Аибашьра аветеран Ҵәыџьба: аԥсуаа аӡә данҳагәҭасуа ауп ҳанеидгыло

© Sputnik Анжелика Бения Художник Нодар Цвижба
Художник Нодар Цвижба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Анысымҩа асалон ахь даарыԥхьеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, асахьаҭыхҩы Нодар Ҵәыџьба.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 12 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Анысымҩа асалон аҟны еиҿкаан Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, асахьаҭыхҩы Нодар Ҵәыџьба иҿцәажәара. 

Асахьаҭыхҩы Нодар Ҵәыџьба дахьиз, хшыҩла, доуҳала аизҳара дахьалагаз аҭыԥ, аамҭа, аибашьра аҟынтә игәалашәарақәа, уҳәа еиҭеиҳәеит.

"Сара ииашаҵәҟьаны Џьанаҭ сиит, Ҷлоу, Фазиль дыззышәаҳәоз Чегем иаҩызан. Еиҳарак ашкол аҟноуп сҟазара ахы ахьцәырнагаз. Уаҟа еиҽкаан алитературатә, асахьаҭыхратә гәыԥқәа, иаҳҭаауан ашәҟәыҩҩцәа, асахьаҭыхыҩцәа, ашкол аԥсы ҭан. Насыԥс исымаз аҳабла аиашьараҿы сеиҵбын, аҩынаҳара ирлас-ырлас исықәшәалон. Абыргцәа ҳаман еизаны иантәалакгьы ишаанӡа Нарҭаа ражәабжьқәа, рцәажәашьа, рҟазшьа еиҭарҳәалон", – иҳәеит Ҵәыџьба.

Нодар Ҵәыџьба Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа далганы Қарҭ асахьаҭыхратә академиа аҟны иҵара иациҵеит. Иахьа асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аҟны ииааӡоит асахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа. Аиҿцәажәараан Ҵәыџьба дазааҭгылеит ԥсабарала ирҿиаҩу аибашьра аҟны иҭыԥ.

Аибашьраҿы аԥҳәыс ллахьынҵа иалацәажәеит анысмҩа асалон аҟны

"Аимпериа дуӡӡа анеилаҳа аҳауаҟны икнаҳан аибашьра шалагоз, иаҳдыруан, ҩныҵҟала ҳазыҟаҵан. Исазҵаалоит, уара усахьаҭыхҩын, аибашьрахь ушԥацеи, ҳәа. Ҳмаҷын хыԥхьаӡарала. Уи азҵаара ықәгылаӡамызт, сцо, сымцо?! Амилаҭ дуӡӡақәа рыҟны, аҟазацәа рмилаҭ аибашьра ианақәшәалакгьы, ирылагылоуп. Аҟаза, дҟазазар, иԥсуа дрыцыԥсуазароуп нас ииуа дрыцирц азы", – иҳәеит Ҵәыџьба.

Анысымҩа асалон аҟны аиҿцәажәарақәа игәыцә шьаҭаны ирылагылоуп аибашьра атема. Иумбарц залшомызт Ҵәыџьба дызнысыз аибашьратә мҩы алацәажәара шицәыхьанҭаз.

"Аҟәа анаҳга, ианҳау ахақәиҭра, ҳаҷкәынцәа ишырҭахызгьы рлақҭа зыччаӡомзт", – ҳәа иҳәеит иара. 

Ҵәыџьба еиҭеиҳәон аибашьра ашьҭахь иԥсҭазаара шышьақәгылаз атәы.

"Теориала издыруан, аибашьра ашьҭахь аԥсҭазаара шыхьанҭоу, аха ас ихьанҭахоит ҳәа схаҟны исзаагомызт. Аизыҟазаашьа, агәыбылра, аибабара аӡра иаҿуп. Иахьа аҟара ҳбеиан сара исгәалашәом, аха иахьаҟара ҳаицәыхарангьы ҳҟамлаӡацт. Хдыррала иҳазмырсуаз амал ҳамоуп, ҳахдырра иаднамкылаз. Ҳдоуҳа иаҵанамкуаз рацәаны иҳадаҳкылеит. Уааи аҩныҟа аҳәашьа ҳхашҭит. Ихадоу амал акәӡам, ихадоу анасыԥ оуп, убри дырны иҳамазароуп", – ҳәа игәаанагара иҳәеит Ҵәыџьба.

Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран дазааҭгыланы дрылацәажәон иахьатәи аамҭазы игәы изырхьуаз атемақәа.

