Дбар: Аԥсныҟа вирус Зика аланагалар алшоит

© REUTERS / Paulo WhitakerВирус Зика атехник игәаиҭоит.
Вирус Зика атехник игәаиҭоит. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аекологиа Аинститут адиректор Роман Дбари Аҟәа ақалақьи Аҟәа араиони рсанитартә ҳақьым хада Алла Белиаевеи иазгәарҭеит Аԥсныҟа вирус Зика аланагалар алшоит ҳәа.

АҞӘА, жәабран 5 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсныҟа вирус Зика аланагалар алшоит, ҳәа ҳаиҳәеит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аекологиа Аинститут адиректор Роман Дбар.

"Вирус Зика рылазырҵәо акәыбры хкы Aedes ауп. Иҭҵаатәуп Аԥсны иахьазы иуԥыло акәыбрыхкқәа, ирылшома урҭ ари авирус ҳалагалара. Атеориала уахәаԥшуазар авирус Аԥсныҟа иқәнагалар алшоит", — иҳәеит Дбар.

Дбар иажәақәа рыла Урыстәыла иахьаҵанакуа, аладатәи аҿацә алкааны, егьирахь авирус рылазырҵәаша акәыбырқәа ыҟаӡам.

"Урыстәыла авирус мыҿиар алшоит, аха ҳара ашәарҭа ҳҭагылоуп. Узавсуа иҟам аглобалтә ԥхаррагьы. Аԥхарраан аԥстәы, аԥсаатә ларҵәаҩцәа рыҽдырҭбаауеит, уаанӡа иахьымнеиуазгьы инеиуеит", — иҳәеит иара.

Дбар иазгәеиҭеит авирус Аԥсны иҟалар алшо иалымшо аилкааразы иҟалар зылшо ашәарҭара ҭҵаатәуп.

© REUTERS / Paulo WhitakerЛичинки желтолихорадочного комара.
Личинки желтолихорадочного комара. - Sputnik Аҧсны
Личинки желтолихорадочного комара.

"Дара ҟалар рылшоит ацәаакыра ахьыҟоу аҩнаҵаҟақәа рҟны. Азҵаара зыҭҵаара аҭахны иҟоу акакәны иҟоуп", — иҳәеит Дбар.

Аҟәа ақалақьи Аҟәа араиони рсанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева илҳәеит иарбоу авирус Европа џьаргьы ишазгәарымҭац. Мшаԥымзанӡагьы иҟалар алшом избанзар уаҟа уажәазы ихьҭоуп.

"Урыстәылатәи аинститутқәа асеиԥш иҟоу авирусқәа ҭырҵаауеит. Аусурақәа хыркәшахар иаҳҳәо еиҳа иҳауеит. Макьаназы акы ахцәажәара заауп", — лҳәеит Белиаева.

Лара лажәақәа рыла акәыбрыхкы Aedes Аԥснгьы имаҷзаргьы иҟоуп.

Вирус Зика Flavivirus авирусхкқәа ирыҵаркуеит. Ашыӡ узнарҵысуеит. Ачымазцәа ахыхь рызцәырҵуеит, рцәа акәаԥ ақәнаԥсоит, рҟәартәрақәа чуеит, ирыхьуа иалагоит. Иахьазы авирус ахы днардырны иҟоуп Аладатәи Америка атәылақәа рҟни асубтропикатә тәылақәа рҟни.

Ажәабжьқәа зегьы
0