Аетнопарк аԥҵаразы аусурақәа аанкылам

© Sputnik Томас ТхайцукАԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Аԥсны аетнокультуратә парк" апроект акоординатор Слава Сақаниа иаҳзеиҭеиҳәеит аетнокультуратә қыҭа аԥҵаразы апланқәа шыҟоу.

АҞӘА, хәажәкыра 14 – Sputnik, Саид Барганџьиа. "Аԥсны аетнокультуратә парк" апроект акоординатор Слава Сақаниа иаҳзеиҭеиҳәеит аетнокультуратә қыҭа аԥҵаразы апланқәа шыҟоу.

Сақаниа иажәақәа рыла апроблемақәа ируакны, апроект анагӡара иаԥырхаганы иҟоу "аҳәынҭқарратә биурократиатә машьына" ауп.

"Абар шықәсык инарзынаԥшуа аргылара азин ҳазҭо адокумент ҳнапаҟны аиура залмыршахеит. Ҳзакәанқәа инарықәыршәаны абри азҵаара Апарламент иаӡброуп, аха уахь инеиаанӡа иара зҵазкуа аусбарҭақәа ирхысроуп", — иҳәоит Сақаниа.

Акоординатор иаҳзеиҭеиҳәеит иахьазы ишаԥҵоу аетнокультуратә қыҭа аргыларақәа рмакетқәа, ишеизго иахәҭаны иҟоу аинформациа, акадыр азҵаара аӡбара ишаҿу.

Этнокультурный праздник на Лыхнаште. Фото с места события. - Sputnik Аҧсны
Лыхны имҩаԥысит аетнокультуратә ныҳәа "Абиԥарақәа реимадара"

"Аинвесторцәагьы ҳадҵаалахьеит. Иахәҭаны иҟоу адокументқәа ҳнапаҿы ишҳаулак афинанс зҵаара аӡбара ҳалагашт", — иҳәеит Сақаниа.

Сақаниа иазгәеиҭеит апроект атәы иалацәажәоижьҭеи акыр шықәса шыҵуа, аха еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны аҭыԥ ишықәҵам.

Гәдоуҭа араион Оҭҳара ақыҭан иазыԥхьагәаҭоуп "Аетнокультуратә парк" аԥҵара. Апарк иалшоит аԥсуа жәлар ркультуратәи рдоуҳатәи ҭынха аарԥшра, иӡхьоу амилаҭтә напкымҭатә ҟазарақәа реиҭашьақәыргылара.

Аԥшьгаратә гәыԥ напхгара арҭоит атәыла Ахада иабжьгаҩ Владимир Занҭариеи Слава Сақаниеи. Аусутә гәыԥ иалахәуп Асҭамыр Логәуа, Диана Лакоиаԥҳа, Иуа Сақаниа, Нури Уанаҿа, Инга Шамԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0