00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
13:45
15 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Главный четверг
14:04
24 мин
14:28
2 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Такие обстоятельства
14:43
17 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аџьар ҟаԥшь амашьынақәа Ҟарабахҟа инеиит

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАџьар ҟаԥшь амашьынақәа Ҟарабахҟа инеиит
Аџьар ҟаԥшь амашьынақәа Ҟарабахҟа инеиит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аџьар ҟаԥшь амашьынақәа ҩба Ҟарабахтәи ақалақь Талыш ахь инеиит иҭахаз рыԥсыбаҩқәа рыԥшааразы.

АҞӘА, мшаԥымза 8 — Sputnik. Аџьар ҟаԥшь Жәларбжьаратәи аилак амашьынақәа ҩба Ҟарабахтәи ақалақь Талыш ахь инеиит иҭахаз аимак алахәылацәа рыԥсыбаҩқәа рыԥшааразы.

Аџьар ҟаԥшь Жәларбжьаратәи аилак амашьынақәа ҩба Ҟарабахтәи ақалақь Талыш ахь инеиит. Ари ақалақь аҟноуп еиҳарак азербаиџьантәии ермантәылатәии аганқәа реиҿагыларақәа ахьымҩаԥысыз.

Ахәаша, Ашьха Ҟарабахтәи аимак аганқәа еилацәажәеит амца аанкылахарц асааҭ 14 инаркны асааҭ 19 рҟынӡа, иҭахаз рыԥсыбаҩқәа рыԥшааразы.

Ашьха-Ҟарабахтәи Ареспублика. - Sputnik Аҧсны
Адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа ҟарабахтәи аимак иалацәажәеит

Ермантәылеи Азербаиџьани мшаԥымза 2 рзы аҳәамҭа ҟарҵеит аимак иахьаҵанакуа аҭагылазаашьа уадаҩхеит ҳәа. Аҩашаҽны аганқәа рыҩбагьы аимак иахьаҵанакуа бџьаршьҭыхлатәи аоперациақәа аамҭала иаанаҳкылоит ҳәа ишьақәдыргылеит.

Ашьха Ҟарабах азы Ермантәылеи Азербаиџьани рыбжьара аимак ахы цәырнагеит 1988 шықәса жәабранмзазы, Ашьха Ҟарабахтәи автономтә област Азербаиџьантәи ССР иалҵуеит ҳәа аҳәамҭа аныҟанаҵа ашьҭахь. 1991 шықәса цәыббрамзазы Ашьха Ҟарабахтәи автономтә област аҳҭнықалақь Степанакерт ирылаҳәан Ашьха Ҟарабахтәи Ареспублика аԥҵара. 1992 шықәса раахыс аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит аимак аҭышәныртәаларазы. Аганқәа рыҩбагьы дасу иинтиресқәа ихьчоит.

Мшаԥымза 5 рзы аимак аганқәа амца аанкылоуп ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0