Аԥсны Жәлар рпоет Рушьбеи Смыр 66 шықәса ихыҵит

© Foto / ГИА "Апсныпресс"Рушьбеи Смыр
Рушьбеи Смыр - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар рпоет, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат Рушьбеи Смыр 66 шықәса ихыҵит.

АҞӘА, жәабран 13 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Жәлар рпоет, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат, "Ахьӡ-Аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Рушьбеи Смыр иахьа 66-шықәса ихыҵит.

"Рушьбеи Смыр даара иҳараку поетуп. Уи иажәеинраалақәа акыр ажәлар ирылаҵәахьеит, бзиа ирбоит. Раԥхьаӡа иргыланы сара идысныҳәалоит имш иира, изеиӷьасшьоит агәабзиара, иара убас арҿиараҿы иҵегь ақәҿиара дуқәа. Рушьбеи Смыр Аԥсны дыззымдыруа аӡәгьы дыҟаӡам. Уи аклассикатә формала иҩу иажәеинраалақәа хәыҷгьы-дугьы бзиа ирбоит. Аԥсуа литература ҳаракны иҟазҵаз апоетцәеи, ашәҟәҩҩцәеи анцәа иџьшьаны имаҷӡам, еснагь иаҵагылоит. Убри аҟынтә сара исҭахуп абас еиԥш иҟоу апоетцәа наҟ-наҟгьы иҵегь ииуа, аԥсуа литература еиҳагьы идырҭбаалар, еиҳагьы еихарҳалар. Рушьбеи Смыр ицәмаҷу агәабзиара ауп, агәабзиара игымзааит", — лҳәеит апоет, Аԥсуа бызшәа арҿиара афонд аиҳабы Гәында Кәыҵниаԥҳа.

Рушьбеи Смыр акьыԥхь аҿы дцәырҵит 1965 шықәса инаркны, раԥхьаӡатәи иҩымҭақәа рнылоит агазеҭ "Бзыԥ" адаҟьақәа.

Апоет раԥхьатәи иеизга "Аеҵәақәа рыкәашара" ҭыҵит 1973 шықәсазы. 

Рушьбеи Смыр ипоема "Симра" иалху аспектакль апремиера мҩаԥысит

1995 шықәсазы апоет ихҵан Адыга Ареспублика зҽаԥсазтәыз акультура аусзуаҩ ҳәа ахьӡ, дрылоуп Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациеи, Урыстәыла Ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи.

"Рушьбеи Ҳазараҭ-иԥа аԥсуа литература аклассикцәа ирхаҭарнаку иналукааша аԥсуа поетуп. Уи еснагь ижәлар дрызҿлымҳауп, рыгәҭа дгылоуп, аԥсуаа рхеиқәырхараз имҩаԥысуаз ахҭысқәа зегьы дрылахәын. Аҿар ҳахьӡала, хаҭала сыхьӡала идысныҳәалоит имш иира. Иажәеинраалақәа рҿы зны иҳәахьан — ашьхақәа срықәлахоит, ҳәа, убас еиԥш ақәранҵыра анцәа ииҭааит. Рушьбеи Смыр еснагь аҿар дҳазҿлымҳауп, ҳамҩақәиҵоит ҳарҿиараеи ҳаԥсҭазаареи рҿы", — иҳәеит апоет қәыԥш Абзагә Аҟалӷьба.

Рушьбеи Смыр есқьынагьы далагылан амилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара. Уи дрылахәын 1977-1979, 1989 ашықәсқәа рзы аԥсуа милаҭ ринтересқәа рыхьчараз Аԥсны имҩаԥысуаз ахҭысқәа зегьы. 1989 шықәсазы еиҿкааз афорум "Аидгылара" Гәдоуҭатәи аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩс дыҟан.

Рушьбеи Смыр ипоезиатә рҿиамҭақәа еидызкыло аизгақәа 16 ҭыҵхьеит. Урҭ иреиуоуп: "Аеҵәақәа рыкәашара" (1973), "Ашьанҵа" (1976), "Ахҿа" (1979), "Сышьхақәа" (1981), "Ашыцқәа рашәа" (1985), "Акәукәуқәа еиқәҿырҭуеит" (1988), "Сҽыласқәа" (1990), "Рада гәышьа" (1994), "Аҳаҳаира" (1998), "Рарира" (2003), "Абжьы" (2005), "Слабашьа" (2008), ахәыҷқәа ирызку ажәеинраалақәа реизгақәа: "Арҵу" (2000), "Аҵыс иаҵәа" (2011). Иара убас, иҭыҵхьеит х-томкны иҟоу "Иалкаау иҩымҭақәа" реизга (2010, 2011, 2013).

 

Ажәабжьқәа зегьы
0