Оҭар Хәырхәмал ишахматтә етиуд

© flickr.comАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашахматтә хәмарра амаӡақәеи Аԥсны ашахмат аҿиареи ртәы ҳзеиҭеиҳәеит агроссмеистер Оҭар Хәырхәмал.

Sputnik, Асида Кәыҵниаԥҳа.

Иӡара еиҩыҳыҳа ҳәа шырҳәо еиԥш иҟоу ашахматасыҩ, азыҟаҵаҩ Оҭар Хәырхәмал сара данысԥыла инаркны ҳаицәажәара аан изныкымкәа идызблон маӡак зҵаҵәахыз иԥышәырччара.

Иара сызҵаарақәа дырзыӡырҩит, аха иҭакқәа кьаҿын, иажәа рацәамызт. Сахьихәаԥшуаз еилыскаауан ашахматист иашаҵәҟьа абас шакәу дшыҟазааша.

Иареи сареи ҳаицны ашахматтә класс ҳныҩналеит. Уаҟа итәан 6-10 шықәса зхыҵуаз жәаҩык раҟара ашахматистцәа қәыԥшцәа. Ахәыҷқәа шырацәазгьы – ҭынчран. Ацәажәара ҳаналага, ахәыҷқәагьы еиқәыӡырҩуа иаатәеит, аха разыҟаҵаҩ рус ахь рхы наирхеит.

"Сара саб ашахмат дыхәмаруан, СССР еиуеиԥшым аиндаҭларақәа дрылахәын. Ԥшьышықәса анысхыҵуаз инаркны ашахмат амаӡақәа сирҵон. Аинтерес сиркит. Фышықәса анысхыҵуаз Очамчыра, ашахматтә школ ахь снеиит", — иҳәоит иара.

"Сара зегь рааасҭа сгәалашәараҟны инхаз атурнир мҩаԥысуан Австриа. Усҟан 13 шықәса схыҵуан. Сара сзы уи атурнир алҵшәа бзиақәа аман. Аҵыхәтәантәи атур аҟны саиааирц азы сызцасуази сареи ҳаиҭахар алшон. Еицыхәмаруазгьы Аҟәатәи сҩызеи сареи ҳакәхеит. Атур уадаҩмхар ҟалап ҳәа сышгәыӷуаз еиԥш иҟамлеит. Ус шакәызгьы исылсыршеит еиҭахарыла ахыркәшара. Убасҟан, 13 шықәса анысхыҵуаз сара еилыскааит аспорт аҟны еснагь ақәԥара шаҭаху. Аиҩызара еиҩызароуп аха аспортгьы спортуп", — иҳәоит ашахматист.

Ахәыҷқәа аҩныҟа ицаразы аҽеизгара иалагеит, аха рцамҭаз разыҟаҵаҩ рыдҵақәа идырбон.

"Ҳара дҵак ҟаҳҵеит егьи ҳалымшеит. Сара исзеилымкааит аладиа ишаиааитәу. Ишԥаӡбатәу адҵақәа: 69, 151" ахәыҷқәа еикәшаны еиццәажәон.

Азҵаарақәа зегьы данырзыӡырыҩ ашьҭахь:

— Арҭ аҿырԥштәқәа ҟашәҵама? – дҵааит.

— Мап, ладаҟа ҳамыхәаԥшӡеит – иҳәеит ирыхьыз агха еилкаауа ахәыҷқәа руаӡәк.

— Ус анакәха, шәыдҵа анышәзеилымкаа шәаангылеит. Алкаа ҟашәҵа: — шәмаашьалан. Ахәашазы зегь шәаауеит шәыдҵақәа ҟаҵаны. Ишәзеилымкаауа ара еилҳаргоит.

Ақалақь ашколхәыҷқәа XV рспартакиада Аҟәа иаатит

Ашахмат ԥсҭазаароуп

Ашахматтә партиа 5-6 сааҭ имҩаԥысуеит, зны-зынлагьы 8 сааҭк рҟынӡа. Ари агәабзиарагьы аҭахуп ачҳарагьы аҭахуп.

"Дәныҟала ашахматасыҩцәа ҭынчуп. Аха ахәмарраан аҵахарахь уназго агхақәа ҟарҵар рылшоит. Ашахмати абокси еиҿурԥшыр ауеит. Уаҟагьы ааха ануоулак ирласны ухаҭыԥаҿ уааироуп, уқәԥарагьы иацуҵароуп. Уи ҳәарада анырра унаҭоит. Ашахмат – ҽеизгароуп. Ахәмарра зегь аан ахыци ахәымпали реиԥш уҽеизакны уҟазароуп", — иҳәеит сзыҿцәажәоз.

Дарбанызаалак агроссмеистер ихатәы стиль имоуп иҳәеит Оҭар Хәырхәмал.

"Еицырдыруа ашахматасыҩцәа рҟынтәи зегь раасҭа аинтерес амоуп ҳәа исыԥхьаӡоит Михаил Таль истиль. Уи истиль ала афигурақәа дрегӡомызт, имҩаԥигоз жәыларан. Сара сгәаанагарала уи аинтерес аҵоуп. Аиҳараҩык уи аҩыза атактика рхы иадырхәом, еиҳа ҭынч-ҭынч ихәмаруеит", — иҳәеит Оҭар.

Аԥсны ашахмат азы аҭагылазаашьа бзиақәа аԥҵоуп иҳәоит азыҟаҵаҩ. Ақалақьқәа зегь рҟны иҟоуп асекциақәа. Насгьы ашахмат асразы аинтернеттә технологиақәа рхархәара алшоит.

"30 шықәса раԥхьа акомпиутерқәа маҷӡан. Иаҳҭахыз аинформациа зегьы ақьаад ианаҳҵон. Уажәы аинтернет ахархәарала онлаин ашахматтә матчқәа урыхәаԥшлар ауеит. Иҟоуп ирацәаны апрограммақәагьы аҵареи алшарақәа реизырҳареи ирыхәо", — иҳәоит ашахматасҩы.

Ахәыҷқәа зегьы алшара рымоуп ашахмат асра аҵаразы. Ашахмат ахәыҷы иинтеллект еизнарҳауеит, аҽынкылашьа идырҵоит.

Аԥсны 2003 шықәса раахыс есышықәса имҩаԥысуеит жәларбжьаратәи атурнирқәа. Абарҭ аамҭақәа рыла 10 000-ҩык рҟынӡа атурнир иаҭааит. Есышықәсагьы ари аспорт бзиа избо рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа еиҳахоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0