Гогәуа: сыжәлар ирыхәо ак ҳзыҟаҵар, уи сара сзы инасыԥуп

© Foto / Сырма Ашәԥҳа"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" иаԥшьнагеит апроект ҿыц "Агәыразра".
Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны иаԥшьнагеит апроект ҿыц Агәыразра. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳазҭалаз ашықәс азы, "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" иаԥшьнагеит апроект ҿыц "Агәыразра", уи иаҵанакуеит 120-ҩык ахәыҷқәа.

АҞӘА, жәабран 18 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Апроект аԥҟарақәа инарықәыршәаны, раионцыԥхьаӡа ишьақәырӷәӷәоуп  ашколхәыҷқәа рхыԥхьаӡара, шықәсык аҩныҵҟа афонд ахьӡала ацхыраара зауа. Апроект  "Агәыразра"  иаҵанакуеит 120-ҩык ашколхәыҷқәа. Шықәсык, апроект ахә иартәоит 960 нызқь мааҭ. Хаҭала, 120-ҩык ахәыҷқәа рыцыԥхьаӡа аанызқь мааҭ рыхә амаҭәа рнапаҿы ироуеит. Есымза, апроект иаҵанакуеит жәаҩык ашколхәыҷқәа.   

"Сара сыуаажәлар рыпроблемақәа здыруазар, алшара сымазар, аԥышәа сымазар, схы сзеигӡари? Сҩызцәеи сареи ҳаидгыланы, сыжәлар ирыхәо ак ҳзыҟаҵар, уи сара сзы инасыԥуп. Ҳара ҳажәлар маҷуп. Хыԥхьаӡарала ҳаизҳароуп, ҳаӷәӷәахароуп, ҳнапқәа еибаҳаркыроуп, ҳаицхыраароуп, ҳхәыҷқәа аҵара дҳарҵартә еиԥш аҭагылазаашьа раҳҭароуп. Адырра бзиақәа роуны, ҳҳәынҭқарра ашьаҭа иауасхырны иҟалароуп. Усҟан ауп ҳамчгьы ҳалшарагьы аныӷәӷәахо, аԥеиԥшгьы анҳауа", — ҳәа азгәеиҭоит "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сонер Гогәуа.

Иахьа, апроект аусура иалагеит. Тҟәарчал араион аҟынтәи 10-ҩык ашкол хәыҷқәа ироуит ааба-ааба нызқь мааҭ рыхә амаҭәақәа.  

Урҭ мҩақәырҵон, афонд амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаԥшьԥҳаи, аменеџьер Сабина Быҭәԥҳаи.

Аҭаацәеи ахәыҷқәеи ракәзар, афонд ахьӡала иҟаҵаз адгылара ахә ҳаракны иршьеит, гәахәарыла ирыдыркылеит. 

Ажәабжьқәа зегьы
0