Sputnik, Саид Барганџьиа.
Иҟаҵатәузеи?
Афонд "Ишьхатәылоу Аԥсны" адиректор Ҭенгьиз Ҭарба ажәалагала ҟаиҵеит Аԥсназы ишаԥҵатәу ахатәы "брендбук".
Иара иазиԥхьаӡоит абренд аҟамзаара Аԥсны аимидж ишаԥырхаго.
Иара еиҭеиҳәоит аԥсуа ҩы аетикетка аманы ишырҭиуа егьырҭ аҩқәа. Аахәаҩ игәы иаанагоит аҩы Аԥсны иҭрыжьит ҳәа. Аҩны инаганы агьама анибалак, ахаҭабзиара шылаҟәу ибоит. Аҽазнык ишааимхәо дыруп.
Ҳкорреспондет даниҿцәажәоз Ҭарба иҳәеит "брендбук" ари, афирматә стиль шакәу. Иара иажәақәа рыла аџьармыкьаҟны абренд аҵакы змоу елементны иҟоуп.
"Алоготипқәа, аграфикатә елементқәа, ахьыӡқәа – арҭ зегьы акоммерциа аганахьала аҵакы рыманы иҟоуп, аҵакы рыманы иҟоуп аҳәынҭқарратә ҟазшьа аганахьалагьы", — иҳәеит иара.
Ҭарба иажәақәа рыла, иарбанызаалак аларҵәара зманы иҟалаз аалыҵ асеиԥш иҟоу апроблема ианиоит.
"Зҵаараны иқәгылоу – ҳара ари аус зынӡа ҳахьазхьамԥшуоуп", ҳәа иԥхьаӡоит Ҭарба.
Иара иазгәеиҭеит Аԥсны туристтә тәылак аҳасабала ахы цәырнагозароуп, иамазароуп "абрендбук" ҳәа.
"Атуристтә "брендбук" аԥҵара аҳәынҭқарроуп изусу, ҳахьазхаҵам азыԥхьагәаҭаны аҳәынҭқарратә "брендбукгьы" хымԥадатәины иҟоуп. Ҳаамҭазтәи атәылақәа зегьы ирымоуп рхатәы "брендбукқәа", — иҳәеит Ҭарба.
Ари азҵаара ҵарны иқәгылоит еиҳаракгьы уажәы – "амандаринатә сезон" аамҭазы. Абҵара 15 инаркны ареспублика зегьы аҟны иалагеит амандарина аизгара. Аамҭагьы иара иақәшәо иҟоуп. Амра кажжы иԥхоит, дарбанызаалак иҭахуп аамҭа мгакәа амш инаҭо, Ашықәс ҿыц адыргақәа ируаку, иаарыхра – аԥсуа мандарина аҭагалара.
Еизырго амандаринақәа реиҳарак Урыстәылаҟа ииаргоит. Еизганы, аиашьыкқәа ирҭаҵаны, аԥсуа-аурыс ҳәаахь иргоит. Аҳәааҟны амандарина агәаҭара иахысуеит, агәаҭара алкаақәа рыла ахаҭабзиаратә сертификат рырҭоит.
Акыр шықәса ҵуеит аԥсуа мандаринақәа Урыстәылатәи аахәаҩцәа иалкааны иаархәоижьҭеи. Еиҳарак уи зыдҳәало екологиала иахьыцқьоуи ргьама ахаара ахьаҵои ауп. Занаҭуаак иазырыԥхьаӡоит аԥсуа мандаринақәа ргьама аҽакы иалаҩашьом избанзар, дара быбыцзыркуа аԥсуа-шьха ахьакәу ауп ҳәа. Ишдыру еиԥш аԥсуа-шьха ац акыр иауп, иара иамоуп алшара амати ахышәҭ аҵанӡатә аҭыгара.
Ҳәарада, аԥсуа мандаринақәа рхыԥша адура ҭиҩцәақәак еиуеиԥшым ахәыцрақәа рызцәырнагоит. «Аԥсуа мандарина» ааигәа иҟаӡам атәымтәылатә мандаринақәа иара ахьӡ ахырҵар ауеит.
