Андреи Стенин ихьӡ зху афтоконкурс ахь арзаҳалқәа рыдкылара хыркәшәуп

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиндаҭлара рхы аладырхәит 18 шықәса инаркны 33 шықәса зхыҵуа зегьы. Аиааира згаз аԥхьахәқәа ранашьара мҩаԥгахоит 2016 шықәса нанҳәамзазы.

АҞӘА, хәажәкыра 23 – Sputnik. Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭларахь аусумҭақәа рыдкылара хыркәшахеит. Ахә-континентк рҿынтәи аиндаҭлара иалахәылацәаны ыҟоуп ЕАШ, Бразилиа, Перу, Австралиа, Урыстәыла, Британиа Ду, Германиа, Египет, Индиа, Китаи уҳәа ирацәаны атәылақәа.

Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Мчыбжьык нхеит Стенин ихьӡ зху афотоконкурс ахь аусумҭақәа рынашьҭразы

Урыстәылантәи алахәылацәа Калининградынтәи, Владивостокнтәи, Санкт-Петербургнтәи, Иошкар-олантәи, Волгограднтәи, Тиуменьнтәи иҟоуп. Реиҳа арзаҳалқәа ззынашьҭыз аноминациақәа иреиуоуп "Сара стәыла", "Апотреҭ. Ҳаамҭа афырхаҵа", "Адунеи аԥшшәқәа. Аԥсҭазаара агармониа".

Аиндаҭлара рхы аладырхәит 18 шықәса инаркны 33 шықәса зхыҵуа зегьы. Аиааира згаз аԥхьахәқәа ранашьара мҩаԥгахоит 2016 шықәса нанҳәамзазы.

Еиду адирекциақәа Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россиа сегодя" афотоинформациа адиректор Александр Штоль иҳәеит, "Ари аиндаҭлара даара ибзиоуп ахы аарԥшразы, хә-континентк рҟынтәи афотоҭыхыҩцәа рацлабра. Алахәылацәа алшара рымоуп аизҳаразы. Сынтәатәи аиндаҭлара егьырҭ излареиԥшым, 60% афотосахьақәа аԥшшәы рымоуп. Ҳара ҭабуп ҳәа раҳҳәоит зусумҭақәа аазышьҭыз зегьы. Алахәылацәа зегьы ақәҿиарақәа рзеиӷьаҳшьоит".

Реиҳа активра аадырԥшит Урыстәыла Ацентри, Аҩада-Мраҭашәареи, Уралтәи, Приволжиатәи, Приморсктәи афедералтә округқәа рҟынтәи афотожурналистцәа.

Абжьыҭира аихшьаалақәа рыла иҳәаақәҵахоит номинациацыԥхьаӡа рҟны хԥа-хԥа ҭыԥ, иара убасгьы алкаара ҷыда "гран-при". "Гран-при" иартәоит 500 000 мааҭ, реиҳа аинтерес зҵоу аусумҭа ианашьахоит. Егьырҭ аноминациақәа ахәба "Моя страна", "Краски мира. Гармония жизни", "Портрет. Герой нашего времени", "Главные новости" и "Спорт" актәи, аҩбатәи, ахԥатәи аҭыԥқәа рҟны иаиааиуа рҳамҭаԥса шьақәыргылоуп 50 000, 35 000, 25 000 мааҭ ҳәа.

Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭлара хықәкны иамоуп ҳаамҭазтәи афотожурналистика ауаажәларра разхьарԥшра. Аиндаҭлара – жәларбжьаратәи афотоеилазаара афотожурналистикаҟны ахьыӡ ҿыцқәа ахьаадырԥшуа, астандартқәа ахьдырҿио, иахьышьақәдыргыло ҭыԥ заҵәыкны иҟоуп.

Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭлара 2016 шықәса рзы имҩаԥысуеит урыстәылатәии жәларбжьаратәии АИХ (СМИ), аинформациатә маҵзурақәеи афотоеилазаарақәеи рыдгыларала. Аиндаҭлара информациатә партниор хаданы иҟоуп: урыстәылазегьтәи аҳәынҭқарратә канал "Россия-Культура", аинформациа-жәабыжьтә портал KP.ru, аинформациатә портал ЖурДом, апортал Russian Photo.

Аиндаҭлара жәларбжьаратә информациатә партниор хаданы иҟоуп: аинформациатә маҵзура Askanews, аинформациатә маҵзура EFE, амедиахолдинг Independent Media, аинформациатә маҵзура Notimex, ателеканал, апортал RT, The Royal Photographic Society, Shanghai United Media Group (SUMG). Аусхкытә информациатә партнерцәа рыҳасабала аиндаҭлара иадгылоит: Урыстәыла афотожурналистцәа рхеидкыла, Москватәи ажурналистцәа рхеидкыла, Аҿари астудентцәеи АИХ рхеидкыла, Академия Фотографии, амаҵзура ГеоФото, апортал Photo-study.ru, аинформациатә портал YOung JOurnalists, афестиваль "Фотопарад в Угличе".

Ажәабжьқәа зегьы
0