Аԥсны ирыдыркылеит атәымтәылауаа рзинтә статус азы азакәанқәа

© Sputnik Томас ТхайцукАпарламент.
Апарламент. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Аԥсны Аҳәынҭқарра алалареи алҵреи рыԥҟара азы" азакәани "Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны атәымтәылауаа рзинтә статус азы" азакәани аҵыхәтәантәи аԥхьарала ирыдыркылеит аҩаша, ԥхынҷкәын 29 рзы.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 — Sputnik, Саид Барганџьиа. Атәымтәылауаа рзинтә статус азы Азакәан рыдыркылеит аҩаша, ԥхынҷкәын 29 рзы.

Адепутат Иури Зыхәба ишиҳәаз ала азакәан аус адырулон аусутә гәыԥ ду. Иара иазгәеиҭеит арҭ азҵаарақәа рнапы рылакызароуп ҷыдала иазырхо аҭакԥхықәра зду аорган ҳәа.
Апарламент Аԥсны ҽаантәи абиуџьет аднакылеит актәи аԥхьарала

"Иааит аамҭа аҳәынҭқарра Аԥсныҟа иаауа атәымтәылауаа хылаԥшра анамҭар ада ԥсыхәа аныҟам", — иҳәеит иара.

Атәыла Ахада Иусбарҭа аҳәынҭқарра-зинтә напхгара аҟәша аиҳабы Давид Сангәлиа иажәақәа рыла азакәан апроект иазыԥхьагәанаҭоит атәымтәылауаа рџьазы аԥҟара аԥсахрақәа.

"Атәылауаа, аквалификациа ҷыда змоу, ирылшоит аамҭала Аԥсны инхарц. Урҭ азанааҭқәа реиқәыԥхьаӡа азнархиоит Аминистрцәа Реилазаара", — иҳәеит иара.

Адепутат Дмитрии Гәынба иазгәеиҭеит "Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны атәымтәылауаа рзинтә статус азы" Азакәан шхымԥадатәииз, избанзар атәымтәылауаа рзинтә статус ҳәаақәызҵоз норматив-зинтә шьаҭак ыҟан иҟамызт азын.

Иара иажәақәа рыла "Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны атәымтәылауаа рзинтә статус азы" азакәан иҳәаақәнаҵалоит атәымтәылауаа Аԥсныҟа раареи, аамҭала анхареи, аусуреи роура аԥҟарақәеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0