Аԥсны ақьырсианцәа Ацқьа Василиск дыргәаладыршәеит

© Sputnik Наала АвидзбаАцқьа Василиск иуахәама Каман.
Ацқьа Василиск иуахәама Каман. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 16 рзы Аԥсны ақьырсианцәа 308 шықәса рзы Каман агәаҟратә ԥсра здызкылаз Ацқьа Василиск дыргәаладыршәеит.

АҞӘА, хәажәкыра 17 — Sputnik, Саид Барганџьиа. Хәажәкыра 16 рзы Аԥсны ақьырсианцәа 308 шықәса рзы Каман агәаҟратә ԥсра здызкылаз Ацқьа Василиск дыргәаладыршәеит. Абри атәы ҳаиҳәеит Аԥсуа Аиашахаҵаратә уахәама аиҳабы аб Бисарион.

Иара иазгәеиҭеит 308 шықәса Аԥсуа Иашахаҵаратә уахәама ашәҭыкакаҷра иаамҭан иҟан ҳәа.

Аиереи Виссарион. - Sputnik Аҧсны
Аиереи Виссарион: ҳара абзиеибабара ҳацәмаҷхеит

"Василиск агәаҟра идикылеит наӡаӡа даанхарцаз, Христос дицынхарцаз, аиашахаҵаратә ҵара дықәныҟәаларц", — иҳәеит аиреи Виссарион.

Ацқьа Василиск Ацқьа гәаҟ Фиодор Тиран диаҳәшьаԥан.

Феодор Амасиа ақалақь аҟны амармарцәа рполк далахәын. Аимператор Галереи идҵала имҩаԥысуаз, ақьырсианцәа амарҭаҭтә нцәақәа ӡатәс рызнагара, мап ацәикит.

"Мышқәак ирҭеит иажәа дацәхьаҵырц. Абарҭ амшқәа раан Феодор анцәа димҵаматанеиуан. Идыргалаз мап анацәик ашьҭахь иара акраамҭа ддыргәаҟуан, аха иара Христос дышхеиҵац дхеиҵон", ҳәа аҳәоит Феодор инысымҩа.

Феодор амца дақәҵан дрыблит. Ибаҩқәа, кьыс змауз аҩныҟа илырҭарц дрыҳәеит ақьырсианԥҳәыс Евсевиа. Урҭ лыҩны ааигәара анышә иамалдеит.

Василиск иакәзаргьы Христос имҵаныҳәара ԥикуамызт.

"Ақьырсиан иаша Василиск доуҳала дыӷәӷәан. Знызаҵәык акәзаргьы игәы еиҭамԥеит", — иҳәоит аинтервиу ҳазҭоз Ацқьа Иоанн Ахьыҿаԥыц иуахәама аиҳабы, аигумен Игнатии.

Василиск ақьырсианра шрылаирҵәоз збаз аимператор Максимиан Галери иара ашьра иқәиҵеит. Ихы хҵәаны аӡы дарҭеит.

Ацқьа Иоанн Ахьыҿаԥыц иуахәама аиҳабы, аигумен Игнатии иажәақәа рыла иҟан ауаа ибаҩ-ишаҩ ахәҭақәа зтәызтәырц зҭахыз.

"Абасеиԥшқәа раан урҭ ахьжыз аҭыԥ аҟынтә амца хәыҵҟьон. Иднаргомызт. Ари зныкмызт, иҩынтәмызт, ихынтәмызт", — иҳәоит ауахәама амаҵзуҩы.

Анцәа дхазҵоз иаарласны еилыркааит Василиск ибаҩ-ишаҩ ачымазарақәа ушрылдыргоз.

"Ацқьа Василиск инысымҩа ишаҳәо ала дзыдҿаҳәалаз аҵла ҩагьы ачымазарақәа урылнаргон. Каман иахьагьы иаауеит ишьапаҟны иҵыхәрааз аӡыхь", — иҳәеит аигумен Игнатии.

Василиск, Клеоник, Евтропи ашьра рықәҵан аимператор Максимиан Галери ихаан. Каман рыхьӡ адҳәалоуп Ацқьақәа хҩык. Каман ауп аҵыхәтәантәи имшқәа ахьихигаз Аԥшьаҩ Иоанн Ахьыҿаԥыц, ароуп Иоанн Аӡаахҩы ихы ахьжыз, абраҟа дыршьит Ацқьа Василискгьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0