"Аҵыхәтәантәи ҩеижәа шықәса џьара ҽышәарак ахьыҟаҳамҵо иахҟьаны аԥсуа мандарина абарҭ аҩажәак реидҳәала акәноуп аахәаҩцәа ишрызнааго. Иаҳҳәап, Мерседес ма БМВ алогатип анубо, иаразнак ухаҟны иааиуа арҭ амашьынақәа шыӷәӷәо, рхаҭабзиара шыбзиоу, уақәгәыӷыртә ишыҟоу. Иагьуҭаххоит аахәара. Убасоуп амандаринагьы – шықәсыла идыру гьамоуп ирымоу, аха ахатәы бренд рымам", — иҳәеит Ҭарба.
Иара иазиԥхьаӡоит аҳәынҭқарратә программа аҭахны иҟоуп ҳәа, избанзар акоммерциатә еиҿкаарақәа ирылшом аԥсуа аалыҵ зыхьчо асистема аԥҵара.
"Амандаринатә сезон" иаамҭоуп
Сынтәа амандарина аалыҵ ҵыԥх аасҭа акыр еиҵоуп. Абри атәы Sputnik аинтервиу аҭо иҳәеит Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр Ҭимур Ешба.
"Ари еиҳарак изыдҳәало аҳауатә ҭагылазаашьақәа роуп. Аарҩаран. Ашәыр акыр икаԥсеит. Убри инадҳәаланы сынтәи ҳаалыҵ маҷхеит", — иҳәеит иара.
Ус шакәугьы амандарина аизгаҩцәа аусура иаҿуп. Амандаринақәа нанагоит аԥсуа-аурыс ҳәаахь, уахьынтәи Урыстәыла аҵакыра зегьы ахь инеиуеит. Уаҟа ашьақәыргылара уадаҩуп аԥсуа мандаринақәа ракәу ирҭиуа аҽаџьарантәи иааргаз ракәу.
Ицәырҵуеит азҵаара, "иаԥсуам амандарина" аахәара шԥаԥырҟәҟәаатәу ҳәа.
Ақыҭанхамҩа аминистр иажәақәа рыла, ауаҩы ҳәарада ицәыуадаҩуп аилкаара, амандаринақәа аԥснытәқәоу иаԥснытәқәаму.
"Аԥсуа мандарина ҩеижьуп ԥшшәыла. Марокко, ҭырқәтәыла, Бырзентәыла рҟынтәи иаарго амандаринақәа рыԥшшәахәы патырқалԥшшәуп. Ҳәарада гьамалагьы еиҩудыраауеит. Ҳара ҳмандаринақәа аекологиа аганахьала ицқьоуп. Ацәа анахухуа иаразнакы уԥышә ианыруеит афҩы алаҳа-лаҳара", — иҳәоит Ешба.
Аԥсуа мандаринақәа урыстәылатәи адәқьанқәа рҟны
Аҳәынҭқарратә ҳәааҟны Урыстәылатәи Афедерациа акарантинтә фитосанитартә хылаԥшра аҟәша аинспектор хада Едуард Макаров иҳәеит сынтәазы Краснодартәи атәылаҿацә ахь ишнаргахьоу 1500 тонна аԥсуа мандаринақәа.
"Аиҳарак амандаринақәа ааргоит Ҭырқәтәылантәи (62 процент), Пакисҭанынтәи (25 процент), Израильнтәи (8 процентк), Аԥснынтәи инарго 3 процентк роуп идыртәо", — ҳәа азгәеиҭеит Макаров.
Иара иажәақәа рыла ҵыԥх Краснодартәи атәылаҿацә аҟны 277 тонна бжьысын, аҿкаара рыманы иҟан. Урҭ рахьынтәи 240 тонна хәышәтәын, иаанхаз шьҭахьҟа иргьыжьын. Еиҳарак аалыҵ Ҭырқәтәылантәи иаагаз акәын, иҳәоит Макаров.