Апроект "Атеатри аԥсҭазаареи" иацылҵоит Аԥсны Жәлар рартистка Софа Агәмааԥҳа

Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар рартистка Софа Агәмааԥҳа Sputnik иазеиҭалҳәеит раԥхьатәи асценахь лцәырҵреи, дызлахәыз агастрольқәеи, актиор иҟны иалылкаауа аҟазшьақәеи ртәы.

Арҵаҩрахьы зхы рханы аԥышәарақәа аҭира иаҿыз, аха уи ааныжьны лгәы ззыҳәоз актиор имҩа ианылаз Софа Агәмааԥҳа, урҭ аамҭақәа лгәалашәо илҳәоит, лҭаацәа атеатр аҟазара ахьалылхыз уамак ирҭахымызт ҳәа.

"Атеатр егьа аџьабаа снарбазаргьы, егьа лаӷарӡы қасҭәазаргьы иара ада сыԥсҭазаара сзахәаԥшуам", — лҳәеит актриса.

Аԥсны Жәлар рартистка Софа Агәмааԥҳа лажәақәа рыла атеатр ухәыҷы ушизыҟоу еиԥш уазыҟазароуп.

"Атеатр аҿы ақәҿиара уоуырц азын, иара ухы-уԥсы ауҭароуп", — ҳәа азгәалҭеит Агәмааԥҳа.

Аинформациатә маҵзура Sputnik Аҧсни Аԥсны акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчареи рзы рминистрреи еиҿнакааит апроект ҿыц "Атеатри аԥсҭазаареи". Иара хацыркуп хәажәкыра 27 рзы, ари амш Жәларбжьаратәи атеатр иамшуп. Аҧхьаҩ раҧхьаӡа акәны алшара имазаауеит аҳәынҭқарра иреиҳаӡоу атеатрқәа хҧа — Самсон Ҷанба ихьӡ зху адраматә театри, Аурыс драматә атеатри, Аҿар ртеатри рыҧсҭазаара агәылалара, атеатр апроблемақәеи аихьӡарақәеи актиор хадацәа рҟынтә аилкаара.

 

 


Ажәабжьқәа зегьы
0