Sputnik, Нонна Ҭхәазԥҳа
Ҭырқәтәыла аԥсуа етникатә гәыԥ аҳҷыԥсы еиуоу аԥсуаа ахьынхо Ҳарманҭеԥе захьӡу – аԥсышәала Аԥшьаа рхәы ҳәа изышьҭоу ақыҭаҿы инхо ауаа раԥхьа Аԥснынтәи уа ианнанага ақыҭа аиҿкаараҿы ираԥхьагылаз Ачаа роуп рҳәоит. Иахьа уи ақыҭаҿы инхо Ачԥҳа Севҭап лабду иаб иуоп усҟан ираԥхьагылаз. Уи Ҭада-Мысҭафа ихьӡын.
Севҭаԥ лабду иаб Ҭада Аԥсны дахьықәҵыз аҭыԥ лыздырӡом. Ҭада иԥа Фуаҭ ихьӡын, Фуаҭ иԥа Севҭаԥ лаб Феҭиҳ ихьӡын. "Дара Аԥснынтәи ишааз зегьы ирдыруан", лҳәоит лара.
"Ачаа аҳцәоуп, аха рыкәша-мыкәша инхо ауааи дареи пату еиқәҵарала еицынхоит ҳара ҳахьачбоу ҳара иалҳамхӡеит – нас ус иаауеит", лҳәеит Севҭаԥ дыччо.
"Ажәытә аԥҳәызба хаҵа данцоз, арԥыс аԥҳәыс данааигоз ажәла иахәаԥшуан рҳәоит, аха ҳара Жьиаа ҳадтәалоуп, Кәыџаа ҳадтәалоуп, Аргәынаа ыҟоуп убас ирацәаҩуп. Даара бзиа ҳаибабо ҳаидтәалоуп. Ҳзыҟацәа раԥхьа иаҳзааԥсо ҳгәылацәа роуп.
Ҳаишьцәоушәа ауп ҳшеибабо. Ҳара ҳамаҵ дара ируа егьиуа ус акгьы ыҟаӡам. Ажәытә амаҵ зуаз атәымуаа ыҟан. Аҩнгьы аҳәсақәа ыҟан. Ҳазлатәоу ҳамаҵ дҳаруӡомыт. Урҭ дареи ҳареи даара бзиабарала ҳаизыҟан, иахьагьы ҳаизыҟоуп. Уск аныҟаҳҵо еицыҟаҳҵоит. Ҳабацәа ус еидгылан ажәытәгьы. Еилых еилаҵа ҳамаӡамызт, уажәгьы иҳамаӡам. Сара издыруала Ачаа ара инхоит Ҷлоу, Акиазы, Сҭампыл иҟоуп. Џьааферие – Ачаа рқыҭа ҳәа иашьҭоуп.
Ажәытә аҭаца данааргалакь џьара ддыртәон. Уи дахьтәоу аҭаца мҳара ҳәа иашьҭан. Ааигәа-сигәа иҟаз ақыҭақәа рҟынтәи аҿар есыуаха убра еизон, икәашон, ашәа рҳәон, ихәмаруан, алаф рҳәон.
Убас иахьеизоз аҭацамҳарақәа рҿы аҿар еибабон, еибадыруан. Ақыҭа иамланхоз усгьы еибагаӡомызт. Аҿар реибабарҭа аҭыԥ хадақәа иреиуан аҭацамҳарақәа, ачарақәа, ауаажәларратә ныҳәақәа. Убас иахьеизоз аҭацамҳарақәа рҿгьы Ачааи егьырҭ ауааи еилыхны иҟаӡамызт. Егьырҭ зегь реиԥш Ачаагьы уахь инеиуан".