"Сара ирацәаны исаҳауеит аибашьра нҵәеит ҳәа, сшәыҵашьыцуеит. Изҳәада инҵәеит ҳәа? Иаҟәыҵма аибашьра ақырҭқәа, иргәиҭоума? Мамзар ҳара ҳҳәааҟны ҳнеины иаҳзыхьчама?  Ҳара ҳаибашьра убриаҟара ирласны иаҳхаҳаршҭырц ҳаҿуп, сҿы иҭамӡо Анцәа исумырҳәан, аха ҳазшаз ирлас иаҳгәалаиршәоит. Убри аҩыза аҭагылазаашьаҟны ҳааины ҳаҟоуп, абри аибашьра иалагараны ианыҟаз аамҭазы ҳхымҩаԥгашьа, убас хәыҷык ҳаиԥшуп уажәгьы. Избанзар џьара иит ашәарҭа. Ирацәаны ашәарҭақәа ыҟоуп", – иҳәеит Ҵәыџьба.

Иара иажәақәа рыла ҳҭагылазаашьа аԥсахразы аидгылара аҭахуп.

"Аидгылара ҳагуп. Акра, Анцәа ихаҵара акны иҟалароуп. Ҳуахәама еиҩшахеит, зехьынџьара ҳаҩшоуп. Аха иџьашьаху ҳара ҳахьеиҩыршо ҳара-ҳара ҳаку џьаҳшьоит ҳҽеиҩызшаз, ҳара иҳацхыраауеит аҽеиҩшараз. Ҳара ҳаҩшанаҵы ҳшьапы ҳзықәгылаӡом. Ҳаиқәхарц азы ҳаидгылароуп", – ҳәа иациҵеит Ҵәыџьба.

Анысымҩа асалон ахь аветеран иҿцәажәарахь имҩахыҵит аҿар, ауаажәларратә усзуҩцәа, Ҵәыџьба иҩызцәа. Аҟәа ақалақь анацәа рхеилак аиҳабы Гули Қьычԥҳа аиԥылара гәахәарыла ишлыдылкылаз атәы лҳәеит.

Зураб Ачба - Sputnik Аҧсны
Зураб Ачба иԥсы ҭазҭгьы иахьа 65 шықәса ихыҵуан

"Изныкымкәа сизыӡырҩхьеит ахшыҩ ду змоу, зыԥсабара ҵаулоу Нодара Ҵәыџьба, аха еснагь ихәыцшьа саршанхоит. Аҟазара знапы алаку ауаа аибашьра аҟны ралахәхара иашаӡам ҳәа зны-зынла саназхәыцуаз ыҟан, аха иара ииашаны ишазгәеиҭаз еиԥш, патриотк иаҳасаб алагьы, сахьаҭыхҩык иаҳасаб алагьы аганаҟны дзаанымхаӡеит", – лҳәеит  Қьычԥҳа.

Асалон аиҳабы, Зураб Ачба ихьӡ зху ацентр "Ақәымчра зцым адунеи" адиректор Далила Ԥлиаԥҳа аиҿцәажәара алҵшәа дазааҭгылеит.

"Гәадурала исыдыскылоит аибашьраан иҟаиҵаз анаҩсынгьы, абриаҟара инарҵауланы аԥсҭазаара иазхәыцуа ауаҩы, аԥсуаа рыҩнуҵҟа, арҿиара знапы алаку ауаҩы дахьҳамоу. Аибашьра ашьҭахь иаҳбо, ҳгәы ҳзырхьо рацәоуп, ахымдырра рацәоуп. Иҟоуп инарҵауланы ихәыцуа ауаа, урҭ ҳанырзыӡырҩуа, ҳгәалаҟазара еиӷьхоит", — ҳәа азгәалҭеит Ԥлиаԥҳа.

Лара лажәақәа рыла, асалон аартуижьҭеи аиҿцәажәарақәа жәба мҩаԥыргахьеит.

"Ҳсалон аҟны ари аиҿцәажәара ажәбатәи ауп. Арҭ аипыларакәа еиҳарак изызку ажәлар иргәалашәо, рлахьынҵа, аибашьра иалиааз ауаа, рыԥсҭазаара. Иааиуа ашықәс азы ҳусура ацҵара ҳгәиҭоуп. Анаҩстәи аиԥылара атема "Ахәыҷқәеи аибашьреи" иазкызаауеит, аибашьра аан ихәыҷқәаз, иахьа 30 шықәса иҭагылоу иааҳаԥхьоит ҳсалонахь", — лҳәеит Ԥлиаԥҳа.

Анысымҩа асалон аартра аидеиа цәырҵит апроект "Историческая память людей" амҩаԥгараан. Ари апроект еицымҩаԥыргон анемец ҭоурыхдырыҩ, асоциолог Андреа Земсков-Циугеии Зураб Ачба ицентр анапхгареи.


Ажәабжьқәа зегьы
0