"Мои Золотые" аҩбатәи атурахь инеит

© Фото : Команда КВН "Мои золотые".Команда КВН "Мои золотые".
Команда КВН Мои золотые. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи Алахҿыхцәеи Ақьачақьцәеи рыклуб акоманда "Мои Золотые" аҩбатәи атур ахь инеит шәачатәи афестиваль "КиВиН 2016" аҿы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 18 – Sputnik, Асида Кәыцниаԥҳа. Аԥснытәи Алахҿыхцәеи Ақьачақьцәеи рыклуб акоманда "Мои Золотые" аҩбатәи атур ахь ицеит 27-тәи Жәларбжьаратәи афестиваль "КиВиН 2016" аҿы Шәача имҩаԥысуаз. Абри атәы Sputnik акорреспондент иизааицҳаит акоманда апродиусер Михаил Гагәылиа. 

"Мои Золотые" XXVII Жәларбжьаратәи афестиваль "КиВиН-2016" иалахәхоит

"Аҩбатәи атур ахь анеира даара ицәгьан, агәаҭаратә зал аҿы итәаз афестиваль егьырҭ алахәҵәа ракәын, урҭ рырччара цәгьала иуадаҩуп. Иара убас ҳара ҳақәгыларақәа гәарҭон Урыстәыла Алахҿыхцәеи Ақьачақьцәеи рыклуб алигақәа зегьы рредакторцәа, урҭ роуп иагьызыӡбо акоманда ԥхьаҟатәи аԥеиԥш", — иҳәеит Михаил Гагәылиа.

Апродиусер иажәақәа рыла, акоманда рымч иақәгәыӷуеит, апремиер-лигахь инеиртә иҟоуп.

"Ҳара ҳкоманда егьырҭ иреиԥшым, рышәаҳәареи рыкәашареи ухнахуеит, аԥсуаа есымшагьы ус иҟан", — ациҵеит Гагәылиа.

Шәачатәи жәларбжьаратәи афестиваль "КиВиН 2016" аҿы 400 команда алахуп. Афестиваль аконцерттә зал "Горки Холл" аҿы имҩаԥгахоит. 

Аиндаҭларатә программа аартхоит ажьырныҳәа 12 рзы.

Алахәылацәа рхысроуп еиуеиԥшым ахәмарратә хкқәа, арегионалтә лигақәа рҟны ареитингқәа зегь рзы аҽышәарақәа рхыганы. Афестиваль хыркәшахоит ажьырныҳәа 23 рзы афиналтә шоу ателехәаԥшратә версиа аҭыхрала.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0