Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа ртәанчахәы иацлеит

© Sputnik / Владимир Трефилов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥара.
Аԥара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа ртәанчахәы иацлеит. 2015 шықәса ази 2016 шықәса ажьырныҳәеи жәабрани мзақәа рзи атәанчахәыцҵақәа еидкыланы ироуит.

АҞӘА, жәабран 17 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа ртәанчахәы иацлеит. 2015 шықәса ази 2016 шықәса ажьырныҳәеи жәабрани мзақәа рзи атәанчахәыцҵақәа еидкыланы ироуит. Абри атәы ҳкорреспондент илзеиҭеиҳәеит Аџьеи, аусураҭареи, асоциалтә еиқәыршәареи рминистр Сурен Керселиан.

Аӡынба: атәанчахәы зоураны иҟоу зегьы ироуеит

"Аԥарақәа Аԥснытәи абанкқәа рҟны ишьҭоуп. Акарточкақәа рыла атәанчахәы зауа атәанчаҩцәа иахьатәи амш инаркны рԥарақәа роур алшоит. Акассақәа рҟны аԥара зауа, амза 18 инаркны иргар рылшоит", — иҳәеит аминистр.

Атәылақәа рыҩба рыбжьара анапы зҵаҩу аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа ртәанчахәқәа ирыцлоит: 2015ш. –20%, 2016ш. – 40%, 2017ш.– 62%. Иааидкыланы абжьаратә тәанчахәы ахышәа-ҵышәа Урыстәыла Аладатәи Афедералтә округ аҟны ирзыршәо абжьаратә тәанчахәы (10 179,65 мааҭ) иаҟарахароуп.

Уи адагьы аминистр иажәақәа рыла атәанчахәы роуеит аиҭаҽҭаҩра мҩаԥызгаз ахаҿқәа. Иахьатәи аамҭазы аԥарацҵа роуеит 29 147-ҩык атәанчаҩцәа.

Иара убасгьы аминистр ишиҳәаз ала аусбарҭа есымчыбжьа атәанчаҩцәа реиҭаҽҭаҩра иазкны адыррақәа рышьҭуеит Урыстәыла атәанчахәытә фонд

Адлертәи аҟәшахьы. Аԥарацҵа амҩаԥгара знапы алакыз Урыстәыла атәанчахәытә фонд ауп.

"Ҳаҵәахырҭатә банк ахь иаарышьҭуеит ирхиоу ашәҟәқәа. Еиҭасҳәахуеит, атәанчахәқәа реиҭаҳасабкра мҩаԥыргоит Урыстәыла атәанчахәытә фонд аҟны", — иҳәеит Кереселиан.

Урыстәыла атәылауаа тәанчахәыла реиқәыршәаразы аиқәшаҳаҭра амчра 2016 шықәса ажьырныҳәамзазы ишаиузгьы, аԥарақәа ирыцырҵоит 2015 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны ҳәа азгәеиҭеит Кереселиан.

Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Атәанчахәы аиуразы аиқәшаҳаҭра еицҿакрыла аратификациа азыруит

Иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа ртәанчахәы иахьанӡа бжьаратәла иартәон 6900 мааҭ. 2015 шықәса инаркны аԥарацҵа иахьырԥшны иара иацлараны иҟоуп зықьмааҭ рҟынӡа.

Иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа тәанчахәыла реиқәыршәаразы Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын 2015 шықәса мшаԥымзазы. Адокумент рнапы аҵаҩуп: Аџьеи, аусураҭареи, асоциалтә еиқәыршәареи рминистр Сурен Керселиани Урыстәыла Аџьеи асоциалтә хьчареи рминистр Максим Топилини.

Иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа тәанчахәыла реиқәыршәаразы Аиқәшаҳаҭра амчра аиуит 2016 шықәса ажьырныҳәамза инаркны, Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Григории Карасини Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахбеи аратификациатә грамотақәа анеимырда ашьҭахь. Абри аус анагӡара азыҟаҵареи аҿиареи алыршахеит апроцесс хаҭала Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Урыстәыла Апрезидент ицхырааҩ Владислав Суркови ралахәрала.

Иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа тәанчахәыла реиқәыршәаразы Аиқәшаҳаҭра рыдыркылеит 2014 шықәса абҵара 24 рзы анапы зҵаҩыз Аиҩызареи астратегиатә еилахәыреи рзы Аиқәшаҳаҭра анагӡара хықәкыс иҟаҵаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0