Ахадацәа ралхра уадаҩра алаӡам

© Sputnik / Томас ТхайцукАминистрцәа реилазаара.
Аминистрцәа реилазаара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә органқәа зегь рахь алхрақәа мҩаԥысыр ауаажәларра азхьаԥшуа иалагоит урҭ аорганқәа рҟны ахадацәа шалырхуа.

Sputnik, Астанда Арӡынԥҳа

Иахьазы ареспубликаҟны имҩаԥысуеит Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә органқәа рышьақәгылара.

Ақалақьтәи араионтәи еизарақәа рахь алхрақәа мҩаԥысит амҽыша, мшаԥымза З рзы. Гал араион аҟны алхрақәа мҩаԥгахоит ҽааны, иара атәылауаа реиҳараҩык аԥсуа паспорт ҿыцқәа анроулак ашьҭахь.

Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Ахаланапхгараҭаратә органқәа рахь алхрақәа хыркәшахеит

Жәҩык ахадацәа

Абжьыҭира ҟамлеит ҳәа иахьырыԥхьаӡаз аҭыԥқәа рҟны ма акандидатцәа иахәҭаз абыжьқәа ахьырмоуз аҭыԥқәа рҟны имҩаԥысраны иҟоуп алхра ҿыцқәа. Уажәазы иалху адепутатцәа реизарақәа рхантәаҩцәа ралхра иаҿуп. Алхрақәа мҩаԥысуанаҵы ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа рнапынҵақәа нарыгӡоит ҳәа ишьоуп.

Ажәытә ҿатә еиҿкаара

Уаанӡа ақалақь ма араион Ахада атәыла Ахада далихуазар уажәы аԥҟарра ҿыцқәа инарықәыршәаны атәыла Ахада акандидатура ықәиргылоит, аха далызхуа аизара акәхоит. Урҭ акандидатура рыдыркылоит ма мап ацәыркуеит.

Жәлар Реизара аиҳабы Валери Бганба иазгәеиҭоит арҭ аԥсахрақәа демократиатә ԥсахрақәоуп ҳәа, аҭыԥантәи аорганқәа рнапынҵақәа рҳәаақәа еиҳа еиҳартәуеит ҳәа.

"Араион Ахада – ари анагӡаратә мчра даҵанакуеит. Ажәлар далырхыроуп", — иҳәеит Бганба.

Уи игәаанагара ицеиҩишоит Жәлар Реизара адепуттат Аслан Кобахьиа.

"Аибашьра ашьҭахь раԥхьаӡа акәны араионтә депутатцәа араион ахада иалхра иалахәхеит. Ари ареформақәа раԥхьатәи етапуп", — иҳәеит иара.

Ауаа еиҳа рзааигәахара? Иҟалап

Азакәан апроект аус адулараан апарламенттә гәыԥ араионқәа рхадацәа ралхразы ҩ-вариантк ирыхәаԥшуан. Урҭ рыҩбагь ақәшаҳаҭын Ахада атәыла анапхгаҩы икандидатура ықәиргылароуп ҳәа.

Актәи авариант ала атәыла Ахада ҩба-хԥа кандидатура ықәиргылон, аҩбатәи ала – кандидатурак.

Аха Ахада ақалақь ма араион атәылауаа далырхуа ҳәа иамыхәаԥшыцызт.

Адепутат Алмас Џьапуа азакәан апроект алацәажәараан абри азҵаара цәыригеит.

"Саргьы, иахьатәи анапхгара аоппозициаҟны ианыҟаз изыдгылоз апринцип — араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа раҭара акәӡам, ралхроуп. Абри иашоуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Аӡәгьы агәра изсыргоит ҳәа сыҟам, аха уажәы иҟаҳҵо гхазар ҟалап", — иҳәеит иара.

Адепутатцәа иаларгалаз аконституциатә ԥсахрақәа инарыдҳәаланы Аизара, атәыла Ахада акандидатура анынаишьҭ ашьҭахь 30 усутә мшы иахымгакәа иаднакылоит аӡбра уи акандидатура (ақалақь Ахада, араион Ахада, араион иатәу ақалақь Ахада) иақәшаҳаҭхо иақәымшаҳаҭхо азы.

Аизарахь инашьҭу акандидатура мап ицәнакуазар, атәыла Ахада азин имоуп Аизарахь иара уи акандидатура аиҭанашьҭра мамзаргьы акандидатура ҿыц анашьҭра. Уаанӡа инашьҭыз акандидатура еиҭахгьы мап ацәкызар, акандидатура ҿыц наишьҭроуп, иҟоу ықәганы.

Апарламент. - Sputnik Аҧсны
Бганба: аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә органқәа рзинқәа ҳарҭбааит

Аизара азин амоуп Ахада игәрамгараз, нас уи азҵаара атәыла Ахада идгалараз. Агәрамгараз аӡбра рыдыркылоит Аизара адепутатцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟынтәи 2́/3 бжьы ала. Абри аан атәыла Ахада азин имоуп асеиԥш иҟоу аӡбра дақәшаҳаҭымхарц. Шықәсык аҩныҵҟа агәрамгаратә вотум аҽазнык иаарԥшызар, атәыла Ахада азин имоуп Ахада ԥхьатәара ишьҭра мамзаргьы Жәлар Реизара аушьҭра.

Ахадацәа аполитика иалам

Аинтервиу ҳаҭо Аҟәатәи ақалақьтә еизара уаанӡатәи алахәыла Аԥсырҭ Конџьариа иҳәеит ақалақь ма араион Ахада аполитика дадҳәаламзароуп ҳәа. Иара инапы иану дыррала аекономикатә политикеи анхамҩеи рымҩаԥгароуп иҳәеит иара.

Конџьариа иазиԥхьаӡоит иҟоу аҭагылазаашьақәа инарықәыршәаны Ахадацәа ажәлар иалырхуазароуп ҳәа.

Ус акә егьыс акә алагала ҿыц аусура иалагеит, амчра аиуит. Араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәагьы аԥҟарра ҿыцқәа инарықәыршәаны иалырхлоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0