Апроект "Атеатри аԥсҭазаареи" иацылҵоит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистка Тома Аҩӡыԥҳа

Анапаҵаҩра
Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистка Тома Аҩӡыԥҳа атеатр ахь лнеира лгәалашәо илҳәоит, атеатр асценахь зынӡа згәы иҭамгьы днанагар шыҟало.

"Сара исҭахыз абиблиотекаҟны аус сулар, мамзаргьы сырҵаҩхар, ажәакала, ашәҟәқәа рацәаны иахьыҟоу сыҟазарц сҭахын, аха сыԥсҭазаара даҽакала ишьақәгылеит. Атеатр ахь сааира абас иҟалеит, Н.Лакоба ихьӡ зху абжьаратә школ аиҳабыратәи аклассқәа рҿы аҵара сҵон Аҟәа, сынхон сара Аԥсны жәлар рартист, адраматург Рушьни Џьопуа иҭаацәараҿ, иара иман абиблиотека, уаҟа исгәаԥхон апиесақәа раԥхьара, аха атеатр ахь схы сырхоит ҳәа сыгәгьы иҭаскомызт, ашкол саналга сцеит Москваҟа акультуратә институт сҭаларц, аха сызҭамлеит, анаҩсан Нелли Ешба лнапхгарала иаартыз актиортә курсқәа рахь сҭалоит, уи убас иҳаракны дахцәажәон атеатр — сыхнахыртә еиԥш", —  ҳәа лҳәоит актриса.

Аԥсны  зҽааԥсазтәыз артистка Тома Аҩӡыԥҳа лажәақәа рыла, актиортә ҟазара раԥхьа хәыҷы хәмарроушәа лбазаргьы нас илыхон атеатр ахь.

"Хьаак соуа салагеит, исыхон атеатр ахь, уи ахьаа, агәыбылра саанагеит арахь, ара сыҟоуп иахьагьы", — ацылҵеит лара.

"Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраан аԥсуа театр егьа ааха ӷәӷәа аиузаргьы, актиорцәа рхыԥхьаӡараҿ еилшәарак ҟалазаргьы, сара схаҿгьы иаазгомызт сыгәгьы иҭасмыршәит абрахь сзыгьежьом ҳәа, лҳәоит Аҩӡыԥҳа.

"Атеатр ахь иааиз ауаҩы уаҳа цашьа имаӡам, агәыблыра идхалоит, атеатр џьаргьы узацәцом", — ҳәа азгәалҭеит лара.

Аинформациатә маҵзура Sputnik Аҧсни Аԥсны акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчареи рзы рминистрреи еиҿнакааит апроект ҿыц "Атеатри аԥсҭазаареи". Иара хацыркыуп хәажәкыра 27 рзы, ари амш Жәларбжьаратәи атеатр иамшуп азы. Аҧхьаҩ раҧхьаӡа акәны алшара имазаауеит аҳәынҭқарра иреиҳаӡоу атеатрқәа хҧа — Самсон Ҷанба ихьӡ зхыу адраматә театр, Аурыс драматә атеатр, Аҿар ртеатр, рыҧсҭазаара агәылалара, атеатр апроблемақәеи аихьӡарақәеи актиор хадацәа рҟынтә аилкаара.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0