Наала Аҩӡыԥҳа, Sputnik
Аԥсуа мифалогиаҟны аӡы – инымҵәаӡо, аԥсҭазаара иахыҵхырҭо, амч рацәа змоу, ацәгьа-мыцәгьа иаиааиуа, иԥсҭаҵагоу, анцәақәа зхылаԥшхәу акакәны ишьоуп лҳәеит афольклорист, АБИГИ аусзуҩы Цира Габниаԥҳа.
Аԥсуаа рмифологиатә гәаанагарала аӡы адунеи аиҭакра алшоит, аԥсабара аԥсы аханаҵоит, уеиқәнархоит. Аӡы амч аԥсуаа еснагь ирдыруан. Иара иадҳәалоуп ирацәаны аԥсуа ҵасқәа ҳәа азгәалҭеит аҵарауаҩ.
Аԥсуаа ауаҩы ацәгьара ихнахуеит, ахахьы иагоит ҳәа иршьоит. Уи адагьы иара ажәа амч аднакылоит.
"Амаҭ зыцҳаз ауаҩы ахәышәтәҩы лҟынӡа дрызнамгозар, изхацәажәоу аӡы изыналышьҭуан. Ачымазаҩ убри аӡы ижәыр ишьа-ида иалалаз ашҳам алнагоит мамзаргьы мчра амамкәа иҟанаҵоит ҳәа иршьон", — еиҭалҳәоит Цира Габниаԥҳа.
Ажәлар рҟны алаԥш цәгьа змоу ауаҩы илаԥш ахәышәтәҩы лахь ииасыр ауеит ҳәа ирыԥхьаӡон. Абарҭқәа раан лара, хынтә дзыхцәажәаз аӡы лжәуан. Илаахаз алаԥшгьы амчра лырӡуан.
Аԥсуаа ртрадициатә культураҟны иазыԥхьаӡоуп аӡы ацәгьа-мыцәгьа ухнацоит ҳәа. убас, аԥхыӡ бааԥс збаз ауаҩы дҩагыланы, аӡы иҿыршо иԥхыӡ еиҭеиҳәар акәын. Иԥхыӡ еиҭеиҳәонаҵы аӡы цалар акәын. Иеиҭаҳәатә даналгалак "Избаз аӡеиԥш иниас ицааит" иҳәон.
Аԥсуа лакәқәа рҟны иуԥылоит аӡы ауаҩытәыҩса иҭеиҭԥш анаԥсахуа. Ирылаҵәан иҟоуп аҭаҳмада аӡы иҽанӡааишь ашьҭахь дҿаны даақәгылеит ҳәа зҳәо асиужет. Аҽазнык иҽӡааишьын – дыҽхеит, еиҭах иҽӡааишьын – длахеит, аҵыхәтәан — уаанӡа дшыҟаз аиԥш деиҭааҟалеит.
Аԥсуаа ртрадициатә культураҟны аӡы зыԥсы ҭоу субстанциоуп.
"Зыԥсы ҭоу зегь реиԥш аӡгьы ыцәоит, иаангылоит, аԥсы ашьоит. Аӡы аныцәоу аамҭазы "аԥсабара еиқәыӡыҩруа иаагылоит. Ҷытыбжьык џьаргьы игом, еиқәлымҳаха еиқәыӡыҩруеит", рҳәон ажәлар рҟны. Аӡы абри аҷыдара зегьы абара рылшом. Ираҭәашьам. "Аӡы шыцәаз избаз иҟалогьы идыруа дҟалоит", ҳәа еиҭалҳәоит Цира Габниаԥҳа.
Аԥсуаа ргәаанагарақәа рыла аӡы зегь абоит, зегь аҳауеит. Ауаҩытәыҩса еиԥшҵәҟьагьы игәаар алшоит. Аӡыхь ахьыҵыхәраауа аҟьамсар каужьыр ма амаҭәа ҟьашь уӡәӡәар, аӡы гәааны аҽаҵәахуеит. Зынӡа иныҵаба ицаргьы алшоит.
Аныҳәақәа раан аҭаацәара алахәылацәа зегьы рҽыкәабаны амаҭәа цқьақәа ршәырҵар акәын. Аӡхьыршара узалмыршаргьы ицқьоу амаҭәа ушәызар акәын. Аныҳәагатә, аӡатә кәтқәеи арбаӷьқәеи рԥышәқәеи рикақәеи ӡыла иҿырыӡәӡәаауан.
Иказказуа ицқьоу аӡы ԥхыӡла абара ажәабжь бзиақәа ирзырхоуп ҳәа иршьон. Ус акәымкәа иҟьышьу аӡы – ажәабжь бааԥсқәа ирзырханы ирыԥхьаӡон. Аҵарауаҩ ишылҳәаз ала ауаҩы ԥхыӡла аӡыцқьаҟны иҽикәабо ибазар иаԥхьаҟатәи аԥсҭазаара насыԥны иҟалоит ҳәа ишьон.