәа ауп. Избанзар аетносқәа реиԥшымра бызшәала, культурала, леишәала, қьабзла ауп ишыҟоу.

Ус анакәха, зегьы ирышьаҭоу ҳбызшәа амырӡра, аиқәырхара амҩақәа ԥшааны, урҭ ҳарныланы ҳдәықәлар, ииашоу мҩак ахь ҳкылнагоит. Аха ус еиԥш иҟоу мҩак ҳанымларгьы ииашам ҭыԥк ахь ҳкылнагоит. Ҳааҟәымҵӡакәа ҳаԥсуа бызшәа иазку азакәан еилаҳгоит. Ус ҟаҳҵонаҵы ҳҳәынҭқарратә бызшәа аҳҳәынҭқарратә функциақәа азынанагӡом. Абри хәыҷ-хәыҷы ариашара ҳаналамга аамҭа ҳара иаҳҿагылар алшоит. Аамҭа ҳҿагылаанӡа ҳбызшәа аиқәырхареи уи аҿиармҩеи ианылатәуп, иаҳҭахызар уаҵәы жәларык раҳасабала ҳаиқәхарц.

Ажәабжьқәа зегьы
0