Апроект "Атеатри аԥсҭазаареи" иацыиҵоит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Сырбеи Сангәлиа

Анапаҵаҩра
Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Сырбеи Сангәлиа Sputnik иазеиҭеиҳәеит атеатр ахь имҩахыҵра шыҟалази атеатр иԥсҭазаараҿ иааннакыло аҭыԥи ртәы.

Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Сырбеи Сангәлиа иажәақәа рыла, атеатр еиӷьу акы ыҟам ҳәа иазыиԥхьаӡоит, актиорцәа ракәзар урҭ даҽа шьоукы уааушәа ибоит.

"Абри асцена иқәланы ихәмаруа даҽа уааушәа збоит, абарҭ ауаа атеатр имҩаԥнаго аидеиақәа, ацәгьа аҿаԥҽра, абзиа аӡыргара, абарҭқәа ахәаԥшцәа рҟынӡа анагара рылшозшәа збоит", — иҳәоит  Сырбеи Сангәлиа.

Актиор атеатр иԥсҭазаараҿ аҭыԥ хада ааннакылоит.

"Атеатр — ари сара сынхара ауп, сыԥсҭазаара зегьы зысҭаз ауп", ҳәа азгәеиҭеит актиор.

Аинформациатә маҵзура Sputnik Аҧсни Аԥсны акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчареи рзы рминистрреи еиҿнакааит ароект ҿыц "Атеатри аԥсҭазаареи". Иара хацыркыуп хәажәкыра 27 рзы ари амш Жәларбжьаратәи атеатр иамшуп азы. Аҧхьаҩ раҧхьаӡа акәны алшара имазаауеит аҳәынҭқарра иреиҳаӡоу атеатрқәа хҧа — Самсон Ҷанба ихьӡ зхыу адраматә театр, Аурыс драматә атеатр, Аҿар ртеатр, рыҧсҭазаара агәылалара, атеатр апроблемақәеи аихьӡарақәеи актиор хадацәа рҟынтә аилкаара.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0