АҞӘА, ҧхынҷкәын 16 — Бадраҟ Аҩӡба. Абаза поет Лариса Шыбзыхәа лырҿиаратә хәылҧазы мҩаҧган Аҟәа, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-Аҧша амузеи ахыбраҿы.
Ахәылҧаз ашҟа имҩахыҵит ашәҟәыҩҩцәа, апоетцәа, аҵарауаа, ауаажәларратә усзуҩцәа, астудентцәа, асахьаркыратә ажәа абзиабаҩцәа.
Лариса Шыбзыхәа апоезиатә хәылҧазы аалыртит Аҧсны раҧхьатәи ахада Владислав Арӡынба изкны илҩыз ажәеинраала ала.
"Лариса Шыбзыхәа лырҿиара зегьы иагәылсны ицоит адраматизм зныҧшуа абаза жәлар рҭоурых, иара убас, Аҧсны аҭоурых, аҧсуа иҵас, иқьабз", — иҳәеит аиҧылара амҩаҧгаҩ, апоет Владимир Занҭариа.
Уи иазгәеиҭеит абаза поет Лариса Шыбзыхәа лырҿиаратә ҳәаақәа акыр ишыҭбаау, абаза литература ишалалгалахьоу тематикала еиуеиҧшым, ҵакыла иҭбаау аҩымҭақәа, иара убас иҳәеит, уи имаҷымкәа ажәеинраалақәа шеиҭалгахьоу.
Владимир Занҭариа инаҵшьны иазгәеиҭеит ас еиҧш иҟоу ахәылҧазқәа Аҧсни Нхыҵ-Кавкази рырҿиаратә еимадарақәа шарӷәӷәо.
"Лариса Аҧсны иазкны илыҩхьоу ажәеинраалақәа рацәоуп, уи акыр лгәы былуеит. Анцәа иҳәааит Абазашҭагьы Аҧсынгьы абас еиҧш иҟоу арҿиаҩцәа азгыло", — ҳәа азгәеиҭеит апоет Геннади Аламиа.
Анаҩс апоет Лариса Шыбзыхәа абаза бызшәала лажәеинраалқәа дрыҧхьеит.
"Сара даараӡа гәахәарала исыдскылоит уахатәи ҳаиҧылара, иҭабуп ҳәа расҳәоит уи еҿызкааз аҿар, Дифа Габниаҧҳа, Алхас Қаҧшь, нас урҭ ирыцхраауаз зегьы", — лҳәеит апоет.
Абаза поет дзыҧхьоз аҩымҭақәа ахәаҧшцәа акыр гәахәарыла ирыдыркылеит.
Ахәылҧаз аҟны апоет Анатоли Лагәлаа аҧсшәахь еиҭеигаз Лариса Шыбзыхәа лажәеинраалақәа дрыҧхьеит.
"Акрааҵуан, Ҟарачы-Черкесск Жәлар рпоет Лариса Шыбзыхәа Аҧсныҟа лааҧхьара ҳгәы иҭеижьҭеи, аха еиуеиҧшым амзызқәа ирыхҟьаны иахьанӡа иааит. Лариса Шыбзыхәа даара иҵаулоу, здырра ҳараку поетуп, уи лырҿиара аиҳарак Аҧсни аҧсуа жәлари ирызкуп. Апоет лырҿиараҿы цәаҳәа ҟаҧшьны иалдоуп, аҧсуаа, абазақәа, адыгақәа реизыҟазаашьа", — лҳәеит ахәылҧаз аиҿкааҩ, ауаажәларратә еиҿкаара "Ацҳа" аиҳабы Дифа Габниаҧҳа.
Габниаҧҳа иҭабуп ҳәа ралҳәеит ахәылҧаз амҩаҧгараҿы ацхыраара ҟазҵаз Аҧсны аҿартә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгареи, иара убас, апоет, Аҧсны ахада иабжьгаҩ Владимир Занҭариеи.
Ауаажәларратә еиҿкаара "Аҧсни Нхыҵ-Кавказ ареспубликақәеи рҿы арҿиара знапы алаку аҿар реидгыла "Ацҳа" аҧҵан 2015 шықәсазы. Уи хықәкыс иамоуп Аҧсни Нхыҵ-Кавкази арҿиаҩцәа ҿарацәа реимадара арӷәӷәара.
Ҟарачы-Черкесск Жәлар рпоет Лариса Шыбзыхәа дравторуп ажәеинраалақәа реизгақәа хәба, урҭ абаза бызшәалеи, урыс бызшәалеи иҭыҵит.