АҞӘА, ԥхынҷкәын 15 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ачынуаа русура хра аманы иҟоу иҟаму унарбароуп иара алҵшәақәа. Аусура лҵшәадазар аҭыԥ аанкылара аҭахым, ҳәа ишьоит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба.
Атәыла Ахада Аминистрцәа Реилазаара аусуразгьы акритика ҟаиҵеит. Иазгәеиҭеит амаҵзурауаа рыбжьара иахәҭоу аинырра ахьыҟам аус ишаԥырхагоу.
"Ҳара еиҩызцәак, еибадыруа џьоук реиԥш аус аауеит. Уи иашам. Аиҳаракгьы иҟам аӡбра анагӡара аганахьала иахәҭоу ахылаԥшра", — иҳәеит Ҳаџьымба.
Атәыла ахада аминистрцәа русура еиҳа алҵшәақәа роурц рыдиҵеит.
Иара убасгьы Аԥыза-министр Аминистрра Аилазаара аусура аиӷьтәра дашьклаԥшырц идиҵеит. Иара убасгьы иҳәеит ашықәс ҿыцаз Аминистрцәа Реилазаара аусура аиӷьтәраз 2015 шықәса рзы излагаз аоптимизациа ишацҵахо.
Иара убри аан иҳәеит иҟоу аихшьаалақәа 2016 шықәсазтәи аусура еиӷьыртәып ҳәа агәаанагара шурҭо.
Ҳаџьымба иазгәеиҭеит иҟоу афинанстәи аекономикатәи уадаҩрақәа ирыхьмырԥшыкәа ауааԥсыра рҿаԥхьа асоциалтә хыдҵақәа зегьы шынарыгӡаз.