Бганба: аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә органқәа рзинқәа ҳарҭбааит

© Sputnik / Томас ТхайцукАпарламент.
Апарламент. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Валери Бганба апресс-конференциа мҩаԥигеит ахаша, жәабран 10 рзы. Уаҟа далацәажәеит аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә система ареформа азҵаара.

АҞӘА, жәабран 11 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Валери Бганба апресс-конференциа мҩаԥигеит ахаша, жәабран 10 рзы. Уаҟа далацәажәеит аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә система ареформа азҵаара. Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә органқәа рзинқәа ҳарҭбааит иҳәеит Бганба.

"Аҭыԥантәи Ахадацәа аӡәгьы инапаҵаҟа иҟам, ралхыҩцәа рыда. Дарбанызаалак Ахада араионтә Еизара ақәшаҳаҭрада имаҵзура дахаргылахом. Ари аиԥш уаанӡатәи азакәан аҟны иарбамызт", — иҳәоит Бганба.

Жәлар Реизара аиҳабы иазгәеиҭеит араионқәа рхадацәа раҭашьа адемократиатә нормақәа ирықәшәоит ҳәа.

Аҭыԥантәи ахаланаԥхгараҭараз аконституциа ахәҭаҷ ариашарақәа азуп

"Араион Ахада – анагӡаратә мчра даҵанакуеит, уи ажәлар роума далызхыз, атәыла Ахада иоума дазҭаз мамзаргьы араионтә Еизара аума далызхыз иахьмырԥшыкәа анагӡаратә мчра анапаҵаҟа дыҟоуп", — иҳәоит иара.

Бганба иара убасгьы иазгәеиҭеит аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә органқәа рхатәы биуџьетқәа шрымоу.

"Ҵыԥх ҳара иҳадаҳкылеит азакәан: "Абиуџьети абиуџьеттә шьақәгылашьеи Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны". Уаҟа амчрақәа зегьы рыҭоуп аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә органқәа. Апарламент иахьа ишьақәнарӷәӷәоит ареспубликатә биуџьет, аҭыԥантәи абиуџьетқәа ҳара ҳаҽрылаагалаӡом", — иҳәеит Бганба.

Аӡынтәи асессиа хыркәшахеит жәабран 10 рзы. Апарламент ааԥынтәи асессиа хацыркхоит 2016 шықәса хәажәкыра 1 азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0