Раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа иаауеит Ростовтәи ацирк

© Sputnik, Бадрак АвидзбаАфиша.
Афиша. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аестрада-цирктә лакә "Фунтик ашықәсҿыцазтәи ихҭысқәа" апремиера мҩаԥысраны иҟоуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны аҩаша, ԥхынҷкәын 29 рзы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Борис Артемиев напхгара ззиуа Ростовтәи ацирк аестрада-цирктә лакә "Фунтик ашықәсҿыцазтәи ихҭысқәа" апремиера мҩаԥысраны иҟоуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны аҩаша, ԥхынҷкәын 29 рзы.

Агәыҳалалратә фонд Ашана акциа, Аҵаа Бабадус уҟала - Sputnik Аҧсны
Акциа "Аҵаа Бабадус уҟала" мҩаԥысуеит Аԥсны

"Ҳара ахәыҷқәа идҳарбараны ҳаҟоуп аестрада-цирктә спектакль", иҳәеит Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Борис Артемиев.

Иара иазгәеиҭеит аспектакль аиҳарак иара иҵаҩцәа шракәу иалахәу.

"Аспектакль интиресуп, хаҭала ахәыҷқәа ирызкуп", — иҳәеит иара.

Артемиев иажәақәа рыла ацирк раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа иааит.

Ростовтәи ацирк аанаԥхьеит аԥсуа ган.

"Сҩызцәеи сареи иҳаӡбеит ашықәс ҿыц азы ахәыҷқәа аҳамҭа рзыҟаҳҵарц. Борис Артемиев ианидаагала – дақәшаҳаҭхеит", — иҳәеит Ростовтәи ацирк Аԥсныҟа аара аиҿкааҩцәа ируаӡәку Амир Цушба.

Иара иазгәеиҭеит ақәгылара Гәдоуҭатәи Акультуратә хан аҟны ишымҩаԥыргахьоу. Аиҿкааҩ иажәақәа рыла ацхыраара рырҭеит Аԥсны Акультура аминистррагьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0