Астол гьежь "Ҳазҭагылоу аамҭа: аҵас, ақьабз" Аҟәа имҩаԥысит

© Sputnik / Томас ТхайцукАстол гьежь "Ҳазҭагылоу аамҭа: аҵас, ақьабз" захьӡыз Аҟәза имҩаԥысит.
Астол гьежь Ҳазҭагылоу аамҭа: аҵас, ақьабз захьӡыз Аҟәза имҩаԥысит. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Астол гьежь "Ҳазҭагылоу аамҭа: аҵас, ақьабз" иалагӡаны, аҵарауаа аԥсуара иахьатәи аҭагылазаашьа иазку ажәахәқәа ҟарҵеит.

АҞӘА, хәажәкыра 24 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" еиҿнакааз астол гьежь "Ҳазҭагылоу аамҭа: аҵас, ақьабз" мҩаԥысит Аҟәа аԥшьаша, хәажәкыра 24 рзы.

Аиԥылара аҟны аԥсуа ҵасқәеи ақьабзқәеи ирызку ажәахәқәа рыла аҵарауаа гәыԥҩык ықәгылеит. "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сонер Гогәуа излазгәеиҭаз ала, аҳәынҭқарра аргылара аус аҿы аԥсуа ҵасқәеи ақьабзқәеи рызхьаԥшра аҭахыуп.

"Зегь раԥхьаӡа бзиала шәаабеит ҳәа шәасҳәар сҭахыуп аиԥылара иалахәу зегьы. Иахьа ҳҳәынҭқарра аргылараҿы зегь раԥхьа игылоу усуп ҳәа иҳаԥхьаӡоит аԥсуара. Ҳара ахақәиҭра змоу аԥсуа ҳәынҭқарра ҳаргылоит ҳҳәозар, зегь рхаҿы иҳаргылозар ауп ҳаԥсуара. Иахьа иаҳҳәар ҳалшома, ҳҵасқәеи ҳқьабзқәеи аԥсуа ҳәынҭқарра аполитикаҿ аума, аекономикаҿы аума аԥсуара хадара ауеит ҳәа? Ус иҟазар бзиоуп, аха иҟамзар, ҳаԥхьаҟа иҟаҳҵаша ҳалацәажәарц ҳаизеит", — ациҵеит уи.

Аҵарауаа рықәгыларақәа рыҟны ирзааҭгыланы иалацәажәеит аԥсуа ҵасқәеи ақьабзқәеи иахьа ахархәара ахьынӡарымоу атәы, насгьы аԥсуа жәлар рдунеихәаԥшра шьақәзыргыло аҵасқәа реиқәырхаразы иҟаҵатәу ашьаҿақәа.

"Ҳбызшәа, ҳҵасқәа, ҳқьабзқәа ҳнарыгәҭасны амультикультурализм ҳәа изышьҭоу асистема иаҳҭар, хара имгакәа ҳаԥсадгьыл иаԥеиԥшхараны иҟоу зегьы ижәдыруеит. Ҳара иахьа иҳаргыло аҳәынҭқарра демократиатә ҳәынҭқарроуп, аха уи иҳанаҳәаӡом аҳәынҭқарра зыхьӡ аху ажәлар, ркультуреи рытрадициеи карыжьааит, иныҟәрымгааит, ҳәа, уи аиқәырхареи аихаҳареи знапы иану иара шьақәзыргыло амилаҭ рхаҭа роуп", — иҳәеит астол гьежь амҩаԥгаҩ "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" алахәыла Нугзар Логәуа.

Аԥсуара иазку арҵагатә цхыраагӡа аиқәыршәаразы аусуратә гәыԥ аԥҵахоит

Аԥсны аҳәынҭқарра ахада иҟны иаԥҵоу  астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр адиректор Олег Дамениа иқәгылараҿы иазгәеиҭеит аԥсуа ҵасқәеи ақьабзқәеи иуадаҩу аамҭа ишҭагылоу далацәажәеит, насгьы уи аҭагылазаашьа ԥсахшьас иамоу.

"Ҳара иахьа ҳхы ҳазҵаауазар зегь реиҳа имаҷны иаадыруазеи ҳәа, аҭакс сара избо – ҳара ҳхы еилкааны цқьа иҳамаӡам. Еилкааны иҳамаӡам ҳкультура закәытә культуроу, ҳарҭ аԥсуаа ҳазусҭақәада, ҳабантәаауеи, ҳазқәу амҩа еилкааны иҳаздырӡом. Сара сызлахәаԥшуа ала, ҳара зегь реиҳа ихаданы ҳҿаԥхьа иқәгылоу ҳәа избо аҳәынҭқарра аиқәырхара акәӡам, аԥсуара аиқәырхара ауп. Аԥсуа деиқәҳархар ауп, усҟан ҳәарас иаҭахузеи аԥсуа ҳәынҭқарра, аԥсуа бызшәа аиқәырхара мариахоит", — азгәеиҭеит Дамениа.

Иара убас, астол гежь иалагӡаны аԥсуа ҵасқәеи ақьабзқәеи еиуеиԥшым рхырхарҭақәа ирызкыз ажәахәқәа ҟаҵан, урҭ рахьтә "Аԥсуаа рыбзазаратә культура: иацы, иахьа, уаҵәы", "Аԥсуа бызшәеи алитературеи рроль Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәыргылараҿы", "Аԥсуаа аԥсабареи аԥсабара аиқәырхареи, ахьчареи, жәытә ҵасла ишазныҟәоз, уи ҳаамҭазы хархәарас иамоу", уҳәа убас егьырҭгьы.

 

 

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0