00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
13 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
Амилаҭтә чыс иазку Виолетта Аҩӡба-Рудаҭ лышәҟәы еиҭаҭажьуп: автор лыҿцәажәара
13:45
11 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:08
10 мин
Посредник
Болезни животных, птиц и внешние угрозы. Разговор с главным ветврачом Абхазии
14:18
25 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Такие обстоятельства
Российские госзаказы для абхазского бизнеса: возможности и реальность
14:44
26 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
On air
18:16
11 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Гәдоуҭа ақыҭақәа рҿы аӡы азҵаара аамҭала иӡбоуп: анџьныр хада иҿцәажәара
18:28
12 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Актуальный комментарий
Выборы в Госдуму РФ: почему голос Абхазии имеет значение
18:49
10 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Аиҿцәажәара
Путини Трампи реицәажәара лҵшәас иаиуои? Аполитолог ихҳәаа
18:04
3 мин
On air
18:07
17 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Взаимный интерес
Новые методики и совместные операции: ведущие лор-врачи Санкт Петербурга в Абхазии
18:49
25 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Апрокуратура хада ашьаус еиҭахацнаркуеит

© SputnikАпрокуратура.
Апрокуратура. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Акультура аминистрра хәажәкыра 25 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ашҟа ашшыԥхьыӡ нанашьҭит, Апрокуратура хада Гәдоуҭа ақалақь аҟны аҭоурыхтә хыбра ақәгара иадҳәалаз ашьаус ахьааннакылаз инадҳәаланы, адҵагьы ҟанаҵоит аҭагылазаашьа бзианы иҭҵааны ашьаус хацнаркырц.

АҞӘА, хәажәкыра 29 — Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Аԥсны Акультура аминистрра хәажәкыра 25 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ашҟа ашшыԥхьыӡ нанашьҭит, Апрокуратура хада Гәдоуҭа ақалақь аҟны аҭоурыхтә хыбра ақәгара иадҳәалаз ашьаус ахьааннакылаз инадҳәаланы, адҵагьы ҟанаҵоит аҭагылазаашьа бзианы иҭҵааны ашьаус хацнаркырц.

Апрокуратура хада Гәдоуҭа ақалақь аҟны аҭоурыхтә хыбра ақәгара иадҳәалаз ашьаус аанкылоуп ҳәа ҳаиҳәеит Акультура аминистрра аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчара адепартамент аиҳабы Баҭал Кобахьиа.

"Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистррахь хәажәкыра 28 рзы инашьҭын адырра Апрокуратура хада аҟынтәи, Гәдоуҭа ақалақь, Пушкин имҩа №3 аҟны игылаз аҭоурых ҟазшьа змаз ахыбра хатәԥышәала ақәгаразы иаанкылаз ашьаус хацыркуп ҳәа", — иҳәеит Кобахьиа.

Аԥсны Акультура аминистрра хәажәкыра 25 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ашҟа ашшыԥхьыӡ нанашьҭит, Апрокуратура хада Гәдоуҭа ақалақь аҟны аҭоурыхтә хыбра ақәгара иадҳәалаз ашьаус ахьааннакылаз инадҳәаланы, адҵагьы ҟанаҵоит аҭагылазаашьа бзианы иҭҵааны ашьаус хацнаркырц.

Акультура аминистрраҟны абрифинг мҩаԥысит. - Sputnik Аҧсны
Гәдоуҭа ақалақь аҟны изакәанымкәа аҭоурыхтә баҟа ақәгара иашам

Акультура аминистрраҟны ахәаша имҩаԥысыз абрифинг аҟны Баҭал Кобахьиа иазгәеиҭеит Апрокуратура хада Ақәҵарала ацәгьоура ашьҭа ыҟам ҳәа ишыԥхьаӡаз, ахатәтәҩы ахыбра аҭоурых-культуратә ҵакы амоуп ҳәа ахьизымдыруаз инамаданы.

Аминистрра аҟазауаа ргәаанагарала ахатәтәҩи аҭыԥантәи ахылаԥшратә органқәеи уи атәы рзымдыруа ҟалашьа амамызт, избанзар аҭоурых-культуратә ҭынха аобиектқәа рсиа рыман. Иаку аҭоурых-культуратә ҭынха аобиектқәа рсиа рыдкылан 2015 шықәса ԥхынҷкәынмзазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0