Валери Ақаҩба: атеатр арепертуар аспектакль ҿыцқәа рыла ихаҭәааит

© Sputnik Томас ТхайцукАԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр асахьаркыратә напхгаҩы Валери Ақаҩба.
Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр асахьаркыратә напхгаҩы Валери Ақаҩба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр асахьаркыратә напхгаҩы Валери Ақаҩба ҵыԥхтәи атеатр аусура аихшьаалақәа ҟаиҵеит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 24 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аремонт зызу атеатр ахыбра аадыртижьҭеи арепертуар хаҭәааит аспектакль "Аԥара хагақәа" ала, ҳәа ҳкорреспондент иеиҳәеит Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр асахьаркыратә напхгаҩы Валери Ақаҩба.

"Абри аамҭа иалагӡан ҳара еиҭашьақәҳаргылеит аспектакльқәа "Махаз", "Гәараԥаа рписар", "Аҽшьҩы". 

Иара убасгьы иазгәеиҭеит ҵыԥхтәи ашықәс ауадаҩрақәа ацны ишыҟаз.

"Маҷк аиҵахарақәа ҳауит, Мадина Аргәынԥҳа лықәыргыламҭа ҿыц "Аҳ деилазгаз" аус адулара ҳахьаҿыз азы. Апиеса ахәаԥшцәа ирбараны иҟоуп жәабранмза анҵәамҭаз", — иҳәеит Ақаҩба.

Ақаҩба иазгәеиҭеит атеатр арепертуар арҿыцра хықәкны ишыҟоу.

Зрительный зал драмтеатра. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа драматә театр аспектакльқәа дырбара хацнаркуеит

"Атеатр арепертуар аиҭашьақәыргылареиԥш аспектакль ҿыцқәа рықәыргыларагьы хымԥадатәины иҟоуп", — иҳәеит иара.

Атеатр асахьаркыратә напхгаҩы иажәақәа рыла абарҭ зегь рзы аԥаразоужьра аҭахны иҟоуп.

"Аспектакльқәа рыграфик аус адулатәуп. Араҟа аԥаратә цхыраара ахәҭоуп. Џьаргьы иҟаӡам атеатр асахьаркыратә напхгаҩы аспектакль ақәыргылараз агонорар имоуа. Ҩеижәашықәса инареиҳауп хәыда-ԥсада аус зуеижьҭеи. Аха уажәы уи азҵаара аӡбра иазырхиоуп", ҳәа азгәеиҭеит Ақаҩба.

Аԥсуа драматә театр ахыбра аремонт ашьҭахь иаадыртит 2014 шықәса ԥхынҷкәын 19 рзы. Аҭоурых хацыркуп 1931 шықәса рзы. 1943 шықәса рзы ахыбра анемец авиациа шьаҭанкыла иарбгеит. 1952 шықәса рзы еиҭашьақәыргылан. 1967 шықәса раахыс атеатр ихьӡ ахуп Самсон Ҷанба. 1983 шықәса раахыс атеатр асахьаркыратә напхгаҩыси режиссиор хадаси аус иуеит Валери Ақаҩба.

Ажәабжьқәа зегьы
0