Аԥҳәыс бырг Вижьдан Ҭарԥҳа адиаспораҿы аԥсуа чеиџьыка шныҟәырго ҳлырбеит

Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла инхо, шьҭрала и-Џьгьардатәиу Вижьдан Ҭарԥҳа адиаспораҿы аԥсуа чеиџьыка шныҟәырго ҳзеиҭалҳәеит.

Сҭампыл ақалақь, Гьебзе араион инхо, шьҭрала Џьгьарда ақыҭа еиуоу Саадеҭин Ашәба иҭаацәа раԥсуара ишақәнаго еиԥш иныҟәыргоит, раԥсуа чеиџьыка иахьцалак ирыцуп. Аԥснынтә ирызнеиуа "Бзиала шәаабеит" ҳәа раҳәо еснагь гәаартыла ирԥылоит. Аҩнаҭа аԥшәмаԥҳәыс Вижьдан Ҭарԥҳаи, уи лҭаца Несре Хәарцкьиаԥҳаи, рыҩнаҭа аԥсуа чеиџьыка агны ируам. Рҭаацәа еснагь ԥсыуа чысла иныҟәыргоит. Рыҩнаҭа иаҭаауа асасцәагьы, уи ала пату рықәырҵоит.

"Ҳанацәа, ҳандуцәа иаҳдырҵаз ҳҳамшҭкәа аԥсуа хәқәа ҟаҳҵоит. Иаҳҳәозар: каканла ахәылчаԥа,  акәтысыӡбал, аҟәыдыршьышьы, ахарҵәысыӡбал акәтаӷьқәа жәны иагәылаҵан, абысҭа, ашәеилаҵа, арҵәы, апырпыл џьыка ҟаԥшь уҳәа Аԥсны иҟарҵо аԥсуа чысхкқәа зегьы ҟаҳҵоит. Сҭаца лоуп аишәа зырхио, лнапы ахирра абааит, изфогьы ҳалалс ироуааит. Аԥсуа чеиџьыка еснагь пату ақәын, амч ӷәӷәан", – хәыцра шәкы деимаркуа дҳацәажәон Вижьдан.

Ажәабжьқәа зегьы
0