Роман Дбар: Аԥсны аԥсабара асоура аҽанырнаалоит

© Sputnik Наала АвидзбаАҟәа илеиз асы.
Аҟәа илеиз асы. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи асубтропикқәа асоурақәа рхы шандырнаало атәы ҳзеиҭеиҳәеит Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аекологиа Аинститут адиректор Роман Дбар.

Аиҿцәажәара мҩаԥылгон Наала Аҩӡыԥҳа.

-Аԥснытәи асубтропикатә ӡынра ҳшашьцылахьо ала иԥхарроуп, амрагьы ҳазыгәышьуа ҳҟамҵакәа ихааӡа иԥхоит. Асы бзиа избо лассы-лассы иаргәырӷьом. Ишԥаныруеит асы ареспублика аԥсабара?

— Асы амшын иахьаԥну лассы-лассы ишаҳамбогьы Аԥсны азы оумашәа иубаша акакәны иҟам. Асцәаҳәа иалшоит аԥшаҳәахьы аҽадкылара, аха аиҳарак иара ахьымҩасуа амшын инахыкны 600 метра аҳаракыраҟноуп. Амшынԥшаҳәа аԥхарраҟны асы ахышәа-ҵышәа шьақәнаргылоит аглобалтә ҳауатә цәырҵра. Зегьы еицырдыруеит Ас ду. Реиҳа асы рацәаны иауит, иагьышьҭалеит ҳәа иԥхьаӡоуп 1992-1993шш., 1993-1994шш.

Сухум во время снегопада. Проспект Аиааира - Sputnik Аҧсны
Аҳҭнықалақь анапхгара машьынала аныҟәара аанкылахарц аҳәара ҟарҵоит

Аамҭакьаҿк ала илеиуа асы, уажәтәи ҳсы еиԥшу – аԥсабаразы иџьоушьаша акакәны иҟам. Асеиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа ҳара драмак еиԥш иҳадаҳкылоит избанзар ацивилизациеи иареи рҽеиԥыршьроуп. Аха атехнологиатә ҭагылазаашьақәеи акоммуникациақәеи асеиԥштәи аҭагылазаашьа иаҿагылартә еиԥш иҟамзар, ҳаргьы ашәарақәа ҳазцәырҵуеит. Аха убри аан иаадыруазароуп аԥсабара хара шамам абри аус аҟны. Ҳара ҳауп иара зҽақәзыршәаша, ҳара ҳауп иара ианаалаша.

Ҳәарада ҳаԥсабара аслеира ахы анрааланы, аҽаршьашәаланы иҟоуп. Избанзар ԥсабарала ҳтәыла аҵакыра азыбжа асы азона иаҵанакуеит. Ҳшәаԥыџьаԥ ракәзар рыбжеиҳара асы ҵауылагьы рычҳартәеиԥш аҭагылазаашьа рымоуп. Иаҳҳәап ашьхараҟны изызҳауа Нордман иԥса мамзаргьы кавказтәи аԥса рхы бзиаӡаны ирбоит асы ианылагылоу, ашәыб ианаҵагылоу. Урҭ рымахәқәа алада ирхоуп. Аԥсабара усеиԥш иашеит. Егьа асы рықәнаургьы ирықәгылаӡом – ирықәҵәраауеит. Даргьы ацәашьқәа реиԥш асы илагылоуп. Аҵиаақәа ракәзар асы анрықәноулак адгьыл рҽаҟаратәны ишьҭалоит. Иҟоуп иара убасгьы "аҩ иашьу абнара" захьӡу. Уи ус иашьҭоуп избанзар иара ахьгылоу азонаҟны ашәаԥыџьаԥ зегь кьынаа-мынаан ирызҳауеит. Асы ихнамыжәжәарц азы усоуп рызҳашьа шыҟоу.

Роман Дбар: Аԥсны аекосистемаҿы амцаԥшьхәаҷа аԥсабаратә ӷацәа цәырҵит

-Аԥсны амшын иахьаԥну аҭыԥқәа рҟны изызҳауа аҵлақәа, иаҳҳәап апальмақәа, асы рацәа шԥархыргои?

— Ииаҵәароуи асубтропикақәа иртәуи аҵиаақәа рзы ҳәарада асы апроблема дуқәа ацуп. Ирықәжьу асы рымахәқәа ианрықәҷаблак ихнажәжәар алшоит. Урҭ асеиԥш иҟоу аҭагылазаашьа ԥсабарала иазыҟаҵаӡам. Дара рыԥсадгьыл аҟны асоура еиԥшу аԥсабаратә цәырҵра зынӡаскгьы иҟамзар алшоит азы.

Убри азы дара хҩалатәуп, асы рықәхлатәуп. Арахь иаҵанакуеит апальмақәа, аладатәи агәырҵлақәа. Аҵыхәтәантәиқәа аԥхарратә тәылақәа рҟнынтәи акәзар иахьааго – асы зынӡаск ирнаалом. Асы рықәымҵаарц азы иаҵыршәшәалатәуп.

- Аԥсны иҟоу аԥстәқәа ишԥархыргои асоура?

— Ари аҩыза аҭагылазаашьа аԥстәқәа иара убас иазыҟаҵоуп. Ирацәоуп аԥстәқәа ахьшәашәарақәа анааигәахалакь ицәо. Аҽа џьоукы рыкрыфара рыԥсахуеит, рхәы иазҳауеит, рышша иацырҵоит. Убри азын асоура аԥстәқәа рзы ипроблемоуп ҳәа ҳазҳәом. Аԥсаатәқәа ахьшәашәарақәа анааскьахо егьырҭ аҭыԥқәа рахь иԥыруеит. Имаҷны илеиз асы аԥстәқәа реиҳарак рзы ԥырхага амам. Аха асы акыраамҭа ишьҭахар ԥсаатәқәак рыфатә рзымԥшаар алшоит. Амалам иара убригьи иаабац-иҳаҳац акоуп.

- Хәарҭара амоума аԥсабаразы асы аԥшаҳәаҿы акыраамҭа ишьҭахар?

— Асы ахҟьа даара ихәарҭоуп. Асы аҵаулара акраҵанакуеит адгьыл аԥсыларазы. Ашьхақәа рҿы асы рацәаны ишьҭалазар аӡын, аԥхын аарҩарақәа еиҳа имаҷхоит.

Асоурақәа раԥхьа иргыланы анышә аҿы аӡы ааныркылоит. Ҳара ҳзын ари даара акраҵанакуеит, избанзар ҳара ҳанхоит аӡы ахьырацәоу атәылаҿы, ҳабнақәа рҿы инхо аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи ашьцылахьеит ари аҩыза аҭагылазаашьа.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0