Занҭариа: Арӡынба дԥызаҩ иашан

© Sputnik Роберт ДжопуаАԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба игәалашәара амш аҽны ареспублика ауаажәларра ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит
Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба игәалашәара амш аҽны ареспублика ауаажәларра ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба игәалашәара амш аҽны атәыла анапхгара, ареспублика ауаажәларра, ашколқәа аҵаюцәеи рырҵаҩцәеи ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит амемориалтә комплекс амҵан.

АҞӘА, хәажәкыра 4 — Sputnik, Саид Барганџьиа. Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба игәалашәара амш аҽны атәыла анапхгара, ареспублика ауаажәларра, ашколқәа рҵацәеи рырҵаҩцәеи ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит амемориалтә комплекс амҵан.

Арӡынба дԥызаҩ иашаҵәҟьан иҳәеит Владимир занҭариа дҳаҿцәажәо.

"Сара иара изыскит сышәҟәы "Раԥхьатәи Ахада изы ажәа" захьӡу. Акраамҭа аматериалқәа еизызгон. Сгәы иаанагоит иара ианыԥшит ҳәа Аԥсны знысыз амҩа уадаҩ" ҳәа еиҭеиҳәоит Занҭариа.

Владимир Занҭариа иажәақәа рыла Арӡынба илшон ақырҭцәа рмиф аҿаԥҽны Аԥсны шҳәынҭқарраз аҵаҵӷәыркра.

Владислав Григорьевич Ардзинба. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Владислав Арӡынба Голландиа инхо ҳауаажәлар рԥылараан ииҳәаз ажәа

"Сара избон абри ауаҩ иҟыбаҩ, иҟазшьа ҷыда, иуаҩра ишалдыршоз еиуеиԥшым ауаа ишҟа рхьарԥшра, рыдхалара. Ҳәарада, ари иуадаҩыз усын", — иҳәоит Занҭариа.

Аԥсны Апарламент адепутат Сергеи Шамба иазгәеиҭеит Владислав Арӡынба ироль аԥсуа жәлар рҭоурых аҟны.

"Иара ҳҳәынҭқарра ахыҵхырҭаҟны дгылан. Иналукааша ҵарауаҩын, аха иуадаҩӡаз аамҭақәа рзы ижәлар рыхьӡала анаука аанижьит, иԥсадгьыл аинтересқәа рыхьчараз дгылеит" — иҳәеит Шамба.

Аԥсны раԥхьатәи Ахада дыргәаладыршәарц арахь иааит ареспублика ашколқәа рҵаҩцәеи урҭ рырҵаҩцәеи.

"Иара дфырхаҵан. Ихы деигӡомызт ижәлари иԥсадгьыли рзы. Зегь ҳзы дҿырԥшыгоуп", — иҳәеит гагратәи ашколқәа руак аҵаҩы.

Владислав Григории-иԥа Арӡынба диит лаҵарамза 14 1945 шықәса рзы, Ешыра Ақыҭан. Акраамҭа аус иуан Москва, СССР Анаукақәа ракадемиа мрагылараҭҵаара аинститут аҟны. 1987 шықәса рзы Аԥсныҟа дхынҳәуеит. Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет дахантәаҩхоит. Аибашьраан ареспублика Арратә мчқәа рнапхгаҩы хадак иаҳасабала дыҟан. 1994 шықәсеи 1999 шықәсеи рзы Аԥсны Ахадас дыҟан.

Владислав Арӡынба иԥсҭазаара далҵит хәажәкыра 4 2010 шықәса рзы. Анышә дамадоуп Ешыра ақыҭан, Гәымсҭатәи афронт аибашьцәа рганаҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0