Аԥснытәи аилахәырақәа онлаин-хәаахәҭра мҩаԥыргартә алшара ҟалоит

Анапаҵаҩра
Ареспублика акоммерциатә еилахәырақәа жәларбжьаратәи онлаин-хәаахәҭра рзаартразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкыра 31.

АҞӘА, хәажәкыра 31 — Sputnik, Роберт Џьапуа. Ареспублика акоммерциатә еилахәырақәа жәларбжьаратәи онлаин-хәаахәҭра рзаартразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкыра 31 рзы, ҳәа ҳаиҳәеит ареспублика Аекономика аминистрраҟны иҟоу аҳәынҭқарратә инвестициатә маҵзура адиректор Алмас Ҭаниа.

"Аԥсны раԥхьатәиуп ари аҩыза аиқәшаҳаҭра знапы аҵазыҩуа. Аиқәшаҳаҭра ҳнапы аҵааҩуеит аԥсуа бизнес адгыларазы аекономикатә политика аҳәаақәа ирҭагӡаны. Онлаин-платформа иаҵанакуеит 9 миллионк рҟынӡа урыстәылатәи аилахәырақәа. Иара ацхыраарала урыстәылатәи ааглыхыҩцәа имҩаԥыргоит атауар аекспорт", — иҳәеит иара.

Ҭаниа иажәақәа рыла абри апортал ацхыраарала иарбанызаалак аилахәыра ахатәы хаҭарнакцәа аинтернет аҟны ицәырҵыр алшоит.

Аԥснытәи ацитрусқәа. - Sputnik Аҧсны
Ҭенгьиз Ҭарба: Аԥсны ҳхатә бренд ахьҳамам атәыла аӡыргара иаԥырхагоуп

"Апортал аҭаҩреи ахархәареи хәыда-ԥсадоуп. Аиқәшаҳаҭра ацхыраара рнаҭоит Аԥсны апрогрессивтә мчқәа жәларбжьаратәи аекономикатә интеграциа апроцесс ралахәразы", — иҳәоит адиректор.

Иара убасгьы иазгәеиҭоит Аԥсны урыстәылатәи аџьырмыкьа аҟны ибзианы, зыгәра угаша брендны ишырыԥхьаӡо. Ареспубликаҟны иҭрыжьуа аалыҵ ахаҭабзиара бзиоуп иҳәеит иара.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит апроект аиҿкааҩцәа аимпорт аԥсахра азҵаареи Урыстәыла аекономикатә инфраструктура амодернизациа азуреи рыӡбрагьы гәҭакны ишрымоу

Онлаин-платформа абизнес иаҭыԥ хаданы ишьоуп. Иараҟны еизгоуп урыстәылатәи аилахәырақәа рбаза харҭәаа.

Урыстәылатәи ааглыхыҩцәа рбаза дарбанызаалак Аԥснытәи анаплакҩы изы иаартхоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0