ГАГРА, ажьырныҳәа 19 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Гагра араион Ахадараҟны аполитикатә партиа "Аԥсны акзаара" имҩаԥнагеит аконференциа, араҟа дшьақәырӷәӷәан уи ахантәаҩы.
Аконференциа аусура рхы аладырхәит Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа Сергеи Шамбеи Ҭемыр Гәлиеи.
Ҭемыр Гәлиа аконференциа аартуа еизаз ирылиҳәеит аполитикатә партиа "Аԥсны акзаара" анапхгаратә системаҟны акадртә еиҭакрақәа шыҟало. Ажьырныҳәа 27 рзы имҩаԥсыуеит аполитикатә партиа аизара, араҟа дшьақәырӷәӷәахоит ахантәаҩ ҿыц. Убри инамаданы Аԥсны араионтә ҟәшақәа рҿы апартиа алахәцәа рыҩнуҵҟатәи бжьыҭирала иазалххоит ахантәаҩцәа.
Аполитикатә партиа "Аԥсны акзаара" Гагратәи аҟәша аилатәара амшхәаԥштә аҟны зҵаарас иқәгылан ахантәаҩы иалхра.
Иаарту бжыҭирала аилатәараҟны аполитикатә партиа "Аԥсны акзаара" Гагратәи аҟәша ахантәаҩыс дазалхын Ҭемраз Хышба.
Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Сергеи Шамба ажәахә ҟаҵо иазгәеиҭеит, иара ари аполитикатә партиа аԥҵаҩцәа дшыруаӡәкыу.
"Аполитикатә партиа "Аԥсны акзаара" аԥышәа ду амоуп. Уи изныкымкәа атәыла Ахада иалхрақәеи Аԥсны Жәлар Реизара Апарламент ахьи изныкымкәа аиааира агахьан. Аха аҵыхәтәантәи аамҭазы маҷк ахҟьа-ԥҟьақәа аиут, аҽеиҩнашеит. Иахьазы ари аҭагылазаашьа рҽеины апартиа аиҭаҿиара амҩа ианылеит", — иҳәеит адепутат.
Иара убас Сергеи Шамба иазгәеиҭеит, апартиа хықәкы хадас ишамоу ауаажәлар реидкылара.
"Ҳтәылаҟны ицәырҵуа азҵаарақәа ҳарҭ зегьы еицаҳӡбароуп. Уи иаанагаӡом Аԥсны уаҳа апартиақәа ҟалар ауам ҳәа. Сара еснагь гәаанагарас исыман, урҭ ҳаилазаара арҿиара иацхраауеит ҳәа. Аха иҟоп убас еиԥш азҵаарақәа, ажәлар зегьы еидгыланы ирӡбаша", — инаҵшьны иазгәеиҭеит Сергеи Шамба.
Аполитикатә партиа "Аԥсны акзаара" Гагратәи аҟәша ахантәаҩыс иазалхыс Ҭемраз Хышба иҭабуп ҳәа реиҳәеит игәра ганы ари амаҵураҿы дшьақәзырӷәӷәаз. Иара ажәахә ҟаҵо иазгәеиҭеит Гагра араион аекономикатәи асоциалтәи аполитикатәи хырхарҭақәа рҟны атәылазы аҵак ду шамоу.
"Аԥсны еиԥш, Гагра араионгьы иаланхоит амилаҭ рацәа. Дара еилыркаароуп милаҭла ажәлар реилыхра шыҟамло, ҳарҭ зегьы иаҳзеиԥшу аԥеиԥш шаҳзыԥшу", — иҳәеит Хышба.
Убри инаҷыданы, аполитикатә партиа "Аԥсны акзаара" Гагратәи аҟәша ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩцәас иазалхын аурыси аермани абырзени Рхеилакқәа рхаҭарнакцәа.