АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр Дырмит Гәлиа идраматә ҩымҭа "Анаурқәа" ала аспектакль апремиера ықәдыргылеит Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр асценаҿы.
Апремиера ахәаҧшразы атеатр ахыбрахь имҩахыҵит аҟазара абзиабаҩцәа маҷҩымкәа.
"Ари аспектакль уаанӡагьы аус адызулахьан, ахаԥшьгаратә театр аҟны иқәсыргылахьан, иара убас 15-16 шықәса раԥхьа Тҟәарчалтәи атеатр аҿы. Уажәы, Софа Агәмааԥҳа напхгара зылҭо аҿар ртеатр аҿы ақәыргылара сыдыргалеит", — иҳәеит аспектакль арежиссиор Шьалуа Гыцба.
Арежиссер иажәақәа рыла, атеатр актиорцәеи иареи русеицура алҵшәа бзиақәа аиуит.
"Абҵара 2 инаркны иахьа уажәраанӡа аус здааулоз аспектакль иахьа иқәҳаргылоит. Сыздыруам ахәаԥшҩы ишеиликаауа, аха ҳара ҳтәала даара иактуалтәу, иаҳзааигәоу, иахьатәи аамҭа иақәшәо ак акәны иҳаԥхьаӡоит уи", — иҳәеит Гыцба.
Аспектакль арежиссиор иазгәеиҭеит, ақәыргылара ишалахәу жәаҩык актиорцәа, аҿар рнаҩсангьы аиҳабыратә биԥара иаҵанакуа актиорцәа шыҟоу.
Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр аԥҵан 2014 шықәсазы. Атеатр аилазаараҿы ихәмаруа актиорцәа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет "актиортә ҟазара" аҟәша аушьҭымҭацәа роуп, дара аус руан Софа Агәмааԥҳа напхгара зылҭоз атеатр "Аамҭа" аҟны.