Адгәыр Џьениа: аибашьреи аиумори

© Sputnik Инна ДженияАдгәыр Џьениа.
Адгәыр Џьениа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апроект "Иҭыхым аибашьцәа" инанагӡоит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рҭоурых.

Асахьаҭыхыҩ Руслан Габлиа иҭыхымҭақәа хынҩажәа иаҳдырбоит Аԥсны ахьчаҩцәа рҟазшьа, рҭагылазаашьа, ргәыҵха. Аинформациатә агентра Sputnik Абхазиа апроект ҿыц "Иҭыхым аибашьцәа" аҳәаақәа ирҭагӡаны адаҟьақәа рҟны ицәыргахоит аибашьра аамҭазтәи асахьақәа, аочеркқәа.

Инна Џьениаԥҳа, Sputnik.

Аибашьратә ҭыхымҭақәа

Адгәыр Џьениа иажәақәа рыла асахьаҭыхыҩ Руслан Габлиеи иареи еибадыруеижьҭеи акрааҵуеит. Қалақьк аҟны аҵара еицырҵон. Иара ибзианы игәалашәоит исахьа анҭихыз амш. Уаз-абааҟны акәын.

"Руслан аҭыхымҭақәа рацәаны иҟаиҵон. Ҳаибашьцәа еиуеиԥшым аамҭақәа, аҭагылазаашьақәа рзы иҭихуан. Саргьы убас ауп "сышимпыҵашәаз". Аиаша шәасҳәап, ссахьа анызба оумашәа избеит. Ԥсшьара ҳәа санаатәа ссахьа ҭихит. Даара сгәы иахәоит иахьа иҳалагылам ҳҩызцәа рсахьақәа аҭоурых иахьазынхаз".

Аибашьра ҳныруан

Адгәыр Џьениа изы аибашьра иалагеит 1992 шықәса жәабранмзазы. Аԥсны аиҳабыра рақәшаҳаҭрала ақырҭуа ар Аԥсны аҵакырадгьыл иалсны Ԥсоунӡа инеины ихынҳәит. Ҳаиҳабыра ақәшаҳаҭхеит ӷыӷеибарак ҟамларц азы. Аҳауаҟынгьы иуныруан аибашьра афҩы, агьама. Аԥсуа полк аиҿкаара нап аркын, ҳәа игәалаиршәоит Џьениа.

Алик Цымцба (хыхьтәи ариад, арымарахьынтәи ахәбатәи). - Sputnik Аҧсны
Владимир Кәакәасқьыр: ажәыларақәа раан Алик зегь раԥхьа дгылан

"Ҳара аамҭа-аамҭала ҳҽеиҭныԥсахло аҳәаахьчара ҳцалон. Ҳара, Џьон Гәылариа, Резо Гогьиа, Џьон Ҵнариа, Ҭеимураз Чамагәуа, Амиран Берзениа, Хәыхәыт Бганба уҳәа ҳрацәаҩын", — иҳәоит Џьениа.

Адгәыр ишеиҭеиҳәо ала Мраҭашәаратәи Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҟны аҭыԥ змаз аидысларақәа рышьҭахь Аԥсныҟа рхы дырхеит шәҩыла ақырҭуа (агыруа) хҵәацәа. Ҳара ацҳа ахьчара ҳнапы ианын, автотранспорт гәаҳҭон.

"Жәааҩык ҳаҟан. Асы алеира иаҿын. Шьамхахьы аӡы ҳӡаагылан. БРДМ заҵәык ҳаман. Агвардееццәа еиқәных еибыҭан абџьарла", — еиҭеиҳәоит Џьениа.

Аветеран ишигәалашәо ала ақырҭцәа лассы-лассы ҳпостқәа иреихсуан.

"Аԥхьатәи автоматтә очеред ахқәа метрабжак инасхыкны ииаҟьеит. Аҩбатәи – Хәыхәыт ивҟьеит. Иҵабыргны еилыскааит аибашьра шҳаҩымсуаз", — иҳәоит Адгәыр.

Иара игәалаиршәоит усҟантәи аамҭазы ацҳа аминақәа рыԥхны ишаҵарҵаз. Атехника хьанҭа аҿаанахар ҳәа ишәаны, аха ақырҭуа гвардееццәа иара иахыкәшаны, ҵаҟала ииасит. Аԥсуа полк алахәылацәа амацәаз иҭаркит.

"Ацҳа аминақәа аҵаҳхит. Аидарамҩангага азна аммонал ҟалеит. Шәабџьар шьҭашәҵа ҳәа ҳарҳәар, ҳаҽԥаажәап ҳәа ҳаӡбит. Амиран Берзениа аграната икын. Аҭагылазаашьа ҳаиҳабыра рхы аладырхәын, дареи ҳареи усҟан азы лыԥхала ҳаиԥырҵит", — иҳәоит Џьениа.

Родион Ҳагба - Sputnik Аҧсны
Родион Ҳагба: Аԥсны ахақәиҭра амш аҽны сагьхысуан сагьҵәыуон

Аҟәаҟа ҳаныхынҳә ԥыҭҩык аполк аҟны ҳҽааныҳкылеит, егьырҭ рыҩныҟақәа рахь ицеит, аҭынч ԥсҭазаара иазыхынҳәит. Ус шакәызгьы аибашьра шыҟалоз ҳцәа ианыруан…

1992 шықәса, нанҳәа 14. Ашьыжь. Чечентәылантәи агастрольқәа зманы иаҳҭаз ҳҩызцәа наскьаагон.

"Ҳаилагылан алаф неибыҳәо, ҳаицәажәон. Ацҳа Ҟаԥшь аҟынтәи ахысыбжьқәа геит. Иаразнак еилаҳкааит ақырҭцәа ақалақь ишалалаз", — игәалаиршәоит Адгәыр.

Адгәыр Џьениа иажәақәа рыла Анцәа, ҳныха ԥшьақәа, ҳдоуҳа – абарҭ зегь агәра ҳдыргон ҳаԥсадгьыл аӷа ишитәымхоз.

Аԥхьаҵәҟьа абџьар азы ауадаҩра ыҟан. Абџьар змоуцыз ҳаибашьцәа афронт ацәаҳәахьы ҳашәаҳәаҩцәа, ҳактиорцәа ирыцны инеиуан, аибашьцәа ргәы шьҭырхырц, аҽаџьоукы аӷбақәа аидарақәа рықәырхуан.

Маҷ-маҷ абаталионқәа еиҿыркаауан.

"Ҳара командирс дҳаман асахьаҭыхыҩ Нодар Ҵәыџьба. Ешыра, Верешьчагин ихәаҟны ҳгылан. Акәашаҩцәа, актиорцәа, асахьаҭыхыҩцәа — зегь абџьар шьҭырхит. Ҳаԥхьагыла Владислав Григори-иԥа илиршеит зегь ҳаидкылара. Анцәа иаҳзааишьҭыз иакәны ҳадгьыл дықәнагалеит. Еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа раангьы ҳгәышьҭыхра илиршон", — иҳәоит Џьениа.

Аибашьра — изакәызеи иара?

Аибашьраз иаҳәо рацәоуп. Раԥхьаӡа акәны аиабшьреи уареи шәанааиҿагыло ишԥоубо иара ҳәа сызҵаара аҭакс Адгәыр иҳәоит:

"Уԥсҭазаара зегьы абырсааҭк аҽеиҭанакуеит. Зегь раасҭа еицәоу – уҩызцәа ануцәыӡуоуп. Увара игылаз реиҳараҩык ахаангьы уаҳа ишумбо аилкаароуп. Абас иҟаз иреиуан марттәи ажәылара. Аибашьра ашьҭахь иухугаз агәаларшәара уҽшацәыухьчогьы, узацәцом. Уҩныҵҟа зегь ҭацәуп. Еилукаауеит ауаҩытәыҩсатә ԥсҭазаара ус ишшоу — иахьа уҟоуп, уаҵәы уыҟам. Аамҭала адгьыл ушану удыруеит", — дцәажәоит Адгәыр.

Аибашьреи аиумори — сҵаауеит сара.

Ирацәоуп, аха аиумор ада ԥсыхәа ыҟам. Абар, аибашьра иаҵанакуа лафк:

Есышьыжь хҩы-ԥшьҩы ԥшыхәра ҳәа ҳдәықәырҵон. Зегь ҳаиԥшымызт. Аӡәы ҩныҵҟаала иус иҽазирхион, аӡәы анцәа диҳәон.

Убас зны, ҳаԥшыхәыҩцәа аӡә дҩаҵҟьан ажәҩан ахь инапқәаа нархханы, ибжьы ҭыганы аҿыҭра далагеит:

— Анцәа ду, суҳәоит шьҭахьҟа сумыргьыжьырц, — ҳәа.

— Уеилагама? Иуҳәо иаанагои?— анаҳҳәа,

— Убриаҟара уал сықәуп, аҩныҟа сгьыжьыр усгьы сыршьуеит. Ма аибашьраҿ дҭахеит рҳәааит – иҳәеит, дыччо Адгәыр.

Аиааира агәырӷьара

Аибашьра анҵәамҭаз Арӡынба идҵала адраматә театр актиорцәа гостроль ҳасабла Урыстәыла ақалақьқәа рахь ҳдәықәҵара рыӡбеит.

"Даара иуадаҩын иуцеибашьуаз рааныжьра, аха ицатәын. Адунеи иарбатәын аԥсуаа рыԥсы шҭоу, ишмыӡыз, ишықәԥо. Ақалақьқәа: Петербург, Москва, Нальчик, Маиҟәаԥ напеинҟьарыла иаҳԥылон".

Аиааира атәы Нхыҵ Кавказ ауп иахьраҳаз ҳартистцәа.

"Ҳәаа змамыз агәырӷьара ҳамҽханакуан. Ҳаныхынҳәа Аҟәа ахы иақәиҭыртәхьан", — иҳәоит Адгәыр.

Сергеи Габниа. - Sputnik Аҧсны
Аибашьҩы Габниа: Руслан Габлиа ссахьа ҭихит сыԥсы сшьарц санаатәа

Аибашьра ашьҭахьтәи аамҭа

Аибашьра жәашықәсала шьҭахьҟа ҳагеит. Аибашьра ашьҭахьтәи аамҭагьы аибашьра ахаҭа инаваҟәало иԥышәагахеит. Иҟалап еиҳагьы иуадаҩыз ԥышәаразар.

"Аибашьра ахьаа рацәа ҳзаанагеит. Аиааира ахәԥса акыр иҳаракуп, аха ҳаиааит. Ҳаԥсадгьыл ахы иақәиҭуп", — иҳәоит Џьениа.

Аибашьра ашьҭахь Адгәыр изанааҭ дазыхынҳәит.

"Сара атеатр сыԥсҭазаароуп", — иҳәоит иара.

Ажәабжьқәа зегьы
0