Аԥсны аџьаама аргылара иалацәажәоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАтәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба дырԥылеит Аҧсны аҧсылманцәа Иаку адоуҳатә напхгараҭара ахаҭарнакцәа
Атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба дырԥылеит Аҧсны аҧсылманцәа Иаку адоуҳатә напхгараҭара ахаҭарнакцәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахаша, хәажәкыра 30 рзы Атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба дырԥылеит Аҧсны аҧсылманцәа Иаку адоуҳатә напхгараҭара ахаҭарнакцәа.

АҞӘА, хәажәкыра 31 — Sputnik. Аҳәынҭқарра Ахада иааиз ахаҭарнакцәа Аҧсны аџьамаа аргыларазы иҟарҵаз аҳәара ахшыҩзышьҭра аиҭеит. Рауль Ҳаџьымба, Аҟәа ақалақь Ахадара ахь аџьамаа аргыларазы адгьыл азалхра инамаданы анапынҵа шишьҭхьоу азгәеиҭеит.

"Аҧсны иҟоу еиуеиҧшым адинхаҵарақәа реицыҟазаара, ҳаамҭазтәи адунеи аҿы иҿырҧшыганы иҟоуп", — иҳәеит Аҧсны аҧсылманцәа Иаку адоуҳатә напхгараҭара ахаҭарнак Роман Џьугьелиа.

Атәыла Ахада иофициалтә саит ишаҳәо ала аиҧылара алахәылацәа, иара убасгьы, аоппозициатә мчрақәа рхаҭарнакцәа ареферендум амҩаҧгаразы иҟарҵо аҧшьгарагьы ирылацәажәеит.

Ареспублика Апрокуратура хада. - Sputnik Аҧсны
Апрокуратура хада ареферендум азы анапаҵаҩра аилагарақәа гәанаҭоит

Аҧсны аҧсылманцәа Иаку адоуҳатә напхгараҭара ахада Салих Кәарцхьелиа, ас еиҧш аҧшьгара дақәыӡбеит. “Ҳара ареферендум амҩаҧгара аҧшьгара ауаажәларра реилыхра иазырхоуп, ашәарҭара дугьы аҵоуп ҳәа иҳаҧхьаӡоит”, – иҳәеит иара.

Салих Кәарцхьелиа игәаанагарала, ирыдыркыло аӡбарақәа анырра аҭаразы иҟоуп еиҳа иманшәалоу алшарақәагьы. Иаагозар, аҭыҧтәи ахаланапхгаратә усбарҭақәеи, 2017 шықәса рзы имҩаҧысраны иҟоу Жәлар Реизареи рахь алхрақәа рыҽрылахәхара.

Аиҧылараҿы Аҧснытәи аҧсылманцәа реилазаара азы актуалра злоу азҵаарақәа ирзааҭгылеит. Урҭ атәыла асоциал-економикатә, ауаажәларра-политикатә ҿиара, еиҵагыло аҿaр адоуҳатә хымҩаҧгашьа иаша рылааӡара, уҳәа ахырхарҭақәа рыман.

Ажәабжьқәа зегьы